Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 44

Игәаԥхома Анцәа аныҳәақәа зегьы?

Игәаԥхома Анцәа аныҳәақәа зегьы?

Иегова аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларц иҭахуп. Уи азы аамҭа-аамҭала ныҳәақәак еиҿаҳкаалар ауеит. Аха игәаԥхома иара иахьа иазгәарҭо аныҳәақәа зегьы? Ишԥааҳарԥшри ари азҵаараҿы Иегова игәаанагара аилкаара ҳшашьҭоу?

1. Избан Иегова аныҳәақәа реиҳарак зигәамԥхо?

Уамашәа ижәбар алшоит, аха иахьа иҟоу аныҳәақәа реиҳарак Анцәа Иажәа иаҳнарҵо иаҿагылоит, ма амцдинхаҵарақәа рҟынтә иаауеит. Урҭ адемонизм иадҳәалазар ауеит, ма имԥсуа аԥсы иазку аҵара шьаҭас иамазар алшоит. Ныҳәақәак амцхаҵарақәа ирыдҳәалоуп, иара убас алахьынҵа агәра агара иадҳәалазар ауеит (Исаиа 65:11). Иегова имаҵзуҩцәа иреиҳәоит: «Иааншәыжь... ицқьам акы уаҳа шәаламкьысын» (2 Коринфаа рахь 6:17) a.

2. Дышԥахәаԥшуеи Иегова ауаа ҳаразкуа аныҳәақәа?

Иегова ҳгәаҳҽаниҵоит ауаа рықәгәыӷра шшәарҭоу. (Шәаԥхьа Иеремиа 17:5.) Ныҳәақәак напхгара ҟазҵо ауаа, ма аруаа ҳараркуеит. Егьырҭ аныҳәақәа амилаҭҭә символқәа рыхьӡала, ма ахьыԥшымра аиура ахьӡала иазгәарҭоит (1 Иоанн 5:21). Иҟоуп аныҳәақәа, аполитика ма асоциалтә усқәа ирыдҳәалоу. Цәаныррақәас изцәырнагозеи Иегова, аӡәы ахьӡ-аԥша аниаҳҭо, ма аорганизациак анҳараҳкуа, еиҳараӡак дара ауаа ргәазҭарҵозар игәҭакы иаҿагыло аусқәа рыҟаҵара?

3. Иарбан хымҩаԥгашьоу аныҳәа бжьызхыр алшо?

Абиблиа ҽынкылашьа змам ахымҩаԥгашьеи арыжәтә аҽаршьреи иақәыӡбоит (1 Пиотр 4:3). Лассы-лассы аныҳәақәа раан ауаа рхы рхаршҭны, иҽеимкәа рхы мҩаԥыргоит. Иегова ҳаиҩызазарц ҳҭахызар, ус еиԥш иҟоу ицқьам ахымҩаԥгашьа ҳҽацәаҳахьчалароуп.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа аныҳәақәеи аҩызцәа реиԥыларақәеи рганахьала Иегова игәы иахәо аӡбарақәа шәыдышәкылалар шшәылшо.

4. Иегова длазырҟәуа аныҳәақәа шәхы рылашәмырхәлан

Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишәыцхраауазеи ныҳәак шәхы алашәырхәру-иалашәмырхәру аӡбара?

  • Иарбан ныҳәақәоу шәахьынхо аҭыԥ аҿы еиҳараӡак иазгәарҭо?

  • Шәгәы ишԥаанаго, игәаԥхома Иегова урҭ аныҳәақәа?

Иаҳҳәап, шәазхәыцхьоума Иегова амширақәа разгәаҭара дшазыҟоу? Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам Иегова имаҵзуҩцәа амшира азгәарҭон ҳәа. Аха уа иануп амшира азгәазҭоз ҩыџьа рҭоурых. Дара Иегова имаҵ руӡомызт. Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 40:20—22, насгьы Матфеи 14:6—10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Еицырзеиԥшузеи арҭ аҩмширак?

  • Дышԥазыҟоу Иегова амшира азгәаҭара, арҭ аҩҭоурыхк излаҳдырбо ала?

Аха иҟалап ус шәхәыцуазар: «Ихадаҵәҟьоума Иегова изы амшира ма уи иеиԥшу даҽа ныҳәак азгәаҭара салахәу-салахәыму?» Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 32:1—8. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иегова ныҳәак игәаԥхоу-игәамԥхоу еилаҳкаар зҳахәҭоу?

  • Ишԥеилаҳкаари иара игәаанагара?

Ишԥеилаҳкаари ныҳәак иазкны Анцәа игәаанагара?

  • Иаҿагылома ари аныҳәа Абиблиа иаҳнарҵо? Еилышәкаа аныҳәа хыҵхырҭас иамоу.

