Аилибамкаарақәа аншәызцәырҵуа, бзиабарала ишәыӡбала

Аилибамкаарақәа аншәызцәырҵуа, бзиабарала ишәыӡбала

«Шәара-шәара хирла шәеизыҟаз» (МАРК 9:50).

АШӘАҚӘА: 39, 77

1, 2. Иарбан еимак-еиҿакқәоу ашәҟәы Аҟазаара (Бытие) аҿы зыӡбахә ҳәоу, насгьы избан уи ҳара ҳзы аинтерес заҵоу?

 ШӘРЫЗХӘЫЦХЬОУМА шәара зныкыр абиблиатә аамҭақәа раан инхоз ауаа рыбжьара ицәырҵуаз аимак-аиҿакқәа? Иаҳгәалаҳаршәап Аҟазаара (Бытие) раԥхьатәи ахқәа рҿы иану ахҭысқәа. Каин Авель дишьуеит (Аҟаз. [Быт.] 4:3—8); Ламех арԥыс дишьуеит, уи дахьисыз азы (Аҟаз. [Быт.] 4:23); Авраам (Аврам) ихьшьцәеи Лот ихьшьцәеи еисуеит (Аҟаз. [Быт.] 13:5—7); Агарь Сарра (Сара) датәалымбо далагеит, Сарра Авраам дицәгәаауеит (Аҟаз. [Быт.] 16:3—6); Измаил зегьы дырҿагылоит, насгьы зегьы иара иҿагылоит (Аҟаз. [Быт.] 16:12).

2 Изаагозеи Абиблиаҿы абас еиԥш иҟоу аимак-аиҿакқәа? Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ҳара, инаӡам ауаа, иаҳдырбоит аҭынчра ахьчара зхадоу. Иҟаҵәҟьаз ауаа зықәшәоз ауадаҩрақәа ишыриааиуаз, насгьы рҽазышәарақәа иааргоз алҵшәақәа ртәы ҳанаԥхьо, иаҳҵо рацәоуп. Урҭ рҿырԥштәқәа иҳаҵарҳәоит аилибамкаарақәа анҳазцәырҵуа ахымҩаԥгара шҳахәҭоу, насгьы ишҳахәҭам (Рим. 15:4).

3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова имаҵзуҩцәа аинышәара зрыхәҭоу, насгьы уи шыҟарҵалар акәу. Иара убас ҳара ҳарзааҭгылоит аимак-аиҿакқәа рыӡбареи егьырҭ ауааи Иеговеи рҿы аизыҟазаашьа бзиақәа рыхьчареи иҳацхраауа абиблиатә принципқәа.

АНЦӘА ИМАҴЗУҨЦӘА АИНЫШӘАРА ЗРЫХӘҬОУ

4. Иарбан гәазыҟашьоу адунеи иалаҵәоу, насгьы иарҿиозеи уи?

4 Ауаатәыҩса рыбжьара аиӷареи аилибамкаареи ахьыҟоу зегь раԥхьаӡа иргыланы изхароу Аҩсҭаа иоуп. Едемтәи абаҳчаҿы иара иҳәеит ауаҩы Анцәа игәаанагара дазхьамԥшӡакәа ацәгьеи абзиеи закәу аӡбара ихала ишилшо, насгьы уи аҟаҵарагьы шихәҭоу (Аҟаз. [Быт.] 3:1—5). Ас еиԥш иҟаз ахәыцшьа иалҵшәахаз убаратәы иҟоуп. Иахьа аӡәырҩы ауаа, хаҭала еиԥш ажәларқәагьы, ахьыԥшымратә гәазыҟашьа аадырԥшуеит. Урҭ аԥагьареи, мыцхәы ахбзиабареи, аицлабреи рылоуп. Ари аҩыза агәазыҟашьа знырыр алзыршо зегьы Аҩсҭаа ихәыцшьа иадгылоит. Уи ухатә интересқәа еснагь зегь раԥхьа иргылалатәуп ҳәа иԥхьаӡоит. Ас еиԥш иҟоу ахәыцшьа аилибамкаара арҿиоит. Абиблиаҿы иануп «агәыԥжәара зҽазҭо аимак-аиҿак ирҿиоит, аԥсахеибакра злоу имаҷымкәа агәнаҳақәа ҟаиҵоит» ҳәа. Уи ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп (Ажәам. [Прит.] 29:22).

