Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа 6:1—71

  • Иисус 5 000-ҩык акрырҿеиҵоит (1—15)

  • Иисус аӡы дықәгыланы дцоит (16—21)

  • Иисус — «аԥсҭазаара ача» (22—59)

  • Иисус иажәақәа згәамԥхо рацәаҩуп (60—71)

6  Уи ашьҭахь Иисус Галилеиатәи амшын нырцәтәи аҟәарахьы дцеит. Уи амшын Тивериадатәи амшын ҳәагьы иашьҭан.  Иара жәларык ауаа ишьҭан, избанзар џьашьахәыла ачымазцәа шихәышәтәуаз рбон.  Иисус иҵаҩцәеи иареи ахәы инхалан, уа инатәеит.  Аиудеиаа иазгәарҭоз Мшаԥныҳәа ааигәахон.  Иисус жәларык ауаа иара иахь анеира ишаҿу аниба, Филипп ус диазҵааит: «Ирҿаҳҵаша ача абааҳхәари?»  Иара иҟаиҵаша иӡбахьан, аха дызҵааз Филипп игәы иҭаз еиликаарц азоуп.  Филипп иҳәеит: «200 динар* рыхә ача ааҳхәаргьы, хәыҷык-хәыҷык иадамхаргьы, зегьы ирызхаша ача ҳзаахәаӡом».  Егьи аҵаҩы, Си́мон Пиотр иашьа Андреи, ус иҳәеит:  «Ара ҷкәына хәыҷык ачаԥшь иалху хә-чаки ҩ-ԥсыӡки имоуп, аха жәларык рзы уи акраанагома?» 10  Иисус иҳәеит: «Зегь тәааит». Уа аҳаскьын рацәан азы, зегь ашьацра илатәеит. Ахацәа рымацара 5 000-ҩык раҟара ыҟан. 11  Иисус ача аашьҭихын, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәан, ишаны ауаа ириҭеит. Аԥсыӡгьы убас азиуит. Дасу шаҟа иҭахыз иоуит. 12  Ауаа рызхара анырфа, иҵаҩцәа ус реиҳәеит: «Иаанхаз зегь еизыжәга, акгьы ԥхасҭамхарц азы». 13  Хә-чак рҟынтә иаанхаз анеизырга, 12 каҵкәыр ҟалеит. 14  Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы анырба, ауаа абас аҳәара иалагеит: «Ииашаҵәҟьаны ари ауаҩ адунеи ахь иаараны иҟаз аԥааимбар иоуп». 15  Иисус урҭ мчыла аҳас дҟарҵарц шырҭаху идыруан азы, еиҭа ахәахьы дхалеит, ихала дыҟазарц азы. 16  Ахәылбыҽха иҵаҩцәа амшын ахь илбаан, 17  анышь иақәтәаны, нырцәҟа, Капернау́мҟа, идәықәлеит. Ихәлахьан, аха Иисус дара рахь дыхнымҳәӡацызт. 18  Амшын ишхыз аԥша цәгьа шьҭыҵын, амшын ӷәӷәала ицәқәырԥо иалагеит. 19  Хәба-фба километра* ианнеихьаз, анышь ахь зхы рханы, аӡы иқәгыланы иаауаз Иисус дырбеит, даараӡагьы ишәеит. 20  Аха иара ус реиҳәеит: «Шәымшәан! Сара соуп». 21  Усҟан игәырӷьаҵәа анышь дақәдыртәеит, хара имгакәагьы рхы ахьхаз аԥшаҳәа инадгылеит. 22  Адырҩаҽны нырцә иаанхаз ажәлар ирбеит амшын аԥшаҳәаҿы нышькгьы шыҟамыз. Уаанӡа уа нышь хәыҷык ыҟан. Аха Иисус иҵаҩцәа уи анышь иақәтәаны ианцоз, иара дрыцымцаӡеит, дара рхала ицеит. 23  Убри аамҭазы Тивериа́дантәи иааз анышьқәа ӡыхгылеит. Урҭ ахьӡыхгылаз Иҳақәиҭу Иисус Анцәа иҭабуп ҳәа аниеиҳәа ашьҭахь ауаа ача ахьырфаз аҭыԥ азааигәара ауп. 24  Ажәлар Иисусгьы иҵаҩцәагьы уа ишыҟамыз анырба, анышьқәа ирықәтәан, Иисус дрыԥшаарц азы Капернау́мҟа ицеит. 