АЗҴААРА 16
Иҟаҵалатәузеи агәҭынчымрақәа ҳариааирц азы?
«Уеидара Иегова иҭ, нас иара дуцхраауеит. Ауаҩ иаша иара ахаангьы даанижьӡом»
(Аԥсалом 55:22).
«Згәы ақәкны аус зуа игәҭакқәа ақәҿиара роуеит, аха зегьы ирхыццакуа зегь имҵәоит»
«Умшәан, избанзар сара суцуп. Угәы каумыжьын, избанзар сара соуп Унцәа. Сара усырӷәӷәоит, суцхраауеит, сарӷьа напала унапы скызаауеит»
(Исаиа 41:10).
«Ак хьаас иҟашәҵеит ҳәа, шәыԥсҭазаара сааҭк иадамзаргьы ишәзацҵома?»
(Матфеи 6:27).
«Уаҵәтәи амш хьаас иҟашәымҵалан, избанзар уаҵәы даҽа гәҭыхақәак ҟалоит. Иахьа ишәымоу ауадаҩрақәа азхоит»
(Матфеи 6:34).
«Еиҳа ихадоу алшәхла»
«Акгьы хьаас иҟашәымҵалан, аха Анцәа шәиҳәала, иҭабуп ҳәа иаҳәо, гәҭыхас ишәымоу зегь аартны изеиҭашәҳәала, шәӷьаҵәыӷьаҵәуа шәиҳәала. Усҟан ауаҩы изеилымкаауа Анцәа иҭынчра Христос ила шәгәи-шәыхшыҩи ахьчоит»

