20 САМСОН

Иара данԥсыҽыз Анцәа амч ииҭарц диҳәон

Иара данԥсыҽыз Анцәа амч ииҭарц диҳәон

САМСОН аҭагылазаашьа цәгьа дақәшәеит. Иара агха ӷәӷәа ихьит: имч ӷәӷәа маӡас иаҵаз иҳәеит. Хара имгакәа филистимаа дыркын, илақәа ҭыхны ашьамҭлаҳәқәа ишьарҵеит. Иара абахҭа дҭаркит, аџьамыӷәа цәгьа дҭаргыланы аус идыруан. Абар иара џьара дыргеит. Икәша-мыкәша иҟаз шиимбозгьы, филистимаа Инцәа Иеговеи иареи ишырхыччоз иаҳауан. Самсон еиликаауан уи зхараз иара шиакәыз. Иара агәымшәара злаз уаҩын, аха илшома уажәы агәымшәара аарԥшра?

20 шықәса рыҩныҵҟа Самсон Израиль ӡбаҩыс дыҟан. Аха иара егьырҭ аӡбаҩцәа дреиԥшӡамызт. Вараки, Гедеони, Иеффаии реиԥш иҟаз аӡбаҩцәа ар ираԥхьагыланы Анцәа иаӷацәа ирабашьуан. Самсон иакәзар, аибашьцәа рыцхыраарада ихала деибашьуан. Иара имацара филистимаа рацәаҩны ишьит. Изҭази уи аҩыза амч?

Самсон иҭаацәа ирдыруан Иегова рԥа дани инаркны назореис дшалихыз. Убри аҟынтә иара ахаангьы ихцәы хиҵәаӡомызт. Самсон аназореицәа рзы иҟаз аԥҟарақәа дрықәныҟәонаҵы, Иегова уаҩ иимбац амч ииҭон. Зны иара напышьашәала алым еимижәжәеит. Анцәа иҟынтә иоуз амч ала Самсон Иегова дырҩегь ицәхьаҵыз ауриацәа зыргәаҟуаз филистимаа драбашьуан.

Зны Самсон филистимаа рацәаҩны ишьит. Ауриацәа уи анраҳа, ашьоура иацәшәан, Самсон деиқәԥах дҿаҳәаны филистимаа дрырҭеит. Аха Самсон дызлаҿарҳәаз ашахақәа ақәны иалхыз арахәыц еиԥш иԥиҵәҵәеит. Уи ашьҭахь иара аҽада ацламҳәала даҽа 1 000-ҩык филистимаа ишьит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Самсон Газа даныҟаз иаӷацәа имҩа ркит, ашамҭазы дыршьырц. Аха иара ҵхагәазы дгылан, ақалақь агәашә дуқәа наҟ-ааҟ изкыз ашьаҟақәеи иареи шеимаз иҵҳәаны, иҟәаҟәа иқәыжьны 60 километра раҟара ахьыбжьаз Хеврон аҿаԥхьа иҟаз ашьха ақәцәа иманы дхалеит.

Самсон есааира аиааира игон. Филистимаа ирбон рынцәақәа, Дагонгьы уахь дналаҵаны, Иегова гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәа рҿаԥхьа акгьы шрылымшоз. Аха аҵыхәтәаны филистимаа Самсон излаииааишаз гызмалрак рхәыцит. Урҭ Далила зыхьӡыз аԥҳәыс дрыцхраарц илыҳәеит.

Самсон Далила бзиа дибеит, аха лара уи дылҭиит. Филистимаа аԥара лырҭеит Самсон имч маӡас иаҵоу еилылкаарц азы. Лара дааҟәымҵӡакәа игәы лфон, имч маӡас иаҵоу леиҳәаанӡа. Самсон игәы анкыдгыла, уи зегь лзеиҭеиҳәеит. Иара иҳәеит ихцәы хырҵәар, имч шилҵуа, иаҳбац уаҩны дшыҟало. Далила Самсон дыцәаанӡа ҳәа дыԥшын, даныцәа ауаҩы даалыԥхьан ихцәқәа хиҵәеит. Уи ашьҭахь Абиблиаҿы ишҳәоу еиԥш «Иегова иара даанижьит», Самсонгьы имчқәа илҵит. Убасҟан филистимаа иуада иҩналаны, дыкны илақәа ҭырхит.