25  Нырцә данырыԥшаа, ус иазҵааит: «Арҵаҩы*, уанбааи арахь?» 26  Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: шәызсышьҭоу аџьашьахәқәа ахьыжәбаз азы акәӡам, ача ахьышәфаз, шәызхарагьы ахьыҟалаз азоуп. 27  Ибжьысуа афатә азы акәымкәа, наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо ибжьымсуа афатә азы аџьабаа жәбала. Уи аҩыза афатә ауаҩытәыҩса Иԥа ишәиҭоит, избанзар Аб, Анцәа ихаҭа, иара уи азы амчра ииҭеит*». 28  Дара ус иазҵааит: «Иҟаҳҵар акәзеи Анцәа даҳзыразхарц азы?» 29  Иисус иҳәеит: «Анцәа иҭахуп иааишьҭыз игәра жәгаларц». 30  Дара ус иарҳәеит: «Иарбан џьашьахәу* иаҳурбо, угәра ҳгарц азы? Иҟауҵои? 31  Ҳабацәа ацәҳәыраҿы аманна рфон. Аҩыраҿы иануп „иара урҭ ажәҩан аҟынтә ача риҭеит“ ҳәа». 32  Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: Моисеи ажәҩан аҟынтә ииашаҵәҟьоу ача шәимҭаӡеит, аха Саб уажәы уи шәиҭоит, 33  избанзар Анцәа ича — ажәҩан аҟынтә илбааз, адунеи аԥсҭазаара азҭо иоуп». 34  Дара ирҳәеит: «Иҳақәиҭу, еснагь уи ача ҳаҭала». 35  Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Сара аԥсҭазаара ача соуп. Сара сахь иааиуа ахаангьы амла дакӡом, схазҵогьы ахаан аӡба дакӡом. 36  Аха ишшәасҳәахьоу еиԥш, сшыжәбогьы сыгәра жәгаӡом. 37  Саб исиҭо зегьы сара сахь иааиуеит, сара сахь иааиуа ахаангьы дыԥхасҵаӡом, 38  избанзар ажәҩан аҟынтә сзылбааз сара исҭаху ҟасҵаларц азы акәӡам, саазышьҭыз ииҭаху ҟасҵаларц азоуп. 39  Иара ииҭаху исиҭаз рҟынтә аӡәымзар-аӡәы дысцәымӡкәа, аҵыхәтәантәи амш аҽны рыԥсы ҭасҵарц ауп. 40  Аб ииҭаху Аԥа дыздызкыло, насгьы уи дхазҵо дарбанзаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоурц ауп. Саргьы аҵыхәтәантәи амш аҽны уи иԥсы ҭасҵоит». 41  Иисус «сара ажәҩан аҟынтә илбааз ача соуп» ҳәа ахьиҳәаз азы аиудеиаа амырмырра иалагеит. 42  Дара ирҳәон: «Ари Иосиф иԥа Иисус иакәӡами? Иангьы иабгьы ҳдыруеит. „Сара ажәҩан аҟынтә сааит“ ҳәа шԥеиҳәо?» 43  Иисус ус реиҳәеит: «Амырмырра шәаҟәыҵ. 44  Аӡәымзар-аӡәгьы сара сахь дзааиӡом, саазышьҭыз Саб уи дааимгар. Саргьы аҵыхәтәантәи амш аҽны уи иԥсы ҭасҵоит. 45  Аԥааимбарцәа ирыҩуан: „Дара зегьы Иегова* аҵара дирҵалоит“. Саб изыӡырҩуа, иара иҿы аҵара зҵо дарбанзаалак сара сахь дааиуеит. 46  Ауаа рҟынтә аӡәымзар-аӡәгьы Аб димбаӡацт, уи дызбахьоу Анцәа иҟынтә иааз заҵәык иоуп. 47  Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит: сыгәра зго наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит. 48  Сара аԥсҭазаара ача соуп. 49  Шәабацәа ацәҳәыраҿы аманна рфон, аха уеизгьы иԥсит. 50  Ажәҩан аҟынтә илбааз ача зфо дыԥсӡом. 