5. Ишԥадирҵоз Иисус ауаа аилибамкаарақәа рыӡбара?

5 Иисус ауаа аҭынчра иашьҭазарц дирҵон, уи азы рхатә интересқәа мап рыцәкра рықәшәаргьы. Ашьхаҿы ииҳәаз ажәахә аҿы аилибамкаарақәа рҽырцәыхьчареи аинышәареи рганахь ала алабжьара бзиақәа ҳаиҭеит. Иаҳҳәап, иара ишьҭанеицәа ргәазҭеиҵон цәгьара рыламзарц, еиныршәаҩцәазарц, рыԥсахы еибамкларц, ак рымазкуа ауаҩы заа инышәаларц, раӷацәа бзиа ирбаларц (Матф. 5:5, 9, 22, 25, 44).

6, 7. а) Избан ирласны аинышәара зхадоу? б) Иарбан хгәаҭароу Иегова имаҵзуҩцәа зегьы иҟарҵалар бзиоу?

6 Иахьа ҳара Иегова ҳимҵахырхәоит ҳаниҳәо, ажәабжь анаҳҳәо, аизарақәа ҳанырҭаауа. Аха аҭынчра ҳашьҭамзар, Иегова ҳмаҵзура дазыразхаӡом (Марк 11:25). Ҳара Анцәа иҩызахара ҳалшом, егьырҭ рыгхақәа ранажьра ҳазхиамзар. (Урыԥхьа Лука 11:4; Ефесаа рахь 4:32.)

7 Ақьырсианцәа зегьы хаҭала рхы гәарҭар рыхәҭоуп. Иазхәыцроуп егьырҭи дареи реизыҟазаашьақәа зеиԥшроу, насгьы агәаара рылоу-ирыламу. Шәхы шәазҵаа: «Иранасыжьуама сара гәыкала сыгәрахаҵара сыцеиҩызшо рыгхақәа? Сеигәырӷьома дареи сареи Анцәа имаҵ ахьеицаҳуа?» Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа анажьра иазхиазарц. Шәыламыс уи аганахь ала ак аԥсахра шаҭаху шәыҵанаҳәозар, Анцәа ацхыраара шәиҭарц азы шәиҳәала! Жәҩантәи Ҳаб абас еиԥш иҟоу ахынраалара зныԥшуа аҳәарақәа иаҳауеит, насгьы рҭак ҟаиҵоит (1 Иоанн 5:14, 15).

ИҲАЛШОМА АГХА УИАҞАРА АҴАКЫ АМҬАРА?

8, 9. Иҟаҳҵар акәзеи, аӡәы ҳиргәаазар?

8 Ҳара зегьы ҳнаӡам аҟынтә, знымзар-зны аӡәы ажәала ма усла ҳгәы нирхар ауеит. Уи аҩыза ҟамлар залшом (Еккл. [Эккл.] 7:20; Матф. 18:7). Шәышԥазнеиуеи уи шәара? Ҳазааҭгылап хҭыск. Зны аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аамҭа еицырхыргарц еизеит. Иаҳәшьак ҩыџьа аишьцәа аԥсшәа ралҳәеит, аха иашьак лҳәашьа игәамԥхеит, дагьгәааит. Урҭ аишьцәа рхала ианаанха, игәааз аиашьа аиаҳәшьа илҳәаз ажәақәа рзы акритика лзура далагеит. Аха егьи аиашьа игәалаиршәеит уи аиаҳәшьа имариамыз аҭагылазаашьақәа шлымазгьы, 40 шықәса Иегова дизиашаны имаҵ шылуаз. Иара агәра ганы дыҟан лара лажәақәа цәгьашақә ишылымҳәаз. Игәааз аиашьа маҷк даахәыцын, иҳәеит: «Уиашоуп». Убас иара иҟалаз зегьы ихашҭырц иӡбеит.