  • Дҳаранакуама ари аныҳәа уаҩык, иҳаранакуама организациак ма амилаҭтә символк? Иегова заҵәык иоуп ахьӡ-аԥша заҳҭалар ҳахәҭоу, иара заҵәык иоуп уи иаԥсоу, иара заҵәык иоуп адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегь рыӡбара зылшо.

  • Ирҿагылома абиблиатә нормақәа уи аныҳәа азгәаҭараан иҟарҵо? Ҳара ҳхымҩаԥгашьа еснагь ицқьазароуп.

5. Егьырҭ шәгәаанагара пату ақәырҵаларц шәрыцхраа

Иегова игәамԥхо ныҳәак азгәаҭара аншәыдырцало, уи мап ацәкра мариаӡам. Ачҳара аарԥшны, хаала шәгәаанагара рзеиҭашәҳәа. Абар уи ҟашәҵар шшәылшо ҿырԥштәык. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Шәаԥхьа Матфеи 7:12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишәыхәҭоума шәара, ари ажәеинраала инақәыршәаны, Иегова имаҵ зымуа шәҭынхацәа ныҳәак азгәарымҭаларц раҳәара?

  • Ишԥашәылшо шәҭынхацәа даара бзиа ишыжәбо, насгьы пату шрықәышәҵо аарԥшра, ныҳәак шрыцазгәашәымҭогьы?

6. Иегова насыԥ ҳамазарц иҭахуп

Иегова иҭахуп ҳҩызцәеи, ҳҭынхацәеи, ҳареи аамҭа бзианы еицаҳхаҳгаларц. Шәаԥхьа Екклезиаст 8:15, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥаҳнарбо ари ажәеинраала Иегова насыԥ ҳамазарц шиҭаху?

Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа аԥсҭазаара иалагәырӷьаларц, насгьы аамҭа бзианы еицырхыргаларц. Жәларбжьаратәи ҳконгрессқәа уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, уи шәхаҭа агәра жәгарц азы.

Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 6:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Еицырдыруа аныҳәақәа раан мацара аума егьырҭ бзиарак рзыҟаҳҵалар анҳалшо?

  • Ишәызҭозеи еиҳа агәырӷьара: аӡәы ҳамҭак ус иахәҭоуп ҳәа ианишәҭо акәу, уи гәыкала ианыҟашәҵо акәу?

  • Иегова ишаҳаҭцәа реиҳараҩык аамҭа-аамҭала рхәыҷқәа рзы аныҳәақәа ҟарҵоит, насгьы ианазыԥшым аҳамҭақәа рырҭоит. Ахәыҷқәа шәымазар, шәазхәыц ргәы иахәаша ҳамҭак рзыҟашәҵар шшәылшо.

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Уи аныҳәа ахьынтәиааз хадаӡам. Ҳҩызцәеи, ҳҭынхацәеи, ҳареи баша ҳааидтәаларц ауп иаҳҭаху».

  • Иахышәҳәаауеи шәара уи?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова иҭахуп ҳҩызцәеи, ҳҭынхацәеи, ҳареи аамҭа бзианы еицаҳхаҳгаларц. Аха длазырҟәуа аныҳәақәа ҳхы рылаҳархәларц иҭахӡам.

Аиҭахысра

  • Иарбан зҵаарақәоу Иегова ныҳәак дшазыҟоу аилкаара иҳацхраауа?

  • Ирзеиҭаҳҳәар шԥаҳалшо ҳҩызцәеи ҳҭынхацәеи аныҳәақәа ҳшырзыҟоу?

  • Иабантәиҳдыруеи Иегова насыԥ ҳамазарц, насгьы аамҭа бзианы иаҳхаҳгаларц шиҭаху?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа иарбан ныҳәақәоу иазгәарымҭо.

«Почему Свидетели Иеговы не отмечают некоторые праздники?» (авеб-статиа)

Еилышәкаа Анцәа амшира азгәаҭара игәаԥхаӡом ҳәа заҳаԥхьаӡо ԥшь-мзызк.

«Почему Свидетели Иеговы не празднуют дни рождения?» (авеб-статиа)

Шәахәаԥш ашкол аҿы изхыччоз рԥыск аҵара ицызҵоз Қьырса ныҳәа зазгәеимҭо хаала ишырзеиҭеиҳәаз.

«Мягко реагируй на насмешки» (2:04)

Миллионҩыла ақьырсианцәа Қьырса ныҳәа азгәарымҭаларц рыӡбеит. Избан дара ус зырыӡбаз?

«Они нашли нечто лучшее» («Ахьчаратә бааш», декабр 1, 2012, аурыс)

a Шәахәаԥш Ацҵа 5, шәхы злашәырхәырц шәҭахым аныҳәа аназгәарҭо, шәхы шымҩаԥыжәгалаша еилышәкаарц азы.