51  Сара ажәҩан аҟынтә илбааз, зыԥсы ҭоу ача соуп. Уи ача зфо дарбанзаалак наӡаӡа дынхалоит. Уи ача сцәеижь ауп. Сара уи ауаатәыҩса* нхаларц азы ирыхҭнысҵоит». 52  Усҟан аиудеиаа ажәеимакра иалагеит. Дара ирҳәон: «Ицәеижь злаҳаиҭои, иаҳфарц азы?» 53  Аха Иисус ус реиҳәеит: «Аиашаҵәҟьа шәасҳәоит, ауаҩытәыҩса Иԥа ицәеижь шәымфозар, ишьа шәымжәуазар, аԥсҭазаара шәоураны шәыҟаӡам*. 54  Сцәеижь зфо, сшьагьы зжәуа наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуеит, аҵыхәтәантәи амш аҽынгьы иԥсы ҭасҵоит. 55  Сцәеижь ииашаҵәҟьоу фатәуп, сшьагьы ииашаҵәҟьоу рыжәтәуп. 56  Сцәеижь зфои, сшьагьы зжәуеи, сареи аӡәк иеиԥш ҳаҟоуп. 57  Саазышьҭыз, зыԥсы ҭоу Саб ибзоурала сыԥсы шҭоу еиԥш, сцәеижь зфогьы сыбзоурала иԥсы ҭазаауеит. 58  Абар ажәҩан аҟынтә илбааз ача. Уи шәабацәа ирфоз ача иеиԥшӡам. Дара уи ача рфон, аха уеизгьы иԥсит. Ари ача зфо наӡаӡа дынхалоит». 59  Иара арҭ ажәақәа иҳәеит, капернаумтәи асинагогаҿы* ауаа Анцәа иажәа андирҵоз. 60  Ари заҳаз иҵаҩцәа жәпаҩык ус рҳәеит: «Ииҳәо закәи уара ари? Ииҳәо уазыӡырҩыртә иҟоума?» 61  Иисус идыруан иҵаҩцәа ииҳәаз иахҟьаны ишымырмыруаз, убри аҟынтә ус реиҳәеит: «Исҳәаз убриаҟара шәгәы иалсма? 62  Ауаҩытәыҩса Иԥа уаанӡа дахьыҟаз дышхало жәбар, иҟашәҵои? 63  Аԥсҭазаара узҭо адоуҳа заҵәык ауп, ацәеижь хәарҭарак аланы иҟаӡам. Сара ишәасҳәаз ажәақәа — адоуҳаи аԥсҭазаареи роуп. 64  Аха шәыбжьара ахаҵара змамгьы ыҟоуп». Иисус аханатә идыруан дхазымҵо зусҭцәаз, дызҭиуагьы дызусҭаз. 65  Иисус иациҵеит: «Убри азоуп сара изшәасҳәоз Саб иҭахымхар, аӡәгьы сара сахь дзааиӡом ҳәа». 66  Уи ашьҭахь Иисус иҵаҩцәа жәпаҩык уаанӡа изҿыз русқәа рахь ихынҳәит, уаҳагьы Иисус ицӡамызт. 67  Усҟан иара 12-ҩык дразҵааит: «Шәаргьы шәцар шәҭахызар?» 68  Си́мон Пиотр ус иҳәеит: «Иҳақәиҭу, захь ҳцода? Уара уажәақәа роуп наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳазҭо. 69  Ҳара угәра ҳгеит, иаҳдыруеит Анцәа иааишьҭыз Иԥшьоу шуакәу». 70  Иисус иҳәеит: «Сара сакәӡами 12-ҩык шәалызхыз? Аха шәуаӡәк дымцҳәаҩуп*». 71  Иара зыӡбахә имаз Си́мон Искарио́т иԥа Иуда иакәын. Уи 12-ҩык дшыруаӡәкызгьы, ԥыҭрак ашьҭахь Иисус диҭиит.

Албаагақәа

Адинар — 3,85 грамм иҟаз раӡны ԥаран. Уи мышкала идырҳауан. Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «25-30 стади». Шәахәаԥш Ацҵа Б14.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «равви́».
Ма «дшизыразу ала амҳәыр иааирхеит».
Ма «дыргоу».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «адунеи».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «шәыҩныҵҟа аԥсҭазаара шәымаӡам».
Мамзаргьы иҟалап «жәлар реизараҿы».
Ма «дыџьнышуп».