9 Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? Ҳгәаару-ҳамгәаару ҳара ҳауп изыӡбо. Абзиабара уиаҟара иӷәӷәам агхақәа хнаҩоит. (Урыԥхьа Ажәамаанақәа [Притчи] 10:12; 1 Пиотр 4:8.) Иегова иҿаԥхьа «агха уиаҟара аҵакы амҭара» иашьҭоу ауаҩы дыԥшӡоуп (Ажәам. [Прит.] 19:11; Еккл. [Эккл.] 7:9). Убри аҟынтә аӡәы ииашамкәа, ма патуқәымҵарала дшәызныҟәеит ҳәа шәгәы иаанагазар, иаразнак шәхы шәазҵаа: «Исылшома уи уиаҟара аҵакы амҭара? Иаԥсоума уи абас ахьаагара?»

10. а) Дышԥазнеи раԥхьа иаҳәшьак акритика? б) Иарбан библиатә жәеинраалақәоу уи аиаҳәшьа агәҭынчра ахьчара илыцхрааз?

10 Егьырҭ акритика анаҳзыруа, зны-зынла уи аҵакы амҭара мариам. Абар пионерс амаҵ зуаз иаҳәшьак дзықәшәаз. Уи Луси лыхьӡаҳҵап. Лара Анцәа имаҵ шылуа, насгьы лаамҭа лхы ишалырхәо аӡәы иҽеимкәа дрыхцәажәеит. Луси уи лгәы лнархьит, насгьы доуҳала ишәу аишьцәа алабжьара лырҭарц дрыҳәеит. Лара еиҭалҳәоит: «Абиблиа шьаҭас измоу алабжьара сыцхрааит егьырҭ ргәаанагара ииашаны азнеира, насгьы еиҳа ихадоу — Иегова игәаанагара — сыхшыҩ азышьҭра». Луси Матфеи 6:1—4 (уаԥхьа) иану ажәақәа лгәы шьҭырхит, насгьы илгәаладыршәеит зегь реиҳа ихадоу Иегова иргәырӷьара шакәу. «Иҟасҵо аӡәы иҽеимкәа дахцәажәозаргьы,— иацылҵоит Луси,— сара агәырӷьара сцәыӡуам, избанзар Иегова дысзыразхарц азы исылшо зегь шыҟасҵо здыруеит». Абри аҩыза алкаа аныҟалҵа ашьҭахь, Луси илыӡбеит имхәыцӡакәа егьырҭ ирҳәо ажәақәа ҵакы рымҭара.

АГХА АҴАКЫ АМҬАРА АНЫҞАМЛО

11, 12. а) Ихы шԥамҩаԥигар акәу ақьырсиан, иашьа иара иахь агәынхара имоуп ҳәа игәы иаанагозар? б) Иаҳҵозеи ҳара Авраам аимак-аиҿак шиӡбаз аҟынтә? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

11 «Ҳара зегьы агәнаҳарақәа маҷымкәа иҟаҳҵоит» (Иак. 3:2). Иаҳҳәап, шәара еилышәкааит ишәҳәаз, ма иҟашәҵаз шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо аӡәы игәы шинархьыз. Иҟаҵатәузеи усҟан? Иисус иҳәеит: «Амҭанагарҭаҿ умҭа уманы уаннеиуа аамҭазы, убраҟа уашьа уара уахь агәынхара шимоу анугәалашәалакь, инаугаз амҭа иара амҭанагарҭаҿ иааныжьны, уҿынаханы уашьа иҿы унеи, заа иара уинышәа, нас унеины умҭатә нагӡа» (Матф. 5:23, 24). Ари алабжьара инақәыршәаны шәашьа шәиацәажәа. Ишәхашәмыршҭын, хықәкыс ишәымоу уи дышиашам иеилыркаара акәӡам, аха шәара шәышиашамыз аҳәара ауп, насгьы шәыбжьара аҭынчра ахьчара ауп. Даара ихадоуп ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи аҭынчра ҳабжьазарц.

