12 ХАЛЕВ

Иара Анцәа дизиашаны даанхеит

Иара Анцәа дизиашаны даанхеит

МОИСЕИ Египетынтәи дыбналан данцаз аамҭазы израильтәи ҭаацәарак аҿы ҷкәынак диит, уи Халев ихьӡырҵеит. Иара дхәыҷаахыс маҵуҩыс дыҟан, аха аҵыхәтәаны ахақәиҭра иоуит. Халев 40 шықәса раҟара анихыҵуаз, Моисеи Египетҟа дхынҳәит Иегова идҵа наигӡарц азы, израильтәи ажәларгьы ахақәиҭра риҭарц азы. Халев, ҳәарада, Иегова иааирԥшыз имчра даара иџьеишьеит, Египет жәа-рыцҳарак ианақәиршәа, Амшын ҟаԥшь анеиҩиша, насгьы ижәлар акыраамҭа иззыԥшыз ахақәиҭра анриҭа.

Урҭ ахҭысқәа Халев ихаҵара дырӷәӷәеит, ахаангьы ихашҭуамызт. Израильаа аӡәырҩы Анцәа иахь рхаҵара анԥсыҽхагьы, иара Иегова дизиашан даанхеит. Израильаа Египет ианалҵ мызқәак рышьҭахь Синаи ашьхаҿы дара Иегова иҿагылеит. Уи ашьҭахь хара имгакәа Моисеи Халев иҷыдаз адҵа ииҭеит: Иисус Навини иареи, иара убас даҽа жәаҩык израильтәи ахацәа — абиԥарақәа реиҳабацәа — рыцны Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл ахь ицаны еимырдарц.

Урҭ 12-ҩык ахацәа агәымшәара аарԥшны Ханаанҟа амҩа иқәлеит. Дара уи адгьыл аҿы 40 мшы иҟан, ақалақь еимырдон, ауаа ирыцклаԥшуан, насгьы адгьыл иаанагоз аҽаҩра зеиԥшраз гәарҭон. Уи ашьҭахь ажьи амыҵмыџьи рыманы шьҭахьҟа ихынҳәит. Иааргаз ажьымжәа убриаҟара идуун, ҩыџьа ахацәа алаба ихшьны, рҟәаҟәа иқәҵаны иааргар акәхеит. Аха аԥшыхәцәа ирбаз израильаа рзеиҭаҳәара ианалага, Халев илымҳа иаҳауаз агәра изымгазар ҟалап. Абиблиаҿы иануп жәаҩык аԥшыхәцәа «еимырдоз адгьыл иҽеимкәа иахцәажәон» ҳәа. Дара ханаанаа зоура ҳараку, иааишьа змам уаа ӷәӷәақәоуп ҳәа иашшуан. Аԥшыхәцәа урҭ анефилимцәа ирхылҵыз роуп ҳәагьы рҳәеит. Аха уи мцын, избанзар Анцәа аӡхыҵраан анефилимцәа ықәигахьан. Жәаҩык аԥшыхәцәа ирҳәаз израильаа иҟарҵо рзымдыруа иқәнархеит. Урҭ рҟынтә шьоукы Египетҟа ҳархынҳәны ҳазгаша даҽа ԥхьагылаҩык далаҳхып ҳәа рҳәо иалагеит.

Аха Халеви Иисус Навини зынӡа даҽакала рхы мҩаԥыргон. Дара израильаа ргәы ашьҭыхра рҽазыршәон, абасгьы рҳәон: «Ҳара Иегова дҳацуп. Шәырцәымшәан урҭ». Аха уи израильаа еиҳагьы рыԥсахы еибанаркит, Халеви Иисус Навини ахаҳә иадыргар рҭахын!

Иегова уи даара игәы инархьит. Иара ижәлар Египет ахәура иҭигарц азы ирзыҟаиҵаз шырацәазгьы, израильаа абас иаарласны мап ицәыркит! Аха Халеви Иисус Навини рхаҵара Анцәа изгәамҭакәа инымхаӡеит. Иегова Халев изы абасгьы иҳәеит: «Иара даҽакала дыҟан, насгьы гәыкала дысзыӡырҩуан». Иегова иӡбеит ахаҵара ззымхоз уи абиԥара зегьы ацәҳәыраҿы ишыԥсуа a. Халеви Иисус Навини зхыԥхьаӡара рацәамыз, Анцәа зыԥсҭазаара еиқәирхоз, насгьы Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеираны иҟаз иреиуахар акәын.

Анцәа иахь ахаҵара зцәыӡыз израильаа Халев дыршьыр рҭахын, аха иара Иегова дизиашаны даанхеит

Ҩынҩажәа шықәса рыҩныҵҟа израильаа ацәҳәыра иқәын. Уи аамҭа зегьы Халев ахаҵареи агәымшәареи шааирԥшыц иааирԥшуан. Иара еснагь Моисеи дивагылан, уи данԥсы ашьҭахьгьы Иисус Навин дицхраауан. Иегова Иисус Навин иеиҳәеит израильаа Иордан ирганы Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеигарц. Халев иқәрахь дышнеихьазгьы агәымшәара аарԥшны Ханаан Анцәа иаӷацәа драбашьуан.

Израильаа Иордан ианыр фышықәса рышьҭахь Изқәыргәыӷыз адгьыл абжеиҳарак ргахьан. Иааит аамҭа Халев иҭаацәеи иареи ахьынхало аҭыԥ аналихшаз. Иара Хеврон алихит. Уи адгьыл ауп жәаҩык аԥшыхәцәа уа аибашьцәа ӷәӷәақәа нхоит, агарагьы залшом ҳәа ззырҳәахьаз. Халев 85 шықәса шихыҵуазгьы, агәрагаҵәҟьаны иҳәеит: «Иегова, ҳәарада, сара дсыцзаауеит, сара урҭ Иегова ишиҳәахьаз еиԥш иқәысцоит». Убас иагьыҟалеит. Халев Хеврон игеит, уа анхарагьы далагеит. Уи ашьҭахь, Абиблиаҿы ишҳәоу еиԥш, «адгьылгьы аибашьра аҟынтә иҭынчхеит».

Ажәашықәсақәа раԥхьа Моисеи Халев иеиҳәахьан: «Уара Сынцәа Иегова зегь рыла уизыӡырҩуан». Халев иԥсы ахьынӡаҭаз арҭ ажәақәа инарықәыршәаны дынхон. Иԥсы анҭалалакгьы, ҳәарада, уаанӡа еиԥш еснагь Иегова иҳәатәы дықәныҟәалоит!

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

  • Ахыԥхьаӡарақәа 13:1—14:12, 20—38

  • Иисус Навин 14:6—15

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Халев агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Убасҵәҟьа идуузма Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл аҿы изызҳауаз ажьымжәа, Ахыԥхьаӡарақәа 13:23 аҿы ишҳәоу еиԥш? (w06-U 15/6 16, абз. 1, 2).

  2. 2. Иҟаҵәҟьазма меигӡарахда ахши ацхеи Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл аҿы, Иисус Навини Халеви ишырҳәоз еиԥш? (Ахыԥхь. 14:8; w11-U 1/3 15). 1

    Institute of Archaeology/Hebrew University © Tel Rehov Excavations

    Асахьа 1. Израиль ирыԥшааз анышәаԥшь иалху ашьхымзақәа, урҭ X — IX ашәышықәсақәа рылагамҭа ҳ. ҟ. иҟаз роуп

  3. 3. Шаҟа иазааигәахахьази израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл, Моисеи 12-ҩык аԥшыхәцәа Кадешынтәи уахь иандәықәиҵа? (w04-U 15/10 16—17, абз. 11, 12). 2

    Асахьа 2

  4. 4. Дышԥаиқәныҳәеи Иегова Халев иааирԥшуаз ахаҵареи агәымшәареи рзы? (w06-U 1/10 18, абз. 11).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Халев еснагь Анцәа дышизиашазгьы, егьырҭ израильаа дрыцны ацәҳәыра дықәзар акәхеит. Аха иара уеизгьы ахынраалара ааирԥшуан, Иегова игәрагарагьы даҟәыҵӡомызт. Иарбан ҭагылазаашьақәоу Халев иҿырԥшы ҳацхраар ахьалшо?

  • Ишԥаҳацхраауеи Халев иҿырԥшы аиҳараҩык рышьҭамлара? (Ақәҵ. 23:2). 3

    Асахьа 3

  • Ишԥашәылшо Халев шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Халев ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Еилышәкаа Халев иҿырԥшала ахаҵареи агәымшәареи шеидҳәалоу.

«Мужественные благодаря вере и страху перед Богом» (w06-U 1/10 16—19, абз. 1—12).

Избан 85 шықәса зхыҵуаз Халев иҳәар зилшоз: «Сара Сынцәа Иегова зегь рыла сизыӡырҩуан»? (Иис. Н. 14:8).

«Следуешь ли ты Иегове в точности?» (w93-U 15/5 26—29).

a Иегова ихьырхәра 20 шықәса иреиҵаз израильааи алевитцәеи аҵанакӡомызт (Ахыԥхь. 14:29).