Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АБИБЛИА АУАА РЫԤСҬАЗААШЬА АԤСАХУЕИТ

«Иаасҭахыз зегь сымоуп ҳәа сгәы иаанагон»

«Иаасҭахыз зегь сымоуп ҳәа сгәы иаанагон»
  • ДАНИЗ АШЫҚӘС: 1962

  • ДАХЬИЗ АТӘЫЛА: Канада

  • АНКЬА: иламысдароу аԥсҭазаашьа мҩаԥигон

УААНӠАТӘИ СЫԤСҬАЗААШЬА

 Сара сиит канадатәи апровинциа Квебек иаҵанакуа ақалақь ду Монреаль аҟны. Сҭаацәеи, саҳәшьеи, ҩыџьа сашьцәеи сареи даара ибзиаз Розмон захьӡыз араион аҿы ҳанхон. Ҳҭаацәа даара бзиа ҳарбон, ҭынч, ҳҳәоу еиқәшәо ҳаицынхон.

 Саныхәыҷыз Абиблиа аԥхьара даара исгәаԥхон. Исгәалашәоит, 12 шықәса анысхыҵуаз Иисус Христос иӡбахә Ауасиаҭ Ҿыц аҟынтә еилыскааит, насгьы иҿырԥшы даараӡа исгәаԥхеит. Сара исҭаххеит иара иеиԥш ақьиареи арыцҳашьареи аарԥшра. Аха иансызҳа иҽеим аҩызцәа срыланагалеит, насгьы исымаз агәаҳәара сцәыӡит.

 Саб асаксофон аирҳәон. Иара уи асаксофон сзынижьит, аха уи адагьы, амузыка бзиа исирбеит. Уи сыԥсҭазаараҿы ихадаз аҭыԥ ааннакылеит. Иаарласны агитара арҳәашьа сҵеит. Сҩызцәеи сареи ҳхатәы арок-гәыԥ еиҿаҳкааит, насгьы зныкымкәа аконцертқәа ҳаманы ҳақәгылеит. Сара еицырдыруа апродиусерцәа сгәарҭеит, насгьы аус рыцызурц сыдыргалеит. Идуӡӡоу абжьҭаҩратә компаниак аус рыцуразы аконтракт снапы аҵазҩит. Смузыка згәаԥхоз ауаа рацәаҩхеит, насгьы Квебектәи арадио аҿы иадырҳәо иалагеит.

 Иаасҭахыз зегь сымоуп ҳәа сгәы иаанагон. Сара сқәыԥшын, ауаа сырдыруан, бзиа избоз аус саҿын, насгьы уи ахә бзианы иахыршәаауан. Ҽынла аспортзал ахь сныҟәон, аинтервиу рысҭон, автограф-сессиақәа мҩаԥызгон, ателехәаԥшрала сыддырбон, уахынла аконцертқәа мҩаԥызгон, насгьы агәырҿыхаратә еиԥыларақәа рахь сныҟәон. Ауаа рацәа бзиа уанырбо мариам. Уи исызцәырнагоз астресс схызгарц азы арыжәтә аҽаршьреи анаркотикқәа рыдкылареи салагеит. Сара акгьы хьаас исымамызт, насгьы иламысдароу аԥсҭазаашьа мҩаԥызгон.

 Шьоукы сыԥсҭазаашьа иаҵашьыцуан, избанзар анасыԥ сымазшәа акәын сшыҟаз. Аха схы-сгәы ҭацәны избон, еиҳараӡак схала санаанхоз. Агәҭынчымра сыман, сгәы каҳауан. Уи адагьы, сықәҿиарақәа ршыкьымҭаз ҩыџьа сыпродиусерцәа СПИД рыхьны иԥсит. Уи сара сзы ааха ӷәӷәахеит! Сара амузыка даара бзиа избон, аха сыԥсҭазаашьа сцәымӷын.

АБИБЛИА СЫԤСҬАЗААШЬА ШАԤСАХЫЗ

 Сара ақәҿиара шсымазгьы, еилыскаауан ари адунеи ак ахьны ишыҟаз. Избан аиашамра абас изырацәоу? Избан Анцәа акгьы зыҟаимҵо? Сара Анцәа саниҳәоз, лассы-лассы исҭон арҭ азҵаарақәа. Агастрольқәа рҟынтә саныхынҳә, еиҭа Абиблиа аԥхьара салагеит. Сзыԥхьоз аҟынтә еилыскаауаз маҷын, аха алкаа ҟасҵеит: адунеи аҵыхәтәа ааигәоуп.