Самсон иаӷацәа ачарыц идырлагон. Уи иџьабаа даара ицәгьан. Самсон еиликааит агха ӷәӷәа шыҟаиҵаз, уи даарагьы дахьхәит. Филистимаа ракәзар, игәырӷьаҵәа иҟан, избанзар изыцәшәоз раӷа уажәшьҭа абҩа иалхыз ашьамҭлаҳәқәа зшьаз маҵуҩын. Дара рынцәа Дагон ихьӡала аныҳәа ду азгәарҭон, убри аҟынтә аныҳәарҭа ду аҿы филистимаа рацәаҩны еизеит. 3 000-ҩык раҟара ахыб аҿы иҟан. Филистимаа адҵа ҟарҵеит Самсон ргәы ирҿыхарц азы дааргарц. Иара ҩ-гәашьа дук рыбжьара ддыргылеит. Уи аамҭазы Самсон ихцәы ԥыҭк иазҳахьан.

Самсон игхақәа ирыхҟьаны ахақәиҭра ицәыӡит, аха аамҭа анааи Иегова игәҭакы наигӡарц азы аҵыхәтәаны имч ихы иаирхәеит

Самсон инапқәа аныҳәарҭа агәашьақәа ирыдиҵан Иегова диҳәеит уаанӡа имаз амч изирхынҳәырц. Иара абас Анцәа диҳәеит: «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Аҳ Иегова, суҳәоит даҽа знызаҵәык сугәаларшәа, насгьы сырӷәӷәа». Анаҩс ибжьы ҭыганы ҿааиҭит: «Филистимаа срыцҭахааит!» Шәхаҿы иаажәг Самсон ижьышәақәа шаҟа рыҽдырххаз агәашьа дуӡӡақәа дрыгәҭасуа даналага. Урҭ раԥхьа ихыџхыџит, нас аилаҳара иалагеит. Филистимаа иҟалаз еилыркаанӡа аныҳәарҭа еилаҳаит. Убас ала Самсон иԥсы ҭанаҵы иишьхьаз раасҭа еиҳаны Анцәа иаӷацәа ишьит. Ари Самсон Анцәа имч ихы ианаирхәаз аҵыхәтәантәи хҭысхеит.

Ашәышықәсақәа анҵы апостол Павел Самсон ахаҵара ӷәӷәа змаз Иегова имаҵзуҩцәа дырхиԥхьаӡалеит. Иара «иԥсыҽыз ӷәӷәахон» ҳәа шьоукы рыӡбахә иҩуан. Ҳәарада, агәымшәара злаз ари аӡбаҩ урҭ дреиуан (Аур. 11:32—34).

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Самсон агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Избан Самсон аԥсцәа дышрылакьысуазгьы дназореины даанхар зилшоз? (w05-U 15/1 30, абз. 1 — 31, абз. 1).

  2. 2. Избан Самсон Газантәи Хевронҟа ақалақь агәашәқәа игарц азы Анцәа иԥшьоу идоуҳа ада ԥсыхәа зимамыз? (w04-U 15/10 15, абз. 7, 8). 1

    Асахьа 1

  3. 3. Иаҳзырбозеи Далила дауриазар шалшоз? (w05-U 15/3 28, абз. 3).

  4. 4. Избан Самсон Иегова дызиҳәаз: «Сылақәа руак азы адамзаргьы филистимаа рҿаԥхьа сшьа зурц усыцхраа»? (Аӡб. 16:28; it-U «Самсон», абз. 10).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Далила дааҟәымҵӡакәа Самсон имаӡаз аинформациа илырҳәарц дашьҭан, аҵыхәтәаны иара зегь лзеиҭеиҳәеит. Иднарҵар алшои ари аҭоурых аизара ахылаԥшыҩцәа рыҳәсеи дареи? 2

    Асахьа 2

  • Самсон агха ӷәӷәа ҟаиҵеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь Иегова игәҭакы наигӡарц азы дырҩегь амч ииҭеит. Ақьырсиан ииашамкәа ихы мҩаԥигазар, ицхраар шԥалшо Самсон иҿырԥшы игәы камыжькәа, анаҩсгьы Иегова имаҵ аура?

  • Ишԥашәылшо Самсон шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Самсон ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Иеилшәыркаа шәхәыҷы сахьала еиҭаҳәоу ари ажәабжь ала Самсон аҭоурых аҿы зегь раасҭа иӷәӷәаз ауаа дреиуан ҳәа ҳҳәар зҳалшо.

«Святой дух наделяет Самсона силой» (ijwis-U астатиа 14)

Иаҳнарҵар алшои иҵегьы Самсон изку ажәабжь?

«Самсон шәиҿыԥшла — Иегова шәиқәгәыӷла» (w23.09 2—7)