21 САМУИЛ

Иегова ихьӡала ицәажәоз аҷкәын

Иегова ихьӡала ицәажәоз аҷкәын

САМУИЛ Самсони Иеффаи иԥҳаи дызлареиԥшыз ак ыҟан. Урҭ ахҩык рҭаацәа Иегова изыӡырҩуан, уи рхәыҷқәа рыԥсҭазаара ианырит. Самсон иеиԥш Самуил дназореин (Аӡб. 13:7). Иеффаи иԥҳа леиԥш иара иԥсы ахьынӡаҭаз ҷыдала Иегова имаҵ иуан (1 Сам. 2:11). Ҳәарада, Самуилгьы Самсони Иеффаи иԥҳаи реиԥш агәымшәара иҭахын.

Самуил агәыԥҳәы данаҵхыз ашьҭахь (иҟалап иара хышықәса ма маҷк еиҳаны ихыҵуазҭгьы), иан Анна Иегова ажәа шилҭахьаз еиԥш, Силомҟа длыманы дааит, иԥшьоу ақьала аҟны амаҵ иуларц азы. Шықәсык ахь знык лара лыҷкәын ибара даауан. Даацыԥхьаӡа ақьалаҟны амаҵ аниуаз ишәиҵашаз амаҭәа ҿыц изаалгон. Зықәрахь инеихьаз аԥшьаҩ хада Или Самуил дихылаԥшуан. Иҟалап уаҵәҟьа амаҵ зуаз аҳәсагьы ахәыҷы иааӡара ицхраауазҭгьы.

Аха ари иԥшьоу аҭыԥ аҿы иҽеимыз аусқәа ҟарҵон. Или ихаразгьы ыҟан. Ҩыџьа иԥацәа Хофнии Финееси даара ибжьысны иҟаз уаан. Дара иԥшьоу ақьала аҟны амаҵ зуаз аҳәса ирыцышьҭалон. Уи адагьы, Иегова изы инаргоз акәырбанқәа пату рықәырҵаӡомызт. Ауаа иԥшьоу ақьалахь акәырбанқәа аннаргоз, зегьы Иегова иҭара аҭыԥан, Хофнии Финееси рмаҵуцәа ирарҳәон иреиӷьу ахәҭақәа рӷьычларц. Или уи зегь идыруан. Аха иара ирхааны, хыхь-хыхь ауп иҷкәынцәа аҽԥныҳәа шриҭоз, дара ракәзар, уи ииҳәоз хьаасгьы ирымамызт. Самуил иааикәыршаны ацәгьара шыҟазгьы иара Иегова диҩыза бзиахеит. Ауаагьы Самуил бзиа дырбон. Иегова Силом иҟаз аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәҵатәуп ҳәа аниӡба, иӡбара рылеиҳәарц азы иқәыԥшыз Самуил далихит.

Уахык зны Самуил аӡәы ибжьы даанарԥшит. Уи Иегова иакәын. Аха Самуил изҿызҭуаз зықәрахь инеихьаз илашәыз Или иакәыз џьишьеит. Убри аҟынтә Самуил дыҩны иара иахь днеит, ииҭаху еиликаарц азы. Или иҳәеит аҷкәын ишизҿимҭыз, дцаны дышьҭаларцгьы иеиҳәеит. Самуил еиҭа ҩынтә абжьы иаҳаит. Аҵыхәтәаны Или еиликааит уи Иегова ибжьы шакәыз. Убри аҟынтә иара Самуил дцаны дышьҭаларц, аха еиҭах абжьы иаҳар абас иҳәарц иеиҳәеит: «Иҳәала Иегова, умаҵуҩы дузыӡырҩуеит». Аҷкәын убас иагьыҟаиҵеит.

Иегова аԥшьынтәраан Самуил ианизҿиҭ, иара аҭак ҟаиҵеит: «Умаҵуҩы дӡырҩуеит, иҳәала». Анцәа Самуил изеиҭеиҳәеит Силом иҟоу аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәиҵарц игәы ишҭоу, насгьы Или иԥацәа, Хофнии Финееси, иҟарҵо агәнаҳақәа хьаас иахьимам азы дшахьирхәуа. Иегова Или ишьҭра иатәыз зегьы, ибжьысыз иԥацәагьы уахь иналаҵаны, ӷәӷәала дрықәыӡбеит. Самуил абри зегьы Или изеиҭеиҳәар акәын.