 Абиблиа аҟынтә еилыскааит Иисус 40-мшы ацәҳәыраҿы дшычгоз (Матфеи 4:1, 2). Сара ус схәыцит: иара иҿырԥшы сықәнаҟар, Анцәа дысзаатуеит ҳәа, убри аҟынтә амзар аҿы арыцхә асырбеит. Ачгара салагаанӡа ҩымчыбжьа шыбжьаз, ҩыџьа Иегова ишаҳаҭцәа сыҩнашә иасит, сара урҭ рааира сазыԥшызшәа аҩныҟа иаасыԥхьеит. Руаӡәк Жак зыхьӡыз илақҭа сҭаԥшны исҳәеит: «Сгәы иаанагоит адунеи аҵыхәтәа ааигәахеит ҳәа. Шәақәшаҳаҭума?» Иара Абиблиа аартны дысзаԥхьеит 2 Тимофеи иахь 3:1—5. Сара азҵаарақәа рацәаны рыҭара салагеит, насгьы иџьасшьеит шаҟа аҵакы аҭаны инҭкааны аҭак ҟарҵоз, уи адагьы еснагь ражәақәа Абиблиа ала ишьақәдырӷәӷәон. Зныкымкәа дара анысҭаа ашьҭахь, ачгара шаҭахым еилыскааит.

 Сара Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара салагеит. Сыхцәы хысҵәеит, насгьы ааигәа иҟаз Аҳратә зал аҿы ақьырсиантә еизарақәа зегьы рҭаара салагеит. Иегова ишаҳаҭцәа иаадырԥшуаз абзиабареи аԥхарреи агәра снаргеит аиаша шысыԥшааз.

 Аха абиблиатә нормақәа срықәшәарц азы шьаҭанкыла сыԥсҭазаашьа сыԥсахыр ахәҭан. Иаҳҳәап, анаркотикқәеи иламысдароу аԥсҭазаареи мап рцәыскыр акәын. Иара убас сгәазыҟашьа сыԥсахыр ахәҭан, избанзар уаанӡа схы мацара сазхәыцуан. Сара схала ҩыџьа ахәыҷқәа сааӡон, урҭ ремоциатә, насгьы рдоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳашьа сҵалар акәын. Убри аҟынтә амузыкатә кариера ааныжьны, афабрикаҿы аусура салагеит.

 Аҽыԥсахра ус имариамызт. Анаркотик ансыдсымкылоз, уи ахьаа ӷәӷәа сызцәырнагон, убри аҟынтә зныкымкәа еиҭа саналагахьазгьы ыҟан (Римаа рахь 7:19, 21—24). Еиҳараӡак ицәгьан иламысдароу аԥсҭазаара мап ацәкра. Убри адагьы сусура ҿыц даара сарааԥсон, арахь исоуаз аулафахәы зынӡа имаҷын. Хымз рыҩныҵҟа исырҳаз аԥара асценаҿы ҩ-сааҭк рыла исырҳауаз иаҟаран.

 Анцәаиҳәара уи зегьы ахгара исыцхрааит. Иара убасгьы исыцхраауан иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьара. Сара сгәы шьҭырхит абиблиатә жәеинраалақәак, иаҳҳәап, 2 Коринфаа рахь 7:1. Уи ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит рцәеижьи ргәи-рыԥси ицқьам, ихирым зегь рахьтә идрыцқьарц. Ицқьам ашьцыларақәа риааира шалшо агәра снаргеит даҽа жәеинраалак, уи Филиппаа рахь 4:13 ауп. Уа иануп: «Амч-алшара сызҭо... иҿы зегь сылаӡоит, зегь сычҳауеит». Анцәа Иегова сыҳәарақәа рҭак ҟаиҵеит. Иара абиблиатә ҵабыргқәа реилкаареи, насгьы урҭ инарықәыршәаны анхареи дсыцхрааит. Уи сгәазҭанаҵеит сыԥсҭазаара иара изыскырц (1 Пиотр 4:1, 2). 1997 шықәсазы сара аӡы сыҽӡаасхит, насгьы Иегова ишаҳаҭ сакәны сҟалеит.

СЫԤСҬАЗААШЬА ШЕИӶЬХАЗ

 Сара агәра ганы сыҟоуп: сыԥсҭазаашьа смыԥсахызҭгьы, уажәшьҭа сыԥсхьазаарын. Аха уажәы сара ииашаҵәҟьаны насыԥ сымоуп! Схатә ҩыза Елви сара сзы дзылԥхароуп. Лареи сареи ауаа Абиблиа аӡбахә рзеиҭаҳәара аамҭа рацәаны иазаҳкуеит. Уи сыԥсҭазаара гәырӷьарылеи гәахәарылеи иарҭәуеит. Сара Иегова даараӡа иҭабуп ҳәа иасҳәоит иара иахь сахьааиԥхьаз азы (Иоанн 6:44).