Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахацәеи аҳәсеи

Арҭ еишьҭагылоу астатиақәа рыцхыраарала ахаҵара аазырԥшуаз Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахацәеи аҳәсеи рҭоурых еиҳа еиӷьны еилышәкаар шәылшоит a. Арҭ ауаа рҿырԥштәқәа шәхаҵареи Анцәеи шәареи шәеиҩызареи арӷәӷәара ишәыцхраауеит.

«Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара» ҳәа хьӡыс измоу еишьҭагылоу авидеонҵамҭақәа шәыцхраауеит Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахаҵара аазырԥшуаз ахацәеи аҳәсеи иҵегь ирҿышәҵаар шәылшо аилкаара.

a Усҟан имҩаԥысуаз ахҭысқәа шәхаҿы иаажәгарц азы астатиақәа рҟны иаагоуп Абиблиаҿы ианым детальқәак. Уи Абиблиа иану, иара убас аҭоурыхтә документқәеи археологиатә ҭҵаарақәеи ирҿамгыларц азы, инарҵауланы аҭҵаарақәа мҩаԥган.

Адунеи аншаз инаркны Аӡхыҵра аҟынӡа

Авель. «Иара иахьа уажәраанӡагьы дцәажәоит, дшыԥсхьоугьы»

Еилаҳкаар ҳалшозеи ҳара Авель игәрахаҵареи иареи ирызкны Абиблиа иану ажәабжь кьаҿ аҟынтә?

Нои. Иара «ииашоу Анцәа дицын»

Иарбан уадаҩрақәоу ирымаз Нои иԥҳәыси иареи рхәыҷқәа анырааӡоз? Ишԥааԥши рыгәрахаҵара аковчег аргылара аан?

Аӡхыҵра инаркны Мысра алҵра аҟынӡа

Аврам. Агәрахаҵара змоу зегьы раб

Ишԥааирԥши Аврам агәрахаҵара? Шәызҿыԥшлар шәҭахузеи Аврам игәрахаҵараҿы?

Израильаа Мысра ианалҵ инаркны раԥхьаӡатәи раҳ иҟынӡа

Руфь. «Бара бахьцо саргьы сцоит»

Избан Руфь лыуацәеи лыԥсадгьыли рааныжьра зылзымариаз? Иарбан ҟазшьақәоу Иегова иҿаԥхьа лыхә ҳаракны дҟазҵаз?

Руфь. «Пату зқәу аԥҳәыс»

Избан Руфьи Воози рҭаацәалазаара зхадоу? Ирҿаҳҵаар ҳалшозеи Руфьи Ноеминьи, аҭаацәарақәа ирызкны?

Анна. Лара лгәы иҭаз аартны Анцәа иалҳәеит

Анна Иегова иахь илымаз лыгәрахаҵара иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы илыцхрааит.

Самуил. Иара «Иегова иҿы изҳауан»

Изеиԥшрази Самуил ихәыҷра? Ицхраазеи Самуил игәрахаҵара аизырҳара иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ аниуаз?

Самуил. Инамӡаз игәыӷрақәа игәрахаҵара дмырԥсыҽӡеит

Ҳара зегьы ауадаҩрақәеи инамӡаз агәыӷрақәеи ҳамоуп, урҭ зегьы ҳагәрахаҵара ԥыршәоит. Иаҳнарҵар алшозеи Самуил иааирԥшуаз ахачҳара?

Израильаа раԥхьаӡатәи раҳ инаркны Христос иира аҟынӡа

Ионафан. «Иегова акгьы иԥырхагахом»

Ионафан иабџьарныҟәгаҩи иареи бџьарла иеибыҭаз Филистимаа ргәыԥ иажәлеит. Ари аҭоурых абӷьыцқәа ирнылеит.

Давиди Ионафани. «Ионафан иԥсы Давид илаҵәеит»

Ишԥалшеи ас еиԥш иҟоу аиҩызара аизырҳара шьҭралеи қәралеи еиԥшмыз арҭ ҩыџьа ахацәа рыбжьара? Ишԥалшо дара рҿырԥштәы шәаргьы ибзиоу аҩызцәа рыԥшаара ишәыцхраар?

Авигеиа. Лара аҟәышра аалырԥшуан

Авигеиа аҭаацәалазаараҿы илымаз ауадаҩра лыӡбеит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

Илиа. Иара ииашоу агәрахаҵара ӷәӷәала дадгылан

Ишԥаҳалшо Илиа иҿыԥшра Абиблиа иану агәра зымго ауаа ҳанрацәажәо?

Илиа. Иара агәҽанызаара иман, насгьы дыԥшын

Дышԥаиҳәоз аԥааимбар Илиа Анцәа, иара иқәыргәыӷра анагӡара дазыԥшнаҵы?

Илиа. Иара Инцәа иҿы агәҭынчра иԥшааит

Игәы казыжьзеи убриаҟара Илиа, аԥсра даҳәартә аҟынӡа?

Илиа. Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуан

Ахачҳара аазырԥшуаз Илиа иҿырԥшы ҳагәрахаҵара арӷәӷәар, насгьы ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраар алшоит.

Иона. Игхақәа хәарҭа рылихуан

Ишәылшома Иона ицәаныррақәа реилкаара, иара адҵа анагӡара данацәшәа? Ари ахҭыс аҟынтә ихадоу аурокқәа алҳкаауеит Иегова ичҳареи игәыҳалалреи ирызкны.

Иона. Иара агәшаҭара аарԥшышьа иҵеит

Ишԥаҳацхраауеи Иона изку ажәабжь ҳалшарақәа реилкаара?

Есфирь. Лара Анцәа ижәлар дрыдгылеит

Есфирь леиԥш ахамеигӡаратә бзиабара аарԥшразы иаҭахуп агәрахаҵареи агәымшәареи.

Есфирь. Лара ҟәыӷарыла, гәымшәарыла, насгьы хамеигӡарыла лхы мҩаԥылгон

Ишԥаалырԥшуаз Есфирь ахамеигӡара Иегова изы, насгьы лыжәлар рзы?

Христос иира инаркны апостолцәа рыԥсра аҟынӡа

Мариа. Сара Иегова итәы соуп!

Еиликаауазеи амаалықь Гавриил Мариа лыгәрахаҵара иазкны иҟалҵаз аҭак аҟынтә? Иарбан ҟазшьа бзиақәоу еиҭа Мариа иаалырԥшыз?

Мариа. Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон

Мариа Вифлеем дзықәшәаз ахҭысқәа Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь лыгәрахаҵара дырӷәӷәеит.

Иосиф. Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын

Ишԥеихьчоз Иосиф иҭаацәара? Избан Иосиф Мариеи Иисуси Мсырҟа изигаз?

Марфа. Сара агәра згоит

Ишԥаалырԥши Марфа агәрахаҵара ӷәӷәа данџьабоз?

Пиотр. Иара ашәареи алакҩакреи дырҿагылан

Алакҩакра уҭазырхо амч ду амазар алшоит. Аха Пиотр ашәареи алакҩакреи дыриааины Иисус ишьҭанеиҩы иакәны дҟалеит.

Пиотр. Аԥышәарақәа раан иара азиашара ааирԥшуа

Ишԥаицхрааи Пиотр игәрахаҵареи изиашареи Иисус иҟынтә алабжьара адкылара?

Пиотр. Иара Ирҵаҩы ибзоурала анажьра закәу еиликааит

Иеилиркаазеи Иисус Пиотр анажьра аганахь ала? Ишԥааирԥши Иисус Пиотр ишианаижьыз?