Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 16:1—28

  • Ажәҩан аҟынтә адырга иа́ҳәоит (1—4)

  • Афарисеицәеи асаддукеицәеи рымажәарҵәыга (5—12)

  • Аҳра ацаԥхақәа (13—20)

    • Аизара ацаҟьаҿы иргылоуп (18)

  • Иисус дыршьраны дшыҟоу иҳәоит (21—23)

  • Ииашаҵәҟьоу аҵаҩцәа (24—28)

16  Афарисеицәеи асаддукеицәеи Иисус дԥыршәарц азы иара иахь инеин, ажәҩан аҟынтә адырга дирбарц и́ҳәеит.  Аха иара иреиҳәеит: «Ахәлара ианалаго, шәара ишәҳәоит: „Уаҵәы амш бзиахоит, избанзар ажәҩан ашәаԥшь хуп“.  Ашьжьымҭан ишәҳәоит: „Иахьа амш цәгьахоит, ақәагьы леиуеит, избанзар ажәҩан ҟаԥшьуп, аха еихәлачуп“. Ажәҩан шәанаҵаԥшуа, амш зеиԥшрахо жәдыруеит, аха ижәбо ахҭысқәа ҵакыс ирымоу шәзеилкааӡом.  Анцәа даанзыжьыз абиԥара цәгьа есымша адырга иашьҭоуп, аха урҭ аԥааимбар Ио́на идырга ада акгьы рбараны иҟаӡам». Убас нараҳәаны, Иисус урҭ дырԥырҵны дцеит.  Иҵаҩцәа анышь иақәтәаны нырцәҟа ирит, аха ача агара рхашҭит.  Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәгәышәҽаныз, афарисеицәеи асаддукеицәеи рымажәарҵәыга шәҽацәышәыхьчала».  Усҟан дара-дара абас еибырҳәо иалагеит: «Ача ахьаҳамгаз азы акәхап ус зиҳәаз».  Иисус уи аниаҳа, ус реиҳәеит: «Ача ҳамаӡам ҳәа зышәҳәои? Иабаҟоу шәхаҵара?  Исҳәо уажәгьы ишәзеилымкааӡои? Ишәхашҭма хә-чак рыла 5 000-ҩык акрышырҿасҵаз, уи ашьҭахьгьы шаҟа каҵкәыр еизыжәгаз? 10  Ишәгәаламшәаӡои быжь-чак рыла 4 000-ҩык акрышырҿасҵаз, насгьы уи ашьҭахь шаҟа каҵкәыр ду еизыжәгаз? 11  Сара зыӡбахә сымаз ача акәӡам. Ишԥашәзеилымкаауеи? Шәҽацәышәыхьчала афарисеицәеи асаддукеицәеи рымажәарҵәыга». 12  Убасҟан дара еилыркааит Иисус амажәарҵәыга шакәмыз зыӡбахә реиҳәоз, аха афарисеицәеи асаддукеицәеи ауаа иддырҵоз шакәыз. 13  Иисус Филипп и-Кеса́риа даннеи иҵаҩцәа дразҵааит: «Дызусҭада ауаҩытәыҩса Иԥа? Ауаа ирҳәои?» 14  Дара ирҳәеит: «Шьоукы — Иоанн Аӡӡаахҩы уоуп рҳәоит, егьырҭ — Илиа, даҽа шьоукы — Иереми́а ма егьырҭ аԥааимбарцәа руаӡәк уоуп рҳәоит». 15  Иара дразҵааит: «Шәара шәгәы ишԥаанаго, сызусҭада сара?» 16  Си́мон Пиотр иҳәеит: «Уара Христос уоуп, зыԥсы ҭоу Анцәа Иԥа». 17  Иисус иҳәеит: «Насыԥ умоуп Си́мон, Ио́на иԥа, избанзар ари узаазыртыз ауаа ракәӡам, жәҩантәи Саб иоуп. 18  Сара иуасҳәоит: уара Пиотр уоуп, абри ацаҟьаҿы сара сеизара сыргылоит, аԥсрагьы* уи изаиааиуам. 19  Сара жәҩантәи Аҳра ацаԥхақәа усҭоит. Уара адгьыл аҿы иауркуеит ажәҩан аҿы иадыркхьоу, адгьыл аҿы иаауртуеит ажәҩан аҿы иаадыртхьоу». 20  Уи ашьҭахь иҵаҩцәа инақәырӷәӷәаны иреиҳәеит, иара Христос шиакәу аӡәгьы иарымҳәарц. 21  Убри ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа ирзеиҭеиҳәо далагеит Иерусалимҟа дцараны дшыҟоу, уа ажәлар реиҳабацәеи, аԥшьаҩ еиҳабацәеи, азакәанрҵаҩцәеи рҟынтә имаҷымкәа агәаҟрақәа ихигар шакәу, дшыршьуа, насгьы ахымш раан иԥсы шҭало. 22  Усҟан Пиотр Иисус днаскьеиган, диқәыӡбаны ус иеиҳәеит: «Ухы рыцҳашьа, Исықәиҭу. Ари аҩыза уара ахаангьы уақәшәараны уҟаӡам». 23  Аха Иисус наҟ днаҳәын, Пиотр ус иеиҳәеит: «Усԥырҵ наҟ*, Аҩсҭаа! Уара иҟасҵараны иҟоу аҟаҵара усԥырхагоуп, избанзар Анцәа ихәыцшьа акәӡам иумоу, ауаа рхәыцшьа ауп». 24  Анаҩс Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Исышьҭаланы ацара зҭаху, ихы мап ацәикааит, ишьаҟа* шьҭыхны, дсышьҭаланы даалааит. 25  Зыԥсы* еиқәзырхарц иашьҭоу — иԥсҭазаара ицәыӡуеит, зыԥсҭазаара сара исыхҭнызҵо — иԥсы* еиқәирхоит. 26  Ауаҩы адунеи зегь ирҳаргьы иабаихәо, иԥсҭазаара ицәыӡуазар? Иахишәаар илшои ауаҩы иԥсҭазаара? 27  Ауаҩытәыҩса Иԥа Иаб ихьӡ-иԥшеи иманы, амаалықьцәа ицны данаауа, дасу ихымҩаԥгашьа зеиԥшроу ала иус иӡбоит. 28  Аиаша шәасҳәоит: абра игылоу рҟынтә шьоукы ԥсӡом, ауаҩытәыҩса Иԥа Иаҳраҿы напхгара шиуа рбаанӡа».

Албаагақәа

Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сышьҭахь угыл».
Ма «игәаҟратә шьаҟа». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Агәаҟратә шьаҟа».
Ма «зыԥсҭазаара».
Ма «иԥсҭазаара».