АЗҴААРА 18
Иҟаҵалатәузеи Анцәа ҳаизааигәахарц азы?
«Уара аҳәарақәа урзыӡырҩуеит, еиуеиԥшым ауаа уара уахь иааиуеит»
(Аԥсалом 65:2).
«Гәык-ԥсыкала Иегова игәра гала, иумоу аилкаара уақәымгәыӷлан. Дугәалашәоз умҩақәа зегь рҿы, иаргьы амҩа иаша уқәиҵоит»
«Наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы, дара Нцәас иҟоу уара заҵәык уеилыркаалароуп, иааушьҭыз Иисус Христосгьы деилыркаалароуп»
(Иоанн 17:3).
«[Анцәа] ҳара даҳцәыхараӡам»
(Аусқәа 17:27).
«Сара еснагь Анцәа сиҳәоит шәыбзиабара ииашоу, иҵаулоу адырра алеи аилкаара бзиа алеи еиҳа-еиҳа еизҳаларц»
(Филиппаа 1:9).
«Аӡәы аҟәыӷара шизымхо ибозар, Анцәа уи ииҭарц диҳәалааит, избанзар Анцәа уи азы иҳәо зегьы ҽԥныҳәа рымҭаӡакәа, гәыҭбаарала ириҭоит»
(Иаков 1:5).
«Шәизааигәаха Анцәа, усҟан иаргьы дышәзааигәахоит. Агәнаҳаҟаҵаҩцәа, аус цәгьақәа рҟынтә шәнапқәа шәрыцқьа, шәара, илакҩакуагьы, шәыгәқәа шәрыцқьа»
(Иаков 4:8).
«Анцәа бзиа ибара иаанаго иԥҟарақәа рықәныҟәара ауп, урҭ рықәныҟәарагьы цәгьаӡам»
(1 Иоанн 5:3).