12 Шәааи еиҭа иаҳгәалаҳаршәап Авраам иашьа иԥа Лоти иареи аимак-аиҿак ҭынч ианырыӡбаз ахҭыс. Урҭ аҩыџьагьы ауасақәа рацәаны ирыман. Ахьшьцәа зеисыз аҳәырҭа азы акәзар ҟалап. Реизыҟазаашьақәа бжьымсырц азы, Авраам Лот анхарҭа ҭыԥ раԥхьа иалихырц алшара ииҭеит (Аҟаз. [Быт.] 13:1, 2, 5—9). Ари даараӡа ҿырԥш бзиоуп! Авраам ихатәы интересқәа ракәымкәа, аҭынчра ахьчара дашьҭан. Иоума Авраам ацәыӡ ӷәӷәа, агәыҳалалра ахьааирԥшыз иахҟьаны? Ҟалашьа амам! Уи ашьҭахьҵәҟьа Иегова Авраам азылԥхара дуқәа шииҭо дақәиргәыӷит (Аҟаз. [Быт.] 13:14—17). Анцәа ипринципқәа ирықәныҟәо, насгьы бзиабарала еинышәо имаҵзуҩцәа уи азы ацәыӡ ӷәӷәа роуртә ахаан иалиршом 1.

13. Дышԥарызнеи хылаԥшҩык аиашьа ихжәаны иеиҳәаз ажәақәа, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара уи аҿырԥшы?

13 Ҳазааҭгылап ҳаамҭазы иҟалаз ахҭыс. Зны аконгресс аҟәшақәа руак иаиуз ахылаԥшҩы ҿыц иашьак аҭел дизасит, насгьы диазҵааит ацхыраара аҟаҵара илшарызма ҳәа. Аха аиашьа аҵәы аҵаҵаны агәынамӡара ааирԥшын, аҭел ирцәеит. Уи уаанӡатәи ахылаԥшҩы игәы нирхахьан. Ахылаԥшҩы ҿыц арҭ ажәақәа игәаҵанӡа инеимгаӡеит, аха аҵакы рымҭарагьы илымшеит. Сааҭк ашьҭахь даҽазнык дасны иеиҳәеит, дара хаҭала еибаздырӡом аҟынтә, еиқәшәар, насгьы еицәажәар бзиан ҳәа. Мчыбжьык ашьҭахь урҭ Аҳратә зал аҿы еиқәшәеит. Раԥхьа Анцәа и́ҳәеит, анаҩс сааҭк аҟара еицәажәон. Уи аиашьа ахылаԥшҩы иҟалаз изеиҭеиҳәеит. Ахылаԥшҩы зҿлымҳарала уи дизыӡырҩит, насгьы Абиблиа аҟынтәи зхәыцрақәак дрылацәажәеит. Аҵыхәтәаны ибзианы еиԥырҵит. Уи ашьҭахь аиашьа аконгресс аҿы хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟаиҵон. Иара ахылаԥшҩы даараӡа иҭабуп ҳәа иеиҳәоит, уи ачҳареи ақьиареи ахьааирԥшыз азы.

ИАԤСОУМА АИЗАРА АЛАРХӘРА?

14, 15. а) Ианбаҭаху Матфеи 18:15—17 иану анапхгара ацныҟәара? б) Иарбан шьаҿақәоу Иисус еиқәиԥхьаӡаз, насгьы хықәкыс ирымоузеи урҭ?

14 Аимак-аиҿакқәа реиҳарак ӡбалатәуп урҭ зыдҳәалоу рыбжьара мацара. Аха Иисус иазгәеиҭеит ҭагылазаашьақәак рҿы аизара ацхыраара аҭаххар шалшо. (Уаԥхьа Матфеи 18:15—17.) Иҟаҵатәузеи агәнаҳаҟаҵаҩ аиашьеи, ашаҳаҭцәеи, аизареи рзыӡырҩра мап ацәикуазар? Уи «амурҭаҭи аҳазалхҩи» реиԥш изныҟәатәуп. Иахьа ҳара иаҳҳәарын уи ауаҩы аизара далцатәуп ҳәа. Ус анакәха, Иисус зыӡбахә иҳәоз уиаҟара иӷәӷәам агәнаҳақәа ракәӡам. Уи 1) аимак-аиҿак иалахәу рыбжьара иуӡбар ҟало агәнаҳа, насгьы 2) иумыӡбар, аизара алцарахь уназго агәнаҳа ӷәӷәа ауп. Ус еиԥш иҟоу агәнаҳақәа рахь иаҵанакуеит мцҳәарала аӡәы ак ицәгара, ма аӡәы ацәгьа изҳәара, уи ала ихьӡ бжьыхуа. Ара аизара аиҳабацәа ирыӡбаша асексуалтә гәаԥхашәадареи, агомосексуализми, ахьаҵреи, аныхамҵахырхәареи реиԥш иҟоу егьырҭ иӷәӷәоу агәнаҳақәа ракәӡам зыӡбахә ҳәоу.

