6 РЕВЕККА

Лара агәымшәара аарԥшны ихараз адгьыл ахь дцеит

Лара агәымшәара аарԥшны ихараз адгьыл ахь дцеит

АМРА аҭашәара иаҿуп. Ревекка лыԥҳал ду аашьҭылхын, аҵеџь ахь дцеит. Аҭаацәара зегь рзы аӡаагара лара дзышьцылахьаз лнапы ианыз усын. Аҵеџь даназааигәаха, змахҽқәа зманы инеиз хацәақәак уа ишгылаз лбеит. Аха урҭ ауаа шылзымдыруазгьы, дымшәаӡакәа аҵеџь ахь днеин, аӡы аҭгара далагеит.

Ревекка лыԥҳал лыманы аҩныҟа дандәықәла, зықәрахь инеихьаз хаҵак дыҩны длыхьӡеит. Иара илеиҳәеит: «Сбыҳәоит, быԥҳал аҟынтә ҿамҩак аӡы сыржә». Ревекка илзымдыруаз уи ауаҩ мап ицәылымкӡеит. «Ижә, ухаҵкы» — лҳәан, аԥҳал лыжәҩахыр иаақәылхын, изхара аӡы илыржәит.

Аха Ревекка уи аҿы даанымгылаӡеит. Лара имахҽқәа рыжәабагьы аӡы длыржәырц идылгалеит. Уи ахаҵа ари аҭыԥҳа ԥшӡа дџьашьаны длыхәаԥшуан. Иара ибон амахҽқәа рызхара аӡы длыржәаанӡа лара аҵеџьи аӡы знылҭәалози дыҩуа дышрыбжьаз. Уи ашьҭахь дзыԥҳаз еиликааит, насгьы уи ауха лаб иҩнаҭаҿы иаангылар ҟалома ҳәа длазҵааит. Ревекка илзымдыруаз ауаҩы ицхраара дырҩегь мап ацәылымкӡеит. Лара уи ахаҵа ицызгьы иаргьы лаб иҩнаҭаҿы иаангыларц рыдылгалеит, рмахҽқәагьы амла ишадмыркуа ралҳәеит.

Ревекка илыздырӡомызт аҵеџь аҿы иҟалаз Иегова инапхгара шакәыз. Зықәрахь инеихьаз уи ахаҵа (излаҳбо ала, уи Елиезер иакәын) харантә дааит. Уи ахҭыс ҟалаанӡа мчыбжьқәак раԥхьа Авраам Елиезер диҳәеит ихараз адгьыл ахь дцаны, имаз-ихӡыз зегь зҭынхараны иҟаз иҷкәын Исаак изы аԥҳәыс диԥшаарц. Авраам даараӡа иҭахын иҷкәын ԥҳәысс ииго аҭыԥҳа Иегова имаҵ зуа аҭаацәара датәызарц. Уи иара изы даараӡа ихадан. Убри аҟынтә Елиезер Иегова диҳәеит иус ирманшәаларц. Иара Иегова диҳәеит Исаак изы иалихшаз аҭыԥҳа дара рахь иҷыдоу асасдкылара аалырԥшырц. Ревекка убас иагьыҟалҵеит.

Ревекка зынӡа илзымдыруаз ауаа рахь асасдкылара аалырԥшит. Усҟантәи аамҭазы уи шәарҭаӡамызт, избанзар ауаа даҽакала иҟан. Иахьатәи ҳаамҭазы акәзар, ауаа ргәыжәла цәгьоуп, абзиара рцәымӷуп (2 Тим. 3:1, 3). Аха усҟантәи аамҭазгьы Ревекка ақьиара ду аалырԥшит, уи азы агәымшәара шаҭахызгьы. Лаԥхьаҟа уи аҟазшьа еиҳагьы илҭаххеит.

Хара имгакәа, Ревекка еилылкааит Елиезер ицыз ауааи иареи харантә изааз. Ревекка лаб Вафуили лашьа Лавани Елиезер ачеиџьыка идыргалеит. Аха иара дызнеиз иҳәаанӡа акрыфара дымтәаӡеит. Иара урҭ ирзеиҭеиҳәеит Иегова Ревекка лыԥшаара дышицхрааз. Елиезер еиҭеиҳәаз ианазыӡырҩ, Вафуилгьы Лавангьы ус рҳәеит: «Ари Иегова иус ауп».

