Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

«Ахьчаратә бааш» аҿы иану егьырҭ астатиақәа

«Ахьчаратә бааш» аҿы иану егьырҭ астатиақәа

Ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы аизарақәа рҽырзыҟарҵарц азы JW Library® рхы иадырхәоит. Дара иргәаԥхоит уи апрограммаҿы «Ахьчаратә бааш» аҟынтә аҵаразы астатиақәа рыԥшаара ахьымариоу. Аха аҵаразы аҭыжьымҭақәа рҿы иҟоуп ҳхаҵара зырӷәӷәо егьырҭ астатиақәагьы. Иҳаԥшаар шԥаҳалшо урҭ JW Library ҳхы иархәаны?

  • Аҵаразы иҟоу астатиақәа зегь рынҵәамҭаҿы иҟоуп ахеиҵа «Дополнительные материалы». Уи ахеиҵа аҵаҟа иҟоуп азхьарԥш «Другие статьи в этом выпуске». Уи шәанақәыӷәӷәалак ажурнал аҵакы ахьану адаҟьа аатуеит. Уаҟа шәара ижәбоит аҵаразы астатиақәа зегь рыхьӡқәеи рномерқәеи, насгьы егьырҭ астатиақәа рыхьӡқәа. Шәзыԥхьар шәҭаху астатиа ахьӡ шәақәыӷәӷәа.

  • JW Library ихадоу адаҟьаҿы иҟоу аҟәша «Новое» аҿы иҿыцу «Ахьчаратә бааш» анцәырҵлак, уи хаҳҩылаар ҳалшоит. Ихыжәҩылааз ажурнал аашәыртыр, аҵакы ахьану адаҟьа жәбоит. Статиакгьы шәцәыбжьамхарц азы уи шәахәаԥш.