Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 139

Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа

(Аатра 21:1—5)

  1. 1. Ухы уазхәыц, саргьы усызхәыц,

    Џьанаҭаҿ ҳаҟоушәа ҳарҭ уҳазхәыц!

    Ҳдунеи шаҟа иссирузеи!

    Аԥхыӡ еиԥш ацәгьара наҟ имцеи.

    Дызусҭада уажәшьҭа ҳзыршәо!

    Иегова иоуп заҳра шьақәзырӷәӷәо.

    Ҳдунеи ҿыц азы уажәшьҭа аамҭа ҟалеит!

    Акеиҳәа игәырӷьахәу ашәаҳәабжьгьы геит:

    АХАПА

    «Иегова — Ҳанцәа, иссиру дгьыл Зшаз,

    Зԥа дызваргылан иҿыцу зырҿиаз.

    Иузаҳҳәоит гәык-ԥсыкала ҳарҭ ашәа абас,

    Хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри уара еснагь иутәхарц».

  2. 2. Ухы уазхәыц, саргьы усызхәыц.

    Ҩаԥхьа ишҿыцхаз ҳдунеигьы уазхәыц.

    Аҭынчра роуп ауаа уажәшьҭа.

    Анцәа иргылт рыԥшьаныҳәарҭа.

    Уи ҳалаӷырӡ ирыцқьахьеит,

    Ҳзықәгәыӷуаз шыҟалазгьы ҳирбеит.

    Ирҿыхоит ҳара иҳазгәакьоу иԥсхьоу,

    Убасҟан еиламҵәари абжьқәа иҵарӡоу:

    АХАПА

    «Иегова — Ҳанцәа, иссиру дгьыл Зшаз,

    Зԥа дызваргылан иҿыцу зырҿиаз.

    Иузаҳҳәоит гәык-ԥсыкала ҳарҭ ашәа абас,

    Хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри уара еснагь иутәхарц».

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 37:10, 11; Ис. 65:17; Иоанн 5:28; 2 Пиотр 3:13.)