2 НОИ
Иара адунеи дақәыӡбеит
ЕНОХ данԥсы ашьҭахь амаалықьцәа шьоукы Анцәа иҿагылеит. Дара аҳәса ирыхәаԥшуа иалагеит, ирыцышьҭаларцгьы рҭаххеит. Убри азы адгьыл ахь илбааны, ауаҩытәыҩсатә цәеижь аархәеит. Урҭ амаалықьцәа иааргәаԥхоз зегь ԥҳәысс иргон, ирхылҵуазгьы иаабац ахәыҷқәа ракәӡамызт. Дара арыцҳашьара зламыз, анефилимцәа ҳәа изышьҭаз адауцәа рхылҵуан. Урҭ ирыхҟьаны адгьыл ацәгьара ахыҵәеит. Анцәа абриаҟара бзиа ибаны иишаз ауаатәыҩса зеиԥшрахаз данахәаԥшуаз, игәы ихьуан. Аха дыҟан урҭ иреиԥшмыз аӡәы. Уи Енох имоҭа иԥа Нои иакәын.
Ноигьы Енох иеиԥш дуаҩ иашан. Абиблиаҿы иануп: «Нои Анцәа дицын». Ԥыҭрак ашьҭахь иара аԥҳәыс дааигеит. Иԥҳәыси иареи хҩык аԥацәа роуит. Дара рхәыҷқәа Иегова ишизыӡырҩлаша ддырҵон. Нои иҭаацәара иаарыкәыршаны инхоз ауаа зынӡа иреиԥшӡамызт.
Зны Иегова Нои иеиҳәеит адгьыл ауаа цәгьақәа рҟынтә ирыцқьарц азы аӡхыҵра ду шыҟаиҵо. Аха убри аамҭазгьы агәыӷра ииҭеит. Анцәа изиашаз ауаа уи арыцҳара иацәынхар рылшон. Уи азы Нои аковчег, даҽакала иуҳәозар, аӷба ду иргылар акәын. Нои ахаан имбаӡацызт аӡхыҵра ду иеиԥшыз акы, насгьы аковчег еиԥш идууз акы ахаан имыргылаӡацызт. Ус шакәызгьы, Нои Иегова ииҳәаз агәра игеит, иаразнак аргыларагьы далагеит.
Нои иҭаацәареи иареи ишәарҭаз аӷацәа рҿагылан. Урҭ Нои иҭаацәареи иареи ирҳәоз ажәабжьгьы изҿыз аусгьы рцәымӷын
Уи адҵа анагӡаразы Нои иҭаацәареи иареи агәымшәара рҭахын. Ирхыччоз рацәаҩызар ҟаларын, иара убас рус аанкылара иашьҭазгьы ыҟамкәа иҟамызт. Нои иҭаацәареи иареи ауаҩытәыҩсатә цәеижь аазхәаз амаалықьцәагьы рҿагылозар ҟаларын. Урҭ амаалықьцәа ирхылҵыз анефилимцәа рыцҳашьарак рыламызт, ауаа дыргәаҟуан. Ус шакәызгьы, Нои иԥҳәыси иареи, хҩык иҷкәынцәеи, иҭацацәеи Иегова ириҭаз аус нарыгӡон. Дара ргәы камыжьӡакәа ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа, иҟалап 50 шықәса рыҩныҵҟа, аковчег аргылара иаҿын.
Ирылеиҳәозма Нои ауаа арыцҳара шааигәахоз? Ҳәарада! Абиблиаҿы иара ауаа «аиаша рылазҳәоз» ҳәа изҳәоуп. Аҭаацәара ахада иеиԥш, иара ихаҭа аӡхыҵра шыҟало ала ауаа ргәырҽаниҵон, иҭаацәарагьы уи аҟаҵара ргәазҭеиҵон. Аха иԥҳәыси, иҷкәынцәеи, иҭацацәеи рыда ииҳәоз иазыӡырҩуаз ҳәа аӡәгьы дыҟаӡамызт. Иуацәаҵәҟьагьы изыӡырҩра рҭахымхаӡеит. Ауаа рыԥсҭазаара аԥсахра рҭахӡамызт. Нои иакәзар, ахаҵара ӷәӷәа иман. Иара икәша-мыкәша инхоз ауаа зынӡа дреиԥшӡамызт. Иџьашьатәӡам Абиблиаҿы Нои «ихаҵарала иара адунеи дақәыӡбеит» ҳәа ахьҳәоу.
Абар аковчег хиоуп. Нои иҭаацәареи иареи рхазы, иара убас аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рзы аӡи, афатәи, егьырҭ амаҭәахәқәеи ҭаргалеит. Аӡхыҵра бжьымш шагыз Анцәа Нои иеиҳәеит иҭаацәара иманы аковчег дҭаларц. Анаҩс иџьоушьашаз ак ҟалеит: еиуеиԥшым аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи аковчег ахь еихеит. Абиблиаҿы иануп: «Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ҩба-ҩбала, аӡӷаби аҷкәыни, Нои дызҭалаз аковчег иҭалеит».
Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Нои иҭаацәареи иареи ццакы-ццакуа ирзынхаз аусқәа рынагӡара ишаҿу. Иҟалап усҟан рыкәша-