Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Изакәызеи иԥшьоу адоуҳа?

Изакәызеи иԥшьоу адоуҳа?

Абиблиа иану

 Иԥшьоу адоуҳа — ари аус зуа Анцәа имч ауп, даҽакала иаҳҳәозар, аус аҿы иааԥшуа имч (Михеи 3:8; Лука 1:35). Анцәа илшоит идоуҳатә мчы иарбан ҭыԥзаалак ахь ашьҭра, иара имч ала игәҭакы наӡарц азы (Аԥсалом 104:30; 139:7).

 Абиблиаҿы ажәа «адоуҳа» еиҭагоуп ауриатә ажәа ру́ах, насгьы абырзен ажәа пне́ума ҳәа. Лассы-лассы арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит аус зуа Анцәа имч, мамзаргьы иԥшьоу адоуҳа (Аҟазаара 1:2). Аха Абиблиаҿы арҭ ажәақәа даҽа ҵакқәакгьы рымоуп. Иаҳҳәап:

  •   аԥсыԥ (Аввакум 2:19; Аатра 13:15).

  •   аԥша (Аҟазаара 8:1).

  •   зыԥсы ҭоу зегьы ирымоу аԥсҭазааратә мчы (Иов 34:14, 15).

  •   ауаҩы игәазыҟашьа, ма ихәыцшьа (Ахыԥхьаӡарақәа 14:24).

  •   адоуҳатә хаҭара, иаҳҳәап Анцәа, ма амаалықь (1 Аҳцәа 22:21; Иоанн 4:24).

 Арҭ ажәақәа еицырзеиԥшу ак ыҟоуп: ауаҩы иимбо, аха аус аҿы иааԥшуа. Убас ала, У. Е. Ваин ишәҟәы «Толковый словарь слов Нового Завета» аҿы иануп Анцәа идоуҳа «аԥша иаҩызоуп, иубаӡом, ацәеижь ахаӡам, насгьы амч амоуп» ҳәа (An Expository Dictionary of New Testament Words).

 Анцәа иԥшьоу идоуҳа Абиблиаҿы иахцәажәоит иара «инапқәа», ма «инацәкьарақәа» ҳәа (Аԥсалом 8:3, албаага; 19:1; Лука 11:20, албаага; иаҿшәырԥш Матфеи 12:28). Анапҟаза акы аус анадиуло инапқәеи инацәкьарақәеи ихы ишаирхәо еиԥш, Анцәа иԥшьоу адоуҳа ихы иаирхәон. Иаҳҳәап:

Иԥшьоу адоуҳа хаҭараӡам

 Абиблиаҿы Анцәа идоуҳа «анапқәа», «анацәкьарақәа», ма «аԥсыԥ» ҳәа азҳәоуп азы, еилаҳкаауеит иԥшьоу адоуҳа шхаҭарам (Ақәҵымҭа 15:8, 10). Анапҟаза инапқәа рхала акгьы рзыҟаҵом ахшыҩи ацәеижьи ацмырхыраакәа; убас еиԥш иԥшьоу адоуҳагьы аус ауеит Анцәа ишиҭаху (Лука 11:13). Иара убас иԥшьоу адоуҳа Абиблиаҿы аӡы иаҿырԥшуп, насгьы агәрахаҵареи адырреи ирыдҳәалоуп. Абарҭқәа зегьы иаҳдырбоит иԥшьоу адоуҳа шхаҭарам (Исаиа 44:3; Аусқәа 6:5; 2 Коринфаа рахь 6:6).

 Абиблиаҿы Анцәа ихьӡ аҳәоит — Иегова, иара убасгьы Иԥа ихьӡ — Иисус Христос. Аха џьаргьы иаҳәаӡом иԥшьоу адоуҳа ахьӡ амоуп ҳәа (Исаиа 42:8; Лука 1:31). Идыргәаҟуаз ақьырсиан Стефан џьашьахәыла абара́ аниоуз, иара ажәҩан аҿы ҩ-хаҭарак ауп иибаз, аха х-хаҭарак ракәӡам. Абиблиаҿы иануп: «Ихы-игәы зегьы иԥшьоу доуҳала иҭәын. Уи дыԥшуан хыхь, ажәҩан ахь, уаҟа Анцәеи уи иарӷьараҿ игылаз Иисуси рдура, рыхирра ибарҭан» (Аусқәа 7:55). Иԥшьоу адоуҳа — аус аҿы иубо Анцәа имч — Стефан абара́ иоурц ицхрааит.

Иԥшьоу адоуҳа иазкны ииашам ашьақәырӷәӷәарақәа

 Ашьақәырӷәӷәара. Иԥшьоу адоуҳа — Х-хаҿрак иахәҭаку хаҭароуп, Асинодалтә еиҭагаҿы 1 Иоанн 5:7, 8 излаҳәо ала.

