Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Изакәызеи аӡӡаахра?

Изакәызеи аӡӡаахра?

Абиблиа иану

 Аӡӡаахра — ари аӡы ухыҵәартә уанӡааршьуа ауп a. Абиблиаҿы зныкымкәа иаҳԥылоит ауаа аӡы рыҽшӡаархуаз иазку ахҭысқәа (Аусқәа 2:41). Урҭ дыруаӡәкуп Иисус Христос, иара аӡиас Иордан аҿы иҽӡааихит (Матфеи 3:13, 16). Аамҭақәак рышьҭахь Ефиопиа аҭыԥ ду аанызкылоз хаҵак дызлацоз амҩа ааигәа иҟаз аӡҭачы аҿы иҽӡааихит (Аусқәа 8:36—40).

 Иисус иҳәон иҵаҩцәа зегьы аӡы рыҽӡаархыр шрыхәҭоу (Матфеи 28:19, 20). Аамҭақәак рышьҭахь апостол Пиотргьы аӡӡаахра далацәажәон (1 Пиотр 3:21).

Ари астатиаҿы

 Иаанагои аӡӡаахра?

 Ауаҩы аӡы иҽанӡааихуа иааирԥшуеит игәнаҳақәа дышрыхьхәыз, Анцәа ажәа шииҭо иҳәатәы шынаигӡало, насгьы еснагь иусқәа зегь рҿы дшизыӡырҩло, Иисус Христосгьы дшизыӡырҩло. Аӡы зыҽӡаазхыз наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь узго амҩа данылоит.

 Аӡӡаахра — ари ауаҩы иԥсҭазаараҿы иҟало аԥсахрақәа ирсимволуп. Абиблиаҿы аӡӡаахра аԥсыжра иаҿырԥшуп (Римаа рахь 6:4; Колоссаа рахь 2:12). Ауаҩы аӡы анихыҵәо, уи ауаҩы данԥсуа, ма ишьҭахьҟа уаанӡатәи иԥсҭазаара анаанижьуа иеиԥшуп. Аӡы данҭыҵуа, уи Анцәа зҽизызкыз ақьырсиан иаҳасабала аԥсҭазаара ҿыц далагоит.

 Иаҳәозеи Абиблиа асабицәа аӡы рӡаахра иазкны?

 Абиблиаҿы асабицәа аӡы рӡаахра иазкны акгьы анӡам. Урҭ аӡы иӡаахлатәуп ҳәагьы аҳәаӡом.

 Асабицәа аӡы рӡаахра Абиблиа иаҿагылоит. Уа иаҳәоит ауаҩы аӡы иҽӡааихыр иҭахызар, иара ҭахрақәак дрықәшәароуп ҳәа. Абиблиа иану ихадоу аҵарақәа идыруазароуп, насгьы урҭ инарықәыршәаны дынхозароуп. Игәнаҳақәа дрыхьхәыроуп, насгьы Анцәа диҳәаны иԥсҭазаара изикроуп (Аусқәа 2:38, 41; 8:12). Асабицәа ус аҟаҵара рылшаӡом.

 Иаанагои Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала аӡы аҽӡаахра?

 Иисус Христос ишьҭанеицәа иреиҳәеит: «Аҵаҩцәа азыҟашәҵала, Аби, Аԥеи, иԥшьоу адоуҳаи рыхьӡала аӡы иӡаашәхла, ишәыдысҵаз зегь анагӡашьа дшәырҵала» (Матфеи 28:19, 20). Ажәа «рыхьӡала» иаҳнарбоит аӡы зыҽӡаазхуа Аби Аԥеи ирымоу амчреи иааныркыло аҭыԥи пату шақәырҵо, иара убас иԥшьоу адоуҳа инанагӡо ароль шеилыркаауа. Абар уи бзианы иҳаилзыркаауа аҿырԥштәы. Апостол Пиотр дааиижьҭеи ицыркьуаз ауаҩы абас иеиҳәеит: «Назареттәи Иисус Христос ихьӡала иуасҳәоит: угыланы, аныҟәара уалага!» (Аусқәа 3:6). Пиотр ииҳәар ииҭахыз Иисус Христос имчра пату шақәиҵоз ауп, насгьы егьырҭ идеилиркаар иҭахын, ари ауаҩ дызхәышәтәыз дызусҭоу.

  •   Аб — уи Анцәа Иегова b иоуп. Иара амчра зегь инапаҿы иҟоуп, избанзар иара Зегьзымчу, зегь зшаз, зегь аԥсҭазаара рызҭаз иоуп (Аҟазаара 17:1; Аатра 4:11).

  •   Аԥа — уи зыԥсҭазаара ҳахҭнызҵаз Иисус Христос иоуп (Римаа рахь 6:23). Ҳара аиқәхара ҳаур анҳалшо Анцәа Иисус ауаа рганахьала изалихыз ароль хада пату анақәаҳҵо ауп (Иоанн 14:6; 20:31; Аусқәа 4:8—12).

