Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иаҳәозеи Абиблиа ахбзиабара иазкны?

Иаҳәозеи Абиблиа ахбзиабара иазкны?

Абиблиа иану

 Абиблиа аҟынтә иубарҭоуп ухы иахьынӡахәҭоу бзиа абара цәгьара шаҵам, уи адагьы ус иахәҭоуп. Ухы бзиа абара иаанагоит ухы аиҷаҳара, ахпатуқәҵара, ауаҩра ахьчара (Матфеи 10:31). Абиблиа ухы мыцхәы бзиа ибала ҳәа аҳәаӡом, аха ҳахбзиабара зеиԥшразар ахәҭоу аилкаара иҳацхраауеит.

Бзиа иаҳбалар ахәҭада?

  1.   Аԥсҭазаараҿы зегь реиҳа Анцәа Иегова бзиа даҳбалароуп. Абиблиаҿы иануп зегь реиҳа ихадоу аԥҟара: «Бзиа дба Иуқәиҭу Унцәа — угәынаӡала» (Марк 12:28—30; Ҩынтәзакәан 6:5).

  2.   Аҩбатәи ихадоу аԥҟара: «Бзиа дба иузааигәоу ухы еиԥш» (Марк 12:31; Алевит 19:18).

  3.   Абиблиа џьаргьы иалкааны иаҳәаӡом «ухы бзиа ибала» ҳәа. Аха аԥҟара «бзиа дба иузааигәоу ухы еиԥш» иҳаилнаркаауеит ухы пату ақәуҵалар, насгьы бзиа иубалар ахьынӡахәҭоу. Убас ухы уазыҟазар уи алҵшәа бзиақәа узаанагоит.

Зегь реиҳа бзиа иибодаз Иисус Христос?

 Иисус иԥсҭазаарала иаҳирбеит Анцәа иахь абзиабара, иаҳзааигәоу рахь абзиабара, насгьы ҳхы бзиа абара ҳгәаҿы ҭыԥс иааннакылар ахәҭоу. Иара иҵаҩцәагьы убас аҟаҵара ргәазҭеиҵон (Иоанн 13:34, 35).

  1.   Иисус зегь реиҳа бзиа иибоз Иаб, Анцәа Иегова иакәын. Иԥсҭазаара зегь Иаб игәаԥхара анагӡара иазикит. Иисус иҳәеит, адунеи «иадыруазааит Саб Сара бзиа дшызбауа, ԥҟарақәас Саб исзаԥиҵазгьы шынасыгӡауа» (Иоанн 14:31).

  2.   Иара убас Иисус ауаа бзиа ибон. Иара дара рҭахрақәа дреиҷаҳауан, уи адагьы иԥсҭазаара рыхҭниҵеит (Матфеи 20:28).

  3.   Иисус иахьынӡахәҭоу ихы бзиа ибон. Иара аамҭа алихуан аԥсшьаразы, акрыфаразы, иара убас иҩызцәеи иҵаҩцәаны иҟалар зҭахызи рацәажәаразы (Марк 6:31, 32; Лука 5:29; Иоанн 2:1, 2; 12:2).

Ҳхы ак агҳажьуама ҳхатә интересқәа раасҭа егьырҭ ауаа ринтересқәа аԥхьа иҳаргылозар?

 Мап. Ҳара ҳшоуп феида иашьҭам абзиабара аарԥшраҿы аҿырԥш бзиа ҳазҭаз Анцәа ҳиеиԥшны (Аҟазаара 1:27; 1 Иоанн 4:8). Ус анакәха егьырҭ бзиа рбара ҟазшьас иҳалоуп. Ҳхы бзиа абара ҳәарада ихадоуп. Аха ҳара еиҳа насыԥ ҳамазаауеит Иегова бзиа ибара, насгьы иаҳзааигәоу абзиара рзура ҳара ҳзы зегь реиҳа ихадазар. Абиблиаҿы иануп «аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп» ҳәа (Аусқәа 20:35).

 Аӡәырҩы ргәы иаанагоит ухы уашьҭамлар анасыԥ аиура цәгьахоит ҳәа. «Бзиа дба иузааигәоу» ҳәа иҟоу аԥҟара урҭ ирыԥсахит «ухы бзиа иба» ала. Аха аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа инарықәыршәаны еиҳа агәабзиареи анасыԥи змоу абас еиԥш иҟоу абиблиатә лабжьара иқәныҟәо роуп: «Уарбанзаалакь ухы мацара уашьҭамлан, даҽа шьоукы ирыхәашагьы уазааԥса» (1 Коринфаа рахь 10:24).