АЕПИЗОД 2
«Ари... Сԥа иоуп»
(Шаҟа аамҭа ицо: 52:46)
Иоанн Аӡӡаахҩы ауаа Мессиа иаара иазыҟаиҵоит. Иисус имаҵзура далагоит. Ари аепизод аҿы анаҩстәи ахҭысқәа арбоуп:
Иоанн Аӡӡаахҩы Анцәа иажәабжь аҳәара далагеит (Лука 3:1, 2; Иоанн 1:6)
Иоанн алашара дазышаҳаҭуеит (Иоанн 1:7, 8)
Иоанн ауаа аӡы рыҽӡаархырц реиҳәоит (Матфеи 3:1—12; Лука 3:3—18; Марк 1:1—8)
Иисус аӡы иҽӡааихуеит (Матфеи 3:13—17; Марк 1:9—11; Лука 3:21, 22)
Иԥшьоу адоуҳа Иисус ацәҳәырахь днанагоит (Марк 1:12, 13; Матфеи 4:1; Лука 4:1, 2)
Иисус Христос дызхылҵыз ашьҭра (Лука 3:23—38; Матфеи 1:1—17)
Иисус Аџьныш ихыхрақәа мап рцәикуеит (Матфеи 4:2—11; Лука 4:3—13)
Иоанн иҳәоит иара Христос шиакәым, аха ацәҳәыраҿы зыбжь ду го шиакәу (Иоанн 1:19—28)
Иоанн ауаа Иисус иахь ихьарԥшны, «Анцәа Исыс» шиакәу реиҳәоит (Иоанн 1:29—31)
Иоанн Анцәа идоуҳа Иисус иахь ишылбааз дазышаҳаҭуеит, насгьы иԥшьоу адоуҳала ауаа рӡаахра атәы иҳәоит (Иоанн 1:32—34)
Иоанн иҵаҩцәа Иисус ишьҭанеиуеит (Иоанн 1:35—39)
Андреи иашьа Пиотр диманы Иисус иахь днеиуеит (Иоанн 1:40—42)
Филиппи Нафанаили Иисус иҵаҩцәа ракәны иҟалоит (Иоанн 1:43—51)
Иисус галилеиатәи Кана иҟаз ачараҿы аӡы аҩы алихуеит (Иоанн 2:1—12)
Иисус Иерусалим иҟоу аныҳәарҭа ирыцқьоит. Уи актәи арыцқьара ауп (Иоанн 2:13—17)
Иисус иҿагылаз аиудеиаа иреиҳәоит хымш рыла аныҳәарҭа шеиҭашьақәиргыло (Иоанн 2:18—22)
Аӡәырҩы Иисус игәра ргеит иҟаиҵаз аџьашьахәқәа анырба (Иоанн 2:23—25)