  •   Иԥшьоу адоуҳа — уи аус зуа Анцәа имч ауп c. Иԥшьоу адоуҳа абзоурала Анцәа зегь ишеит, аԥсҭазаара риҭеит, аԥааимбарцәеи егьырҭ ауааи еиуеиԥшым ажәабжьқәа рзааицҳауан, иара убас иҳәатәы нарыгӡаразы амч риҭон (Аҟазаара 1:2; Иов 33:4; Римаа рахь 15:18, 19). Уи адагьы, иԥшьоу адоуҳа абзоурала, Анцәа Абиблиа зыҩуаз ихәыцрақәа риҭон (2 Пиотр 1:21).

 Зныкымкәа аӡы аҽӡаахра — гәнаҳоума уи?

 Иахьа ауаа рдин анырԥсахуа ыҟоуп. Иаҳҳәап ауаҩы уахәамак аҿы аӡы иҽӡааиххьеит. Игәнаҳарахома иара даҽазнык иҽӡааихыр? Шьоукы «гәнаҳароуп» ҳәа рҳәар ҟалоит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәаразы Ефесаа рахь 4:5 иану ҳазхьадырԥшыр ҟалоит. Уа иаҳәоит: «Иҳақәиҭугьы аӡә иоуп, хаҵарак ауп иҟоу, ӡӡаахрак ауп иҟоу». Аха уи иаанаӡом ауаҩы даҽазнык иҽӡааихыр ҟалаӡом ҳәа. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?

 Аконтекст. Ефесаа рахь 4:5 аконтекст ишаҳнарбо еиԥш, апостол Павел инаҵшьны иазгәеиҭеит, ииашоу ақьырсианцәа хәаԥшышьак, хаҵарак рымазар шакәу (Ефесаа рахь 4:1—3, 16). Ус еиԥш иҟоу акзаара алшахоит дара Нцәак иеихырхәозар, хаҵарак рымазар, даҽакала иаҳҳәозар, Абиблиа иану аҵарақәа еиԥшны еилыркаауазар, аӡӡаахразы иҟоу аҭахрақәагьы еиԥшны иазнеиуазар.

 Абиблиаҿы иаагоуп хҭыск апостол Павел шьоукы даҽазнык аӡы рыҽӡаархырц анреиҳәа. Урҭ раԥхьа аӡы рҽанӡаархуаз ақьырсиантә ҵарақәа цқьа ирзеилкааӡомызт, убри азоуп ус аҟаҵара заҭаххаз (Аусқәа 19:1—5).

 Анцәа игәы иақәшәо аӡӡаахра. Аӡӡаахра Анцәа игәы иақәшәарц азы, ауаҩы Абиблиа иану аҵабырг иашаны еиликаауазароуп (1 Тимофеи иахь 2:3, 4). Абиблиа иану аҵабырг иаҿагыло аҵарақәа рыгәра зго ауаҩы иӡӡаахра Анцәа дазыразӡам (Иоанн 4:23, 24). Ауаҩы гәыкала аӡы иҽӡааихзаргьы, иара Анцәа иҳәатәы изеилымкаауазар ҟалон (Римаа рахь 10:2). Ус акәзар, ауаҩы Абиблиа иану аҵабырг еиликаароуп, уи инақәыршәаны дынхалароуп, иԥсҭазаара Анцәа изикроуп, нас даҽазнык аӡы иҽӡааихроуп. Усҟан даҽазнык аӡы иҽахьӡааихыз гәнаҳарахаӡом. Уимоу, уи ииашоу шьаҿахоит.

 Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аӡӡаахра егьырҭ ахкқәа

 Абиблиаҿы излаҳәо ала Христос иҵаҩцәа аӡаҿы мацара акәӡам рҽахьӡаархуаз. Уа иануп аӡӡаахра егьырҭ ахкқәагьы. Абар ҿырԥштәқәак.

 Иоанн Аӡӡаахҩы инаигӡоз аӡӡаахра d. Иоанн Аӡӡаахҩы ауриацәеи ауриатә прозелитцәеи Моисеи изакәан (Моисеи ила Анцәа израильаа ириҭаз азакәан) иаҿагыланы иҟарҵаз агәнаҳақәа ишрыхьхәыз ала аӡы иӡааихуан. Абас еиԥш иҟаз аӡӡаахра ауаа азыҟанаҵон Мессиа — Назареттәи Иисус — иаара (Лука 1:13—17; 3:2, 3; Аусқәа 19:4).

