Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 16

Анцәа бзиа дшубо аарԥшла

Анцәа бзиа дшубо аарԥшла

Уҩызеи уареи аиҩызара шәыбжьазарц азы, уи иацәажәара аҭахыуп. Уара иара уизыӡырҩуеит, иаргьы уара дузыӡырҩуеит. Убас азаҳҳәар ауеит Анцәеи уареи шәеиҩызара. Уазхәыц абри аганахьала Абиблиа иаҳәо:

Еснагь Иегова уиацәажәала, уи уиҳәауа. «Ааԥсара шәықәымкәа Анцәа шәиҳәала» (Римаа рахь 12:12).

Уаԥхьала Анцәа Иажәа — Абиблиа. «Аҩыра зегьы Анцәа игәацԥыҳәарала иҟалеит, иагьхәарҭоуп арҵареи, аҿаԥҽреи, ариашареи рзы» (2 Тимофеи иахь 3:16).

Егьырҭ Анцәа дызусҭоу дырҵала. «Шәцаны ажәларқәа зегьы рҟны аҵаҩцәа азыҟашәҵала... Идшәырҵала аԥҟарақәа ишәасҳәаз зегьы ныҟәыргаларатәы» (Маҭфеи 28:19, 20).

Анцәа иҩызцәа урзааигәахала. «Аҟәыӷақәа ирыҿцаауа дҟәыӷахоит» (Ажәамаанақәа 13:20).

Аҳра Азал аҟны имҩаԥысуа аиԥыларақәа рахь уныҟәала. «Ҳаизҿлымҳазаап аӡәи-аӡәи, абзиабареи аус бзиақәеи ҳгәы рызҭаҵауа.. аӡәи-аӡәи ҳгәы шьҭибахуа» (Ауриацәа рахь 10:24, 25).

Аҳра аус уацхраала. «Дарбанзаалак, игәы ишаӡбыз еиԥш, ихы мҩаԥигааит, иҭахымкәа, мамзаргьы мчыла акәымкәа, избанзар Анцәа бзиа иибо игәырӷьаҵәа аҳамҭа назго иоуп» (2 Коринфаа рахь 9:7).