Самуил шьыжьымҭанынӡа ииарҭаҿы дышьҭан, аха дыцәоу-дызмыцәоу атәы Абиблиаҿы акгьы анӡам. Ашамҭазы Самуил дгылеит, иԥшьоу ақьала ашҭа узлаҭалоз ашә ааиртырц азы. Самуил «иибаз Или изеиҭаҳәара дацәшәон», уи деилукартә иҟоуп. Или аҷкәын дааиԥхьан, Анцәа иуеиҳәази ҳәа диазҵааит. Иҟалап иара игәеиҭазар, Самуил игәы шҭынчмыз, убри аҟынтә инациҵеит: «Суҳәоит, акгьы сцәумҵәахын».

Самуил дышхәыҷызгьы Иегова уи далихит аԥшьаҩ хада Или дышиқәыӡбаз иеиҳәарц азы

Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит уи Самуил изы шаҟа имариамыз. Ҳәарада, иара Или даара пату иқәиҵон, иара изы уи абдук иеиԥш дыҟан. Уи адагьы, Или ԥшьаҩ хадас дыҟан, израильаа Анцәа имаҵ аураҿы ԥхьагылаҩыс дрыман. Аха Самуил уеизгьы зегь изеиҭеиҳәеит. Убас ала Или еиликааит Иегова иқәыӡбара иаарласны ишынаӡо. Акыр ҟаиҵама иара уи ашьҭахь иҷкәынцәа иԥшьоу ақьалаҿы иҟарҵоз ацәгьарақәа ирҟәаҵырц азы? Излаҳбо ала, мап.

Анцәа Самуил иааирԥшыз агәымшәаразы меигӡарахда дизылԥхеит. Абиблиаҿы иҳәоуп «Иегова уи дицын» ҳәа. Уи адагьы, Анцәа Самуил ила ижәлар драцәажәон. Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз уи ауаҩы ииҳәоз зегь наӡон, Или ииҭаз агәҽанҵарагьы уахь иналаҵаны. Самуил акыршықәса Израиль аҿы гәыкала Иегова иԥааимбарс, иара убас ӡбаҩыс амаҵ иуан. Ауриацәагьы лабжьарак ма напхгарак анырҭахыз иара иахь инеиуан. Анцәа имчала Самуил данхәыҷыз инаркны агәымшәара аарԥшышьа иҵеит, еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла иҭәыз иԥсҭазаара аҵыхәтәанынӡагьы уи аҟазшьа ааирԥшуан.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Самуил агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Шәахцәажәа Иегова иқьала ахьыҟаз Силом (w92-U 1/11 8—9). 1

    Todd Bolen/BiblePlaces.com

    Асахьа 1. Ажәытәан Силом ахьыҟаз аҭыԥ

  2. 2. Самуил иԥшьоу ақьалаҿы иԥсҭазаара зеиԥшраз шәахцәажәа (ia 60—62, абз. 9—13). 2

    Асахьа 2

  3. 3. Ишԥеилкаатәу Самуил «макьана цқьа Иегова диздырӡомызт» ҳәа иҳәоу ажәақәа? (1 Сам. 3:7; w02-U 15/12 8, абз. 5, 6).

  4. 4. Ишԥанаӡеи Иегова Или ишьҭра иатәыз ирзиӡбаз? (it-U «Илий», № 1, абз. 4—6).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Ишԥарыцхраауеи иқәыԥшу ақьырсианцәа Самуил иҿырԥшы:

    • аҳәатәхаҵара аарԥшра? (1 Сам. 3:5).

    • апатуқәҵара аарԥшреи хаала ацәажәареи? (1 Сам. 3:6—10).

    • узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟалара? (1 Сам. 3:15). 3

      Асахьа 3

  • Иарбан ҭагылазаашьақәоу иқәыԥшу ақьырсианцәа ацәажәаразы агәымшәара рҭаххар аналшо, насгьы ирыцхраар шԥалшо Самуил иҿырԥшы?

  • Ишԥашәылшо иҵегьы Самуил шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Самуил ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Ианбарҭаххар алшо иқәыԥшугьы изызҳахьоугьы ақьырсианцәа агәымшәара ииашаны рхы мҩаԥыргаларц азы?

«Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу шәырҿыԥшла. Самуил» (4:53)

Иқәыԥшыз Самуил Анцәа пату иқәзымҵоз дырҿыԥшӡомызт.

«Самуил решил служить Иегове» (ijwis-U астатиа 15)