 Афакт. Асинодалтә еиҭагаҿы 1 Иоанн 5:7, 8 иаҳәоит: «Ажәҩан аҿы: Аб, Ажәа, Иԥшьоу адоуҳа, насгьы Урҭ рыхԥагьы акоуп. Рыхԥагьы адгьыл аҿы шаҳаҭра руеит». Аха Абиблиа аҭҵааҩцәа иазгәарҭеит Иоанн арҭ ажәақәа шаниимҵаз, убри аҟынтә урҭ абиблиатә текст иахәҭакӡам ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Апрофессор Бриус Мецгер иҩит: «Ари ацыԥҵәаха мцыла иалагалаз ауп, насгьы Ауасиаҭ ҿыц аҿы аҟазаара азин амам» ҳәа (A Textual Commentary on the Greek New Testament).

 Ашьақәырӷәӷәара. Абиблиаҿы иԥшьоу адоуҳа ахаҿра аманы иаарԥшуп. Уи ишьақәнарӷәӷәоит иара шхаҭароу.

 Афакт. Иԥшьоу Аҩыраҿы иԥшьоу адоуҳа зны-зынла ахаҿра аманы иаарԥшуп, аха уи иаанагаӡом иара хаҭароуп ҳәа. Абиблиаҿы иара убас аҟәыӷара, аԥсра, насгьы агәнаҳа ахаҿра рыманы иаарԥшуп (Ажәамаанақәа 1:20; Римаа рахь 5:17, 21). Иаҳҳәап, уа иаҳәоит аҟәыӷара иамоуп «аусқәа», «ахәыҷқәа» ҳәа, насгьы агәнаҳа ухнахуеит, уқәнахуеит, агәаҳәарақәа узцәырнагоит ҳәа (Матфеи 11:19; Лука 7:35; Римаа рахь 7:8, 11).

 Убас ала, апостол Иоанн Иисус иажәақәа аниҳәоз, иара иԥшьоу адоуҳа ахаҿра аҭаны иазиҳәеит шаҳаҭра зуа, умҩақәызҵо, ицәажәо, изаҳауа, ажәабжь зҳәо, ак ҳаразкуа, насгьы ак здызкыло «ацхырааҩ» (параклит) ҳәа. Иара «ацхырааҩ» иӡбахә аниҳәоз ихы иаирхәеит ахаҵа ихаҿра аазырԥшуа ахьыӡцынхәра «иара» (Иоанн 16:7—15). Ус ҟаиҵеит, избанзар абырзен ажәа пара́клетос «ацхырааҩ» ҳәа еиҭагоу ахаҵа ихаҿы аанарԥшуеит, насгьы абырзен грамматика аԥҟарала ахаҵа ихаҿра аазырԥшуа ахьыӡцынхәрала ахархәара ахәҭоуп. Аха Иоанн иԥшьоу адоуҳа данахцәажәоз ахьыӡҟа пне́ума аҭыԥан ахьыӡцынхәра аниргылоз, ианиҵеит ахаҿра аазмырԥшуаз ажәа (Иоанн 14:16, 17).

 Ашьақәырӷәӷәара. Иԥшьоу адоуҳа ахьӡала аӡӡаахра ишьақәнарӷәӷәоит иԥшьоу адоуҳа хаҭароуп ҳәа.

 Афакт. Зны-зынла Абиблиаҿы ажәа «ахьӡ» ахархәара амоуп аӡәы иааникыло аҭыԥ, ма имчра аарԥшразы (Ҩынтәзакәан 18:5, 19—22; Есфирь 8:10). Убас ала, аԥсуа бызшәаҿы ахархәара рымоуп ажәақәа «азакәан ахьӡала». Аха уи иаанагаӡом азакәан хаҭароуп ҳәа. «Иԥшьоу адоуҳа ахьӡала» зыҽӡаазхуа ауаҩы еиликаауеит иԥшьоу адоуҳа амч шамоу, насгьы Анцәа игәаԥхара анаӡараҿы уи инанагӡо ароль (Матфеи 28:19).

 Ашьақәырӷәӷәара. Иисус иапостолцәа, насгьы егьырҭ раԥхьатәи иҵаҩцәа иԥшьоу адоуҳа хаҭароуп ҳәа агәра ргон.

 Афакт. Абиблиагьы аҭоурыхгьы ус еиԥш иҟоу агәаанагара иадгылаӡом. «Британская энциклопедия» аҿы иаҳәоит: «Иԥшьоу Адоуҳа хазы Анцәа иҟынтә иҟоу Хаҭароуп ҳәа... агәаанагара рыдыркылеит 381 шықәсазы ҳ. ҳ. аан, Константинополь имҩаԥысуаз аизара ду аҿы». Уи ҟалеит аҵыхәтәантәи апостол даныԥсыз ашьҭахь 250 шықәса инареиҳаны ианҵы.