 Иисус Христос иӡӡаахра. Иисус аӡы дӡаазхыз Иоанн Аӡӡаахҩы иоуп. Уи аӡӡаахра егьырҭ аӡӡаахрақәа иреиԥшӡамызт. Иисус днаӡан, гәнаҳа имаӡамызт (1 Пиотр 2:21, 22). Убри аҟынтә иара иӡӡаахра — ахьхәра, ма «Анцәа уламыс ирыцқьарц азы иҟауҵо а́ҳәара» иасимволӡамызт (1 Пиотр 3:21). Иисус аӡы иҽахьӡааихыз ала иааирԥшит иара ауаа зқәыргәыӷыз Мессиа, ма Христос иакәны аҟалара, иара убас Анцәа иҳәатәы анагӡара дшазхиаз. Иара убас уи иаанагоз ихы ҳақәҵара дшазхиаз ауп (Ауриацәа рахь 10:7—10).

 Иԥшьоу адоуҳала аӡӡаахра. Иисуси Иоанн Аӡӡаахҩи иԥшьоу адоуҳала аӡӡаахра иалацәажәон (Матфеи 3:11; Лука 3:16; Аусқәа 1:1—5). Уи иԥшьоу адоуҳа ахьӡала аӡӡаахра акәӡам (Матфеи 28:19). Излеиԥшымзеи урҭ?

 Иԥшьоу адоуҳала зыҽӡаазхуа ақьырсианцәа рхыԥхьаӡара маҷуп. Дара иԥшьоу адоуҳа рыхьшьхоит, избанзар ажәҩанаҿы Иисус ицны аҳцәаны ԥшьаҩцәаны адгьыл напхгара азырулоит (1 Пиотр 1:3, 4; Аатра 5:9, 10) e. Дара напхгара рзырулоит адгьылаҿы наӡаӡа анхара агәыӷра змоу миллионҩыла Иисус иҵаҩцәа (Матфеи 5:5; Лука 23:43).

 Христос илеи иԥсралеи аӡӡаахра. Иԥшьоу адоуҳала зыҽӡаазхуа, насгьы ажәҩанаҿы Иисус аҳра ицзуло «Христос [и]тәызарц азы» рыҽӡаархуеит (Римаа рахь 6:3). Уи иаанагоит дара иеизара иахәҭакхоит, Христос ицәеижь иахәҭакхоит, насгьы Рхада Иисус изыӡырҩлоит ҳәа (1 Коринфаа рахь 12:12, 13, 27; Колоссаа рахь 1:18).

 Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа «Христос... иԥсрала[гьы]» рыҽӡаархуеит (Римаа рахь 6:3, 4). Дара Иисус иҿыԥшны рхы иамеигӡакәа Анцәа имаҵ руеит, насгьы адгьылаҿы наӡаӡа анхара алшара мап ацәыркуеит. Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа Иисус иԥсрала рыҽӡаахра хыркәшахоит дара анԥсуа, насгьы ажәҩанаҿы инхаларц азы рыԥсы анҭало (Римаа рахь 6:5; 1 Коринфаа рахь 15:42—44).

 Мцала аӡӡаахра. Иоанн Аӡӡаахҩы изыӡырҩуаз абас реиҳәеит: «[Иисус] иԥшьоу адоуҳалеи мцалеи ауп шәышӡааихло. Иара... ичарыц рыцқьаны иҵәахуеит, аԥырчагьы ахаан имыцәо амца иалажьны ибылуеит» (Матфеи 3:11, 12). Ишаҳбо еиԥш, мцала аӡаахреи иԥшьоу адоуҳала аӡаахреи еиԥшӡам. Ииҳәар ииҭахызи Иоанн ари аҿырԥштәы ала?

 Ачарыц иаанарԥшуа Иисус иажәақәа ирзыӡырҩуа, насгьы ирықәныҟәо роуп. Урҭ иԥшьоу адоуҳала аӡӡаахра алшара рзаатуеит. Аԥырча иаанарԥшуа Иисус изымӡырҩуа роуп. Урҭ мцала аӡӡаахра рзыԥшуп, даҽакала иаҳҳәозар наӡаӡа иқәхзаауеит (Матфеи 3:7—12; Лука 3:16, 17).

a «Аӡӡаахра» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа шьаҭас иамоу аҟаҵарба иаанагоит «аӡы аҭшьра» (Шәахәаԥш Theological Dictionary of the New Testament. Т. 1. С. 529; Дворецкий И. Х. Древнегреческо-​русский словарь. М., 1958. Т. 1. С. 287.)

b Иегова — ари Анцәа ихьӡ ауп (Аԥсалом 83:18). Шәахәаԥш астатиа «Дызусҭада Иегова?».

c Шәахәаԥш астатиа «Изакәызеи иԥшьоу адоуҳа?».

d Шәахәаԥш астатиа «Дызусҭада Иоанн Аӡӡаахҩы?».

e Шәахәаԥш астатиа «Ицода ажәҩанахь?».

f Абиблиаҿы «аӡӡаахра» ҳәа иану ажәа зны-зынла рхы иадырхәоит ацеремониалтә ҽрыцқьара аарԥшразы (Марк 7:4, албаага; Ауриацәа рахь 9:10, албаага). Ҳәарада уи Иисус иҵаҩцәеи иареи рыӡӡаахрахь иаҵанакӡом.