Иҟалҵазеи Ревекка, лыҩны ааныжьны ихараз адгьыл ахь нхара диасырц, насгьы ахаан илымбацыз ахаҵа ԥҳәысс диццарц Анцәа ишиҭахыз анеилылкаа?

Лхы шԥамҩаԥылгеи Ревекка? Лара Елиезер иццара лҭахымхар ауан. Авраамгьы Елиезер дишьҭаанӡа иеиҳәахьан аӡӷаб Ханаанҟа ацара лҭахымхар шалшоз. Елиезер ауха уа даангылеит. Адырҩаҽны Ревекка дсыманы сцар ҟалома ҳәа Вафуили Лавани дразҵааит. Усҟан дара аӡӷаб лгәаанагара еилыркаарц рыӡбеит. Лара ацара дшақәшаҳаҭыз лҳәеит. Ревекка дазхиан лыҩнаҭеи лыуацәеи ааныжьны, ихараз адгьыл ахь ацара, урҭ уаҳа илымбар шалшоз шеилылкаауазгьы. Илызҭазеи абриаҟара агәымшәара? Иҟалап ларгьы еилылкаазар уи Иегова иус шакәыз.

Мчыбжьқәак рышьҭахь Елиезери Ревеккеи амахҽқәа ирықәтәаны, ауаа рыцны, Ханаан иҟаз Авраам илагер ахь инеит. Амра аҭашәамҭазы Ревекка дылбеит зхәыцрақәа ирҭанагаланы адәҳәыԥш иқәыз, 40 шықәса раҟара зхыҵуаз ахаҵа. Уи Исаак шиакәыз анларҳәа, ахынраалара аарԥшны иаразнак лхы ҵалкит. Убри ала иаалырԥшит иԥҳәыс лакәны аҟалара дшазхиаз. Исаак иҟәымшәышәыз, иқьиаз уаҩын. Иан Сарра дыԥсижьҭеи хышықәса ҵуан, аха ихьаа уажәгьы имтәаӡацызт. Илылшама Ревекка Иегова илиҭаз адҵа анагӡара? Илылшама Исаак бзиа дызбоз, еснагь ивагылаз, Иегова имаҵ аура ицхраауаз ԥҳәысны аҟалара? Абиблиа иаҳәоит уи шлылшаз. Абар уа Исаак ицәаныррақәа ирызкны иану: «Исаак уи бзиа дибеит, убас иан данԥсы ашьҭахь игәы иҟажеит».

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥаалырԥши Ревекка агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Иарбан лшароу Елиезер ицәыӡыз, Авраам аԥа даниоу? Иаҳзырбозеи Елиезер игәы шыцқьаз, насгьы ашьыцра шиламыз? (Алаг. 15:2—4; 24:12; w97-U 1/1 30, абз. 2).

  2. 2. Избан Авраам изиҭахыз Исаак иигараны иҟаз аԥҳәыс Ханаанҟа диасырц, Исаак лара лықалақь ахь нхара дымцакәа? (w97-U 1/1 30, абз. 3).

  3. 3. Ҵакыс ирымази Елиезер Ревекка лҭаацәеи лареи ириҭаз аҳамҭақәа? (it-U «Ревекка», абз. 4).

  4. 4. Иарбан уадаҩрақәоу Ревекка дзықәшәар алшоз Харанынтәи Негевҟа амҩа данықәыз? (wp16.3-U 15, абз. 1). 1

    www.LifeintheHolyLand.com

    Асахьа 1. Анкьа Негев ауаа рацәаны инхон, насгьы Авраам иԥсаса ахьҳәуаз адәқәа рацәан

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Иаҳнарҵозеи Авраами, Ревеккеи, Исааки рԥацәа рзы аҳәса шалырхуаз? (Алаг. 24:2, 3; 27:46—28:1).

  • Ревекка аџьабаа иацәымшәоз, згәы ҭбааз, иҟәымшәышәыз ҭыԥҳан. Илҿыԥшлар шԥарылшо иахьа аиҳәшьцәа? 2

  • Ишԥашәылшо Ревекка леиԥш агәымшәара аарԥшра?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Ревекка илышәҭарц ишәҭаху лыԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Еилышәкаа Ревекка аҭаацәара даналала, насгьы ахшара анлоу ашьҭахьгьы агәымшәара шаалырԥшуаз.

«Ревекка — богобоязненная и решительная женщина» (w04-U 15/4 8—11)