Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иазҭода афинанстә цхыраара Иегова ишаҳаҭцәа инарыгӡо аус?

Иазҭода афинанстә цхыраара Иегова ишаҳаҭцәа инарыгӡо аус?

 Ҳара ҳажәабжьҳәаратә ус еиҳараӡак Иегова ишаҳаҭцәа хатәгәаԥхарала иаларҵо аԥара абзоурала ауп ишымҩаԥысуа a. Хатәгәаԥхарала аҭара аҟаҵаразы ҳхы иаҳархәар ҳалшоит ҳаизарақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҿы иҟоу аиашьыкьқәа, мамзаргьы адаҟьа «Пожертвования» аҿы иарбоу даҽа лшарақәак. Доусы ихала иӡбоит иҭахума иара хатәгәаԥхарала аҭара аҟаҵара адунеизегьтәи аус азы, аҭыԥантәи аизаразы, ма аҩбагьы рзы.

 Иегова ишаҳаҭцәа уалны ирыдӡам ажәабатәи ахәҭа аҭара, ма рхашәалахәы аҟынтә иалкааны хәҭак ашәара (2 Коринфаа рахь 9:7). Ҳаизарақәа рҿы аԥара еизыргаӡом, насгьы аҩналаразы, аӡӡаахразы, аԥсыжрақәа рзы, ачарақәа рзы, ма егьырҭ адинхаҵаратә маҵзурақәа рзы аԥара ршәаӡом. Ҳара аԥара еизаҳгаӡом ачалыхқәа рыҭира ала, уи азы еиҿаҳкааӡом аиармаркақәа, алотереиқәа, афестивальқәа, шьыбжьхьафарақәа, иара убас урҭ иреиԥшу амероприатиақәа, насгьы аҭара ҟарҵарц ҳрыҳәаӡом. Аҭара ҟазҵо рыхьӡқәа аӡәгьы издырӡом (Матфеи 6:2—4). Ҳсаитқәеи ҳпубликациақәеи рҿы аӡыргара ыҟаӡам.

 Есымза Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа зегьы аԥара аҭагылазаашьа атәы реизарақәа рҿы ирыларҳәоит, уахь изҭаху зегь неир рылшоит. Аизарақәа зегьы рҿы хатәгәаԥхарала иҟарҵо аҭарақәа ииашаны рхы ишадырхәо иааиԥмырҟьаӡақәа игәарҭоит (2 Коринфаа рахь 8:20, 21).

Ишԥаҟаҵатәу хатәгәаԥхарала аҭара

  •   Хатәгәаԥхарала аҭаразы аиашьыкьқәа. Шәара хатәгәаԥхарала аҭара ҟашәҵар шәылшоит напынҵала, ма ачекқәа рыла, урҭ ҭашәыршәыр шәылшоит Аҳратә залқәа, Аконгресстә залқәа, ма ҳаизарақәа ахьымҩаԥысуа егьырҭ аҭыԥқәа рҿы иҟоу ҷыдала уи азы иалху аиашьыкьқәа рахь.

  •   Онлаин ала хатәгәаԥхарала аҭара. Атәылақәа жәпакы рҿы шәара шәхы иашәырхәар шәылшоит адаҟьа «Пожертвование Свидетелям Иеговы», уа акредиттә, ма адебеттә картақәа рыла, абанк ала аиагара, ма асаит аҿы иарбоу егьырҭ азнеишьақәа рыла хатәгәаԥхарала аҭара аҟаҵара шәылшоит b. Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы ирыӡбоит есымза хатәгәаԥхарала аҭарахь ирышьҭуа аԥара, насгьы хыхь зыӡбахә ҳәаз знеишьак алхны уи аԥара аиагара иаздырхиоит (1 Коринфаа рахь 16:2)

  •   Заа иӡбаны иҟоу хатәгәаԥхарала аҭара. Хатәгәаԥхарала аҭаразы иҟоу знеишьақәак заа рҽырзыҟаҵалатәуп, ма аиуристцәа рыцхыраара аҭахуп. Урҭ аҽазыҟаҵарақәа рыбзоурала шәара ишәылшоит шәтәылаҿы иҟоу ашәахтә льготақәа шәхы иашәырхәар. Аӡәырҩы ахәарҭа ду рзаанагеит рыԥсы анҭоу аҭара аҟаҵара шрылшо еиԥш, ианԥслак ашьҭахьгьы аҭара ҟарҵар шрылшо иазку аинформациа. Ҳшәыҳәоит, Иегова ишаҳаҭцәа рфилиал шәадҵаал, еиҳаны аинформациа шәоурц азы, ҵаҟа иаагоу знеишьақәак рыла хатәгәаԥхарала аҭара ҟашәҵар шәҭахызар:

    •   абанктә алаҵарақәа,

    •   аԥгаԥсатә аҭара,

    •   еиҭамҵуа амал,

    •   акциақәеи зыхә ҳараку ақьаадқәеи,

    •   ауасиаҭи агәрагаратә еиқәшаҳаҭреи

 Шәтәылаҿы хатәгәаԥхарала аҭаразы иҟоу алшарақәа еилышәкаарц азы шәахәаԥш адаҟьа «Пожертвование Свидетелям Иеговы».

a Иегова ишаҳаҭцәам аӡәырҩы ҳус иацхраарц азы хатәгәаԥхарала аҭара аҟаҵара агәаҳәара рымоуп.

b Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Как сделать пожертвование через наш сайт».