14 РААВ

Лара Иегова иган аанылкылеит

Лара Иегова иган аанылкылеит

АЖӘЫТӘТӘИ Иерихон апальмақәа рықалақь ҳәа иашьҭан. Уа ақалақь аҭӡамц аҿы Раав зыхьӡыз акаҳԥы дынхон. Уи лԥенџьыр аҟынтә амра ашәахәақәа рыла иҩычаз акаршәра убарҭан (Ҩынтә. 34:3). Аха ақалақь аҩныҵҟа ауаа шәаны, ргәы каҳаны иҟан. Иерихон инхоз ирдыруан израильаа рықәлараны ишыҟаз, Анцәа Иегова ицхыраарала рықалақь шыргоз, насгьы аӡәгьы дшеиқәымхоз. Иегова урҭ ирзиӡбаз рықәнаган.

Израильаа рлагер Иерихон азааигәара идыргылеит. 40 шықәса раԥхьа Иегова ижәлар афараон ир рҟынтә еиқәирхеит, египтаа Амшын ҟаԥшь аҿы иӡааирҟәрылеит. Израильаа Иерихон инеиаанӡа маҷк шагыз Иегова ицхыраарала амчра ӷәӷәа змаз амореиаа раҳцәа Сихони Оги рыруаа ԥыххааса иқәырҵеит. Урҭ аиааира ахьыргаз џьоушьартә иҟан, избанзар ацәҳәыра иқәижьҭеи акыршықәса ҵуан, аибашьышьагьы рыздырӡомызт. Уажәшьҭа Иерихон иақәлатәын. Иегова ижәлар иреиҳәеит уи ақалақь аҿы инхо ауаа рус хәымгақәа рзы ирықәнагоу иақәдыршәарц.

Раав илдыруан Иерихон инхоз ауаа аус хәымгақәа ишырҿыз. Лхаҭагьы дызҿыз еиӷьӡамызт, лара дкаҳԥын. Излаҳбо ала, Раав уаҳа ус анхара лҭахӡамызт. Иегова изкны еилылкааз ашәара акәымкәа, агәыӷра лнаҭеит. Иегова ханаанаа рынцәақәа дреиԥшӡамызт, иара аиашара бзиа избоз Нцәан. Иара ижәлар ихьчон, ҳаҭыргьы рықәиҵон. Убри аҟынтә ус еиԥш иҟаз Анцәа иеилкаара лҭахын.

Хәылбыҽхак Раав лахь уахынла иахьаангылашаз аҭыԥ иашьҭаз ҩыџьа ахацәа ааит. Агәеилых змаз Раав иаразнак еилылкааит урҭ израильтәи аԥшыхәцәа шракәыз. Аха лымацара лакәӡам уи еилызкааз, Иерихон аҳгьы иаҳаит. Иара Раав лахь ауаа ишьҭит аԥшыхәцәа дәылганы ирылҭарц азы. Раав лыԥсҭазаара зегь зыԥсахыр алшоз имариамыз аӡбара лыдылкылар акәын. Дзыдгылода лара: Иерихон инхоз ракәу, Иегова иакәу?

Раав агәымшәара аарԥшны Иегова иган аанылкылеит. Лара аԥшыхәцәа аҩны ахыб аҿы илҵәахит, аҳ имаҵуцәа даҽа мҩак ала илышьҭит. Аҳ имаҵуцәа анца, лара ахыб ахь дхаланы, аԥшыхәцәа ирзеиҭалҳәеит урҭ зылымҭииз. Лара илҳәеит: «Сара издыруеит Иегова ари адгьыл хымԥада шәара ишшәиҭо». Излаҳбо ала, Раав Иегова иахь ахаҵара ӷәӷәа лыман. Иара убас лара аԥшыхәцәа еиҳагьы агәымшәара рызҭаз ажәақәа ралҳәеит — Иерихон инхо ауаа ргәы шкаҳаз, израильаагьы ӷәӷәала ишрыцәшәо. Уи адагьы, лара аԥшыхәцәа дрыҳәеит Иегова Иерихон израильаа ианриҭо лҭынхацәеи лареи еиқәдырхарц.

Илыцхрааи акаҳԥы Раав уаанӡа дызҿыз аусқәа ааныжьны Иегова иган аанкылара?

Раав еиқәлырхаз аԥшыхәцәа ирбеит Иегова иахь ахаҵара ӷәӷәа шлымаз. Убри аҟынтә лыҳәара анагӡара иақәшаҳаҭхеит. Аха Раавгьы ак ҟалҵар акәын. Лара аԥшыхәцәа ахьыҟаз аӡәгьы иалымҳәар акәын, ақалақь аҭӡамц аҿы иҟаз лԥенџьыр аҟны ашаха ҟаԥшь кналҳар акәын, насгьы израильаа Иерихон ианақәлоз аамҭазы лҭаацәеи лареи аҩны идәылымҵыр акәын. Убасҟан ауп лҭынхацәеи лареи еиқәхар анрылшоз.

