Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 7

Ииашоу, зыгәра угартә иҟоу аинформациа

Ииашоу, зыгәра угартә иҟоу аинформациа

Лука 1:3

ИҞАҴАТӘУ Аӡырҩцәа ииашоу алкаа аҟаҵара урыцхраарц азы зыгәра агара иаԥсоу аинформациа ухы иархәала.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Иԥшаа, насгьы ухы иархәала зыгәра угартә иҟоу ахыҵхырҭақәа. Иуҳәо Анцәа Иажәа шьаҭас иамазар ауп, убри аҟынтә алшара анумоу еснагь уи аартны ауаа урзаԥхьала. Уара анаукатә фактқәа, ажәабжьқәа, ахҭысқәа, мамзаргьы даҽа шьақәырӷәӷәарақәак ухы иаурхәозар, заа еилкаа урҭ рыгәра агара иаԥсоу иаԥсаму, насгьы аинформациа ҿыцу иҿыцму.

  • Ахыҵхырҭақәа ииашаны ухы иархәала. Ажәеинраалақәа рҵакы анеиҭауҳәо, уи аконтекст иақәшәозар, насгьы Абиблиа аҵакы иаҿамгылозар ауп. Иара убас игәрагоу, иҟәышу атәы иҳаиҭо апубликациақәа ирну иақәшәозар ауп (Матф. 24:45). Даҽа хыҵхырҭақәак ухы иаурхәозар, рҵакы, мамзаргьы автор иажәақәа умԥсахлан.

  • Аӡырҩцәа иаауго ашьақәырӷәӷәарақәа иазырхәыцла. Абиблиатә жәеинраала уанаԥхьалак, мамзаргьы хыҵхырҭак иаҳәо анааугалак ашьҭахь, аӡырҩцәа рхатә лкаа аҟаҵара ирыцхраауа азҵаарақәа рыҭ ма ҿырԥштәык аага.