2 Коринфаа рахь 8:1—24
8 Ҳашьцәа, ижәдыруазар ҳҭахуп Анцәа македониатәи аизарақәа рахь иааирԥшыз уаҩ дзыԥсам ақьиара атәы.
2 Аԥышәара ӷәӷәақәа раан агәаҟрақәа ишрықәшәозгьы, дара гәырӷьон, аӷарра бааԥс ишаргәаҟуазгьы, агәыҭбаара аадырԥшуан.
3 Урҭ ирылшоз зегь ҟарҵеит, ирылшоз аиҳагьы ҟарҵеит, сара сшаҳаҭуп.
4 Дара ӷьаҵәыӷьаҵәуа иҳаҳәон иԥшьоу рыцхраара* иалаҳархәырц, гәык-ԥсыкала иҟарҵарц ирҭахыз аҟаҵара рылҳаршарц.
5 Дара ҳаззыԥшыз аасҭагьы ҟарҵеит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, дара Анцәа ишиҭаху еиԥш рхы Иҳақәиҭу ирҭеит, ҳаргьы иҳарҭеит.
6 Убри аҟынтә Тит ҳиҳәеит шәара шәҿы дызлагаз аус аҵыхәтәанынӡа инаигӡарц, шәаргьы агәыҭбаара аашәырԥшырц азы.
7 Шәара зегь рыла шәбеиоуп: шәхаҵара ӷәӷәоуп, аҿаԥыц шәҿоуп, адыррақәа шәымоуп, иҟашәҵо зегьы шәгәы ақәкны иҟашәҵоит, ҳара бзиа шәшаҳбо еиԥш егьырҭ бзиа ижәбоит. Абарҭқәа зегь рҿы шәышбеиоу еиԥш, агәыҭбаара аарԥшраҿгьы шәбеиаз.
8 Ари зысҳәо мчыла ак шәсырҟаҵарц азы акәӡам. Исҭаху егьырҭ шаҟа агәацԥыҳәара аадырԥшуа жәдыруазарц ауп, насгьы гәык-ԥсыкала абзиабара аашәырԥшуоу-иаашәмырԥшуоу еилыскаарц ауп.
9 Ишәымдыруеи Иҳақәиҭу Иисус Христос ҳзыԥсам ақьиара шааирԥшыз: иара дышбеиазгьы шәаҳаҭыразы дӷархеит, иӷарра абзоурала шәара шәбеиахарц азы.
10 Ишәасҳәарц исҭаху абри ауп: уи аус аҵыхәтәанынӡа инашәыгӡар, шәара шәоуп ахәарҭа ззаанаго, избанзар уи шықәсык аԥхьа шәалагахьан, уимоу, агәаҳәара ду шәымангьы шәалагеит.
11 Убри аҟынтә шәызлагаз хшәыркәша, убасала ишәылшо аныҟашәҵо, гәыкала ишәҭахны ишыҟашәҵо аашәырԥшуеит.
12 Ауаҩы гәык-ԥсыкала иҭахны ак аныҟаиҵо, уи Анцәа игәы иахәоит, избанзар иара дыззыԥшу ауаҩы илшо ауп, илымшо акәӡам.
13 Сара исҭаху шәара аидара шәаҵаҵаны егьырҭ аҵысхырц акәӡам.
14 Исҭаху зегьы еиҟараны ирымазарц ауп, шәара имыцхәны ишәымоу урҭ ирыгу ханарҭәаарц, урҭ имыцхәны ирымоу шәара ишәыгу ханарҭәаарц, убасала зегьы ирымоу еиҟарахоит,
15 Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Ирацәаны измаз, амцхә имаӡамызт, имаҷны измаз имаз маҷӡамызт».
16 Ҳара Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Тит ҳара ҳаиԥш гәык-ԥсыкала дахьшәыхӡыӡаауа азы.
17 Иара иаҳҳәаз изақәҿиҭыз ҳара ҳахьиҳәаз азы мацара акәӡам. Иара ихаҭагьы даараӡа дшәыцхраар иҭахуп, убри азоуп шәара шәахь амҩа дзықәло.
18 Ҳара Тит дицҵаны днаҳашьҭуеит ажәабжь бзиа аҳаҭыразы иҟаиҵо зегь азы аизарақәа зегь рҿы идырҽхәо аиашьа.
19 Уи адагьы, аизарақәа уи аиашьа далырхит ҳахьцо дҳаццарц, насгьы ацхырааразы еизыжәгаз ашара дҳацхраарц. Еизыжәгаз Иҳақәиҭу дҳаранакыртә еиԥш иаҳшоит, убасала ацхыраара аҟаҵара ҳшазхиоу ааҳарԥшуеит.
20 Усҟан гәыҭбаарала еизыжәгаз шаҳшо иашаӡам ҳәа аӡәгьы ахара ҳадиҵаӡом,
21 избанзар ҳара «Иегова* иҿаԥхьа мацара адагьы, ауаа рҿаԥхьагьы иҟаҳҵо зегьы ламысцқьала аҟаҵара ҳашьҭоуп».
22 Ҳара урҭ даҽа иашьакгьы дрыцҵаны днаҳашьҭуеит. Иара еиуеиԥшым аусқәа дҳаҵҳаҵо инаигӡоит, ҳара уи зныкымкәа дԥаҳшәахьеит. Ари аус еиҳагьы дҳаҵҳаҵо инаигӡоит, избанзар аҵыхәтәанынӡа дшәықәгәыӷуеит.
23 Тит шәизҵаауазар, уи амаҵзураҿы исывагылоу, сара сеиԥш ишәыцхраауа сҩыза иоуп. Ҳашьцәа шәрызҵаауазар, урҭ аизарақәа рхаҭарнакцәа* роуп, иара убас Христос ихьӡ-иԥша роуп.
24 Убри аҟынтә урҭ аишьцәа бзиа ишыжәбо дшәырба, аизарақәагьы баша шәшаҳмырҽхәоз рбааит.