Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Абиблиа аԥхьаразы апланқәа

Абиблиа аԥхьаразы апланқәа

Абиблиаҿы иануп ҳаԥсҭазаараҿы иҳацхраауа зегь раасҭа иҟәыӷоу алабжьарақәа. Абиблиа шәаԥхьалар, шәзыԥхьаз шәазхәыцлар, насгьы уи шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәалар, «[шәы]мҩаҿы [шә]маншәалахоит» (Иисус Навин 1:8; Аԥсалом 1:1—3). Иара убас шәара Анцәеи, иара Иԥа, Иисус Христоси, еиҳа еиӷьны еилышәкаауеит. Урҭ адыррақәа шәыԥсҭазаара еиқәдырхоит (Иоанн 17:3).

Абиблиа ашәҟәқәа шеишьҭагылоу еиԥш шәрыԥхьалароума? Иҟоуп авариантқәа рацәаны. Абиблиа аԥхьаразы иҟоу ари аграфик шәыцхраауеит Абиблиа ашәҟәқәа зегьы шеишьҭагылоу, мамзаргьы атемақәа рыла аԥхьара. Иаҳҳәап, Анцәа ажәытәан иҟаз ижәлар Израиль дшырзыҟаз еилышәкаарц азы, иалкаау ацыԥҵәахақәа шәрыԥхьар шәылшоит. Даҽа цыԥҵәахақәак рҟынтә еилышәкаар шәылшоит, актәи ашәышықәсазы ақьырсиантә еизара шеиҿкааз, насгьы уи шеизҳауаз. Иалху ахқәа есыҽны шәрыԥхьалар, шықәсык ала Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа шәаԥхьоит.

Шәара Абиблиа аԥхьаразы аплан шьақәшәыргыларц шәҭахызар, иаҳҳәап, есыҽны шәаԥхьаларц, шықәсык ала шәаԥхьарц, ма раԥхьаӡа акәны шәаԥхьозар, ари аграфик шәыцхраауеит. Абиблиа аԥхьаразы аплан шәелектронтә хархәагахь иҭажәгал, ишәҭахызар ишәкьыԥхь, насгьы иахьа инаркны аԥхьара шәалага.