Раав лыцхыраарала аԥшыхәцәа аԥенџьыр аҟынтә шахала илбааны, ақалақь иалҵны ицеит. Лара аԥшыхәцәа ишырҳәаз еиԥш зегь ҟалҵеит: аԥенџьыр аҿы ашаха ҟаԥшь кналҳаит, насгьы аԥшыхәцәа лара лҿы ишыҟаз аӡәгьы иалымҳәаӡеит. Уи азы Раав агәымшәара ду лҭахын, избанзар ақалақь аҿы инхоз ауаа аԥшыхәцәа дышрыдгылоз еилыркаазҭгьы, аԥсышьацәгьа лырҭон. Иегова Иордан аӡқәа анааникыла, израильаагьы егьи аганахь ианиас, Раав даҽазныкгьы агәра лгеит иҟалҵаз шиашаз. Израильаа бжьымш рыҩныҵҟа Иерихон ианакәшоз, уа инхоз ауаа уи ӷәӷәала иаршәеит. Абыжьбатәи амш аан израильаа абыкь абжьи аибашьратә ҿыҭбжьи андырга, ақалақь аҭӡамц иаалырҟьаны еилаҳаит. Аха Раав лҭынхацәеи лареи зыцәшәоз ҳәа акгьы ыҟамызт. Дара аԥшыхәцәа ирарҳәаз иазыӡырҩны аҩны иҩнатәан.

Иерихон аҭӡамцқәа анеилаҳа, Раав лыҩны ахьыҟаз аҭӡамц акгьы амыхьӡеит. Ақалақь анырга ашьҭахь Иисус Навин идҵала аԥшыхәцәа Раав лҭынхацәеи лареи адәахьы идәылыргеит. Аамҭак ашьҭахь Раав израильтәи ажәлар лыҽрыдылкылеит. Лара израильтәи ахаҵа диццеит, ахшарагьы роуит. Лхылҵшьҭра иатәыз дреиуахеит Иисус Христос — аҭоурых аҿы зегь раасҭа агәымшәара злаз ауаҩы (Матф. 1:5, 16). Иегова Раав иаалырԥшыз ахаҵареи агәымшәареи рзы гәыҭбаарыла дылзылԥхеит.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥаалырԥшуаз Раав агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Изеиԥшрази Раав лыԥсҭазаашьа Иерихон данынхоз? (w13-U 1/11 12, абз. 4 — 13, абз. 1).

  2. 2. Иабантәиҳдыруеи Раав лыҩныҟа имҩахыҵыз аԥшыхәцәа лара илыцышьҭаларц ишымнеиз? (it-U «Проститутка», абз. 16).

  3. 3. Избан Раав лыҩны ахыб аҿы ақәны амахәқәа зықәыз, насгьы рхы иабадырхәоз уи? (it-U «Лён», № 1, абз. 1—3). 1

    Thanks for your interest in my photos/Moment Open via Getty Images

    Асахьа 1. Ақәны ахьазҳауа амхурсҭа

  4. 4. Избан Раав аҳ иааишьҭыз ауаа даҽа мҩак ала иахьылышьҭыз цәгьарак аҵаӡамызт ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (w04-U 1/12 9, абз. 1). 2

    Асахьа 2

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Избан Раав агәымшәара зылҭахыз, уаанӡа дызҿыз аусқәа ааныжьны, израильаа дрыцны Иегова имаҵ луларц азы? Илҿырҵаар рылшои Раав Абиблиа аҵара иаҿу?

  • Абиблиа амц ишақәыӡбогьы, ицхраар шԥалшо ақьырсиан Раав лҿырԥшы Анцәа ижәлар раӷацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирызку имаӡоу аинформациа идырҳәарц анырҭаху? (Ажәам. 11:13; Еккл. 3:7; Еф. 4:25). 3

Асахьа 3

Асахьа 3

  • Ишԥашәылшо иҵегьы Раав шәылҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Раав илышәҭарц ишәҭаху лыԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Ишԥаҳнарбо Раав лҿырԥшы Иегова имш аан ҳаиқәхарц азы иҟаҵатәу?

«Где нам нужно быть, когда придёт конец?» (w09-U 15/5 6—8)

Шәицхраа шәхәыҷы сахьала еиҭаҳәоу ажәабжь ала ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа ибзианы ихаҿы аагара.

«Раав следует указаниям» (ijwis-U астатиа 11)