Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 62

Ашәа ҿыц

Ашәа ҿыц

(Аԥсалом 98)

  1. 1. Ашәа ҿыц ҳәала Иегова ихьӡала уара!

    Дӡырга зегь ириааиуа, уаҿыз уи ирҽхәара.

    Ссирла ихаҭа изгәакьаз ижәлар еиқәирхеит,

    Аӡбаҩ иаша иакәын, ақьиара ҳирбеит.

    АХАПА

    Ушәаҳәа!

    Иегова дырҽхәала.

    Ушәаҳәа!

    Аҳ дуӡӡа иоуп Ҳанцәа!

  2. 2. Гәыкала, ҿыҭны, Аҳас игылаз дырҽхәала!

    Адгьыл зегь шәаҳәароуп, иԥшьоу ахьӡ ҳаракла.

    Ашәаҳәаҩцәа ргәыԥ еилаҵәароуп рыбжьқәа хааӡа,

    Рбыкьи рҩымааи цәажәааит, рыбжьқәа еинаалаӡан.

    АХАПА

    Ушәаҳәа!

    Иегова дырҽхәала.

    Ушәаҳәа!

    Аҳ дуӡӡа иоуп Ҳанцәа!

  3. 3. Гәырӷьара иаҿыз амшын, акаршәрақәа, адәқәа.

    Адгьыл, нас аӡиас еинырҟьалааит рнапқәа.

    Ашәа ҿыц ҳәала, идуӡӡан игалааит убжьы,

    Ажәлар идурҳароуп Ҳазшаз иусқәа ртәы.

    АХАПА

    Ушәаҳәа!

    Иегова дырҽхәала.

    Ушәаҳәа!

    Аҳ дуӡӡа иоуп Ҳанцәа!

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 96:1; 149:1; Ис. 42:10.)