Уашьа дурҳарц азы, зныкымкәа иацәажәара аҭаххар ауеит (Шәахәаԥш абзац 15.)

15 Иисус бзиабарала аиашьа ишицхраатәу аганахь ала алабжьара ҳаиҭеит (Матф. 18:12—14). Актәи, егьырҭ аламырхәыкәа аус аӡбара ҳҽазаҳшәароуп. Иҟалап агәнаҳаҟаҵаҩ зныкымкәа иацәажәара аҭаххар. Уи амыхәар, иҟалаз збаз ашаҳаҭцәа, ма агәнаҳа шыҟаҵаҵәҟьаз ашьақәырӷәӷәара зылшо ганы шәиацәажәа. Уи ашьҭахь ауадаҩра ӡбахар, аиашьа дурҳаит ҳәа ԥхьаӡа. Агәнаҳаҟаҵаҩ шәицхраарц азы зныкымкәа иҟашәҵаз шәҽазышәарақәа лҵшәада ианаанхо ауп аизара аиҳабацәа ианраҳәатәу.

16. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус еиқәиԥхьаӡаз х-шьаҿак аимак-аиҿак бзиабарала аӡбара иҳацхраауеит ҳәа?

16 Лассы-лассы Матфеи 18:15—17 иану ашьаҿақәа зегьы рыҟаҵара аҭаххаӡом. Уи ҳара ҳаргәырӷьоит, избанзар абжьааԥны агәнаҳаҟаҵаҩ аизара иалцара аҟынӡа инеиӡом. Лассы-лассы агәнаҳаҟаҵаҩ агха шыҟаиҵаз иҳәоит, насгьы уи ариашара иҽазишәоит. Идыргәааз ауаҩы агәнаҳаҟаҵаҩ иахь уаҳа агәынамӡара шимам ибоит, иҟалап уи ианаижьыргьы. Ишыҟазаалакгьы, Иисус иажәақәа иаадырԥшуеит иаразнак аизара аиҳабацәа рахь ацара шахәҭам. Урҭ рыцхыраара анаҭаху раԥхьатәи ҩ-шьаҿак аныҟаҵоу, насгьы иҟалаҵәҟьаз узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа аныҟоу мацара ауп.

17. Иарбан зылԥхарақәоу ирзыԥшу аҭынчра иашьҭоу?

17 Иахьатәи адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа ҳара, инаӡам ауаа, ҳгәы нибархалоит. Аҵаҩы Иаков иҩуан: «Ҳара зегьы агәнаҳарақәа маҷымкәа иҟаҳҵоит. Зажәаҿ гәнаҳарада иҟоу — уи акы згым, зхы-зыԥсы, зцәеижь анкылара зылшо иоуп» (Иак. 3:2). Убри аҟынтә аилибамкаарақәа рыӡбаразы ҳара ҳаиныршәаҩцәазар ауп, уи иаанагоит аҭынчра аԥшаара, уи аҽазышәара (Аԥсал. 33:15 [34:14, АдҾ]). Уи иабзоураны ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамазаауеит, аизараҿы акзаара ҟалоит (Аԥсал. 132:1—3 [133:1—3, АдҾ]). Аха зегь раасҭа ихадоу, ҳара «аҭынчра-ахирра Рынцәа», Иегова, ҳаизааигәахоит (Рим. 15:33). Аилибамкаарақәа бзиабарала рыӡбара иашьҭоу арҭ азылԥхарақәа зегьы рзыԥшуп.

^ 1 Абзац 12. Иара убас ҭынч аимак-аиҿакқәа рыӡбон Иакови Исави (Аҟаз. [Быт.] 27:41—45; 33:1—11); Иосиф иашьцәеи иареи (Аҟаз. [Быт.] 45:1—15); Гедеони ефремааи (Аӡб. [Суд.] 8:1—3). Иҟалап шәара Абиблиа иану егьырҭ ахҭысқәагьы шәгәалашәар.