3 САРРА
Лара иаанлыжьыз дахьҵәыуаӡомызт
САРРА Авраам иԥҳәыс лакәын. Лара лыԥшәма даараӡа бзиа дылбон. Дара Ур инхон. Ауаа рацәа ахьынхоз уи ақалақь адгьыл Сеннаар аҿы ишьҭан, аӡиас Евфрат азааигәара. Уи ақалақь аҭӡамц жәпақәа ирыхьчон. Ур инхоз ауаа еиуеиԥшым анцәахәқәа ирымҵахырхәон. Аха Авраам урҭ дреиԥшӡамызт. Иара Иегова заҵәык имаҵ иуан. Саррагьы Иегова дхалҵон, аха иаарласны лара еиҳагьы ахаҵареи агәымшәареи аалырԥшыр акәхеит.
Авраам Сарра илеиҳәеит Иегова дышиацәажәоз. Шаҟа лгәы архыҭхыҭзеи уи! Аха Анцәа ииҳәаз аҟаҵара ус имариамызт. Уи азы агәымшәара ӷәӷәа аҭахын, избанзар рыҩни рыуацәеи ааныжьны, ақалақь Ур иалҵны, ихараз адгьыл ахь ицар акәын. Дара ауадаҩрақәа зцыз ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь иахьиастәыз ихараз амҩа рзыԥшын. Авраами Сарреи аҭӡамц ӷәӷәақәа змаз ахьчаҩцәа ирыхьчоз ақалақь ду иалҵыр акәын. Дара аӡы ахьнеиуаз, ирызгьамаз рыҩни ргәареи ааныжьны, ақьалақәа рҿы инхалар акәын. Уажәшьҭа аџьармыкьахьгьы ицаны ирҭаху рзаахәалаӡомызт. Ажәакала, ауадаҩрақәа рацәан. Ус шакәызгьы, Сарра ацара дақәшаҳаҭхеит. Лара Иегова диқәгәыӷит, убри аҟынтә лымаҭәақәа еизылган, лыуацәеи лҩызцәеи абзиараз ҳәа нараҳәаны, Авраам амҩа дицықәлеит. Раԥхьаҟа ирзымдыруаз амҩа рзыԥшын.
Сарра хьаада-баада инхалар ахьрылшоз Урҟа ҳхынҳәып ҳәа Авраам длыргәыбзыӷӡомызт. Лара еснагь лыԥшәма дивагылан, Иегова иахьиҳәоз ацарагьы дазхиан
Ишԥаалырԥши Сарра иҵегьы агәымшәара? Апостол Павел Авраами лареи ирызкны иҩит: «Иаанрыжьыз аҭыԥ иааҟәымҵӡакәа иазхәыцуазҭгьы, ихынҳәыр рылшон» (Аур. 11:15). Ааи, Сарра илызгьамаз, ҭынч дахьынхоз, Ур иаанлыжьыз аҩны гәхьаалгаларгьы ҟалон. Аха лара иаанлыжьыз дахьҵәыуаӡомызт.
Авраами Сарреи ахьнеиз Ханаан адгьыл аҿы Евфрат еиԥш идууз аӡиас ыҟаӡамызт. Уахь ахәаахәҭыҩцәа афатәи егьырҭ амаҭәахәқәеи ӷбала инаргартә алшара рымамызт. Убри аҟынтә, уа амлакра аныҟала, Авраами Сарреи иқәҵны имцар ада ԥсыхәа рмоуӡеит. Сарра уи аҭагылазаашьа лхы иархәаны лыԥшәма Урҟа ҳхынҳәып ҳәа иргәыбзыӷра даламгаӡеит. Уи аҭыԥан Египетҟа диццеит. Уи еиҳагьы ихаран.
Сарра цәгьала дыԥшӡан, убри аҟынтә Авраам дшәон иԥҳәыс дицәырӷьычыр ҳәа, иаргьы дыршьыр ҳәа. Убри аҟынтә Сарра Авраам иаҳәшьа соуп ҳәа аҳәара лықәшәеит. Уеизгьы Сарра лыԥшӡара аӡбахә египеттәи афараон иҟынӡа инеит. Уи изқәымгәыӷуаз ауадаҩрақәа рызцәырнагеит. Афараон адҵа ҟаиҵеит Сарра Авраам димхны аҳҭынрахьы днаргарц. Ҳәарада, аҳҭынраҿы анхара еиҳа иманшәалан, ашәарҭара ыҟаӡамызт, ақьалақәа рҿы анхара аасҭа. Илҭаххама Сарра Авраам дкажьны афараон ицынхара? Ҳәарада, мап! Лара бзиа илбоз лыԥшәма дизиашан азы, дымлакҩакӡакәа уи мап ацәылкит. Иаарласны Иегова Сарра деиқәирхеит, Авраам диздырхынҳәыртә иҟаиҵеит a.
Иегова иҳәеит Авраам ажәлар ду шихылҵуа. Аха Сарра ахшара длоуӡомызт. Уи даараӡа лгәы канажьуан. Ус шакәызгьы, акыршықәса рышьҭахь Иегова Сарра дылзылԥхеит. Лара 90 шықәса шылхыҵуазгьы, Иегова лгәыхәтәы наигӡеит — аԥа длоуит. Иегова ишиҳәахьаз еиԥш аҷкәын Исаак ихьӡырҵеит. Уи ахьӡ иаанагоит «аччара». Авраами Сарреи аԥа дышроуа анеилыркаа, игәырӷьаҵәа иччон. Сарра агәра ганы дыҟан ауаагьы гәырӷьаҵәа ишлыцыччало, Иегова илзыҟаиҵаз аџьашьахәы атәы анраҳалак.
Сарра акыршықәса нылҵит. Лара илбон лыҷкәын дшеизҳауаз, насгьы дышуаҩ бзиахаз. Уи зегь зыбзоураз Исаак бзиа дахьылбоз, насгьы агәымшәара аарԥшны ашәарҭарақәа дахьырцәылыхьчоз ауп. Сарра иаанлыжьыз дахьҵәыуаӡомызт. Лара Ур илымаз аԥсҭазаара бзиа дазымхәыцларц лыӡбеит. Лҭаацәеи лареи Анцәа изықәиргәыӷыз наӡаны ирымбаӡеит, аха иаарласны уи хымԥада ирбоит!
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥаалырԥшуаз Сарра агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Цәгьарас ҳәа акыр аҵазма Сарра Авраам дахьиццаз, дара абык ишихылҵызгьы? (wp17.3-U 12, абз. 5, албаага).
-
2. Изеиԥшрази Сарра лыԥсҭазаашьа Ур данынхоз? (wp17.3-U 13, абз. 4—14, абз. 2). 1
Photograph taken by courtesy of the British Museum
Асахьа 1. Ажәытәтәи Ур ахьыҟаз аҭыԥ аҿы ирыԥшааз ахьымаҭәа
-
3. Избан Авраам Сарра иԥҳәыс шлакәыз аӡәгьы иалымҳәарц ахьлеиҳәаз зҟәыӷараз? (wp17.3-U 14, абз. 6—15, абз. 2).
-
4. Сарра Авраам иҳәатәы дацныҟәон, аха иаанагозма уи лара ажәа лымаӡамызт ҳәа? Иҳаилшәыркаа. (g-U 1/08 29, абз. 4, 5). 2
Асахьа 2
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Еиҿшәырԥш Сарреи Лот иԥҳәыси.
-
Излеиԥшызи урҭ рҭагылазаашьақәа? (Алаг. 12:1; 13:5—7; 19:12, 15).
-
Дызлалеиԥшымзи Лот иԥҳәыс Сарра? (Алаг. 19:17, 26; Лука 17:28—32).
-
Иабакылнагеи урҭ ирыдыркылаз аӡбарақәа, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
-
-
Сарра даараӡа иԥшӡаз ԥҳәысын, лыԥшәмагьы амал ду иман. Ишԥаҳнарҵо лара лҿырԥшы аԥшӡареи амали ҳашрықәымгәыӷлаша? (Ажәам. 31:30; 1 Тим. 6:17—19).
-
Ишԥашәылшо Сарра шәылҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар? 3
Асахьа 3
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Сарра илышәҭарц ишәҭаху лыԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Иднарҵар алшои Сарра лҿырԥшы аҳәса реиԥш ахацәагьы?
Еилышәкаа Авраами Сарреи пату аиқәҵараҿы ирыцхраауаз.
a Ԥыҭрак ашьҭахь уи аҩыза еиҭах иҟалеит, аҳ Авимелех Сарра иара иахь данига. Сарра агәымшәара аарԥшны, зегьы Авраам ишлеиҳәаз еиԥш иҟалҵеит. Аҵыхәтәаны Иегова дырҩегь Сарра деиқәирхеит.

