Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 1

Изызкузеи ажәабжь бзиа?

Изызкузеи ажәабжь бзиа?

1. Изызкузеи ажәабжь Анцәа иҟынтә?

Анцәа иҭахуп ҳара насыԥ ҳамазарц. Уи ҳара бзиа ҳаибоит аҟынтә, адгьылаҿ иҟоу зегьы ишеит. Иаарласны иара ауаа зегь рыԥсҭазаара еиӷьитәуеит. Адунеи аҿы уаҳа агәаҟрақәа ҟалаӡом. (Шәаԥхьа Иеремиа 29:11.)

Иҟаӡам аиҳабыра, ақәымчреи, ачымазарақәеи, аԥсреи рҵыхәтәа аԥҵәара зылшаз. Аха иҟоуп узыргәырӷьаша жәабжьк. Иаарласӡаны Анцәа иахьа иҟоу аиҳабырақәа зегьы иара иеиҳабыра ала иԥсахуеит. Ауаа зегьы адунеи аҿы аҭынчра рыбжьазаауеит, насгьы агәабзиара рымазаауеит. (Шәрыԥхьа Исаиа 25:8; 33:24; Даниил 2:44.)

2. Избан ари ажәабжь иахьа абриаҟара аҵакы замоу?

Агәаҟрақәа рҵыхәтәа аныԥҵәахо, Анцәа адгьыл ауаа цәгьақәа рҟынтә ианирыцқьалак ашьҭахь ауп (Софониа 2:3). Ианбаҟало уи? Анцәа Иажәаҿы заа иҳәан иахьа адунеи аҿы иҟоу ахҭысқәа ртәы. Арҭ ахҭысқәа иудырбоит Анцәа иаарласны иус анагӡара дшалаго. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи 3:1—5.)

3. Иҟаҵатәузеи?

Ҳара Анцәа деилаҳкаалар ҳахәҭоуп иара Иажәа Абиблиа аҟынтәи. Абиблиа аҿурԥшыр ауеит аб бзиа иибо ихшара ирзиҩуа асалам шәҟәы. Уа иануп иахьа уԥсҭазаара аиӷьтәра шулшо, насгьы уаԥхьаҟа адгьылаҿ наӡаӡатәи аԥсҭазаара уоурц шулшо. Шьоукы шәара Абиблиа ахьышәҵо ргәамԥхар ауеит. Аха аҭагылазаашьа бзиақәа рҿы наӡаӡа анхара алшара ахә ҳаракцәоуп, убри аҟынтә уи аҩжьра иаԥсам. (Шәрыԥхьа Ажәамаанақәа 29:25; Аатра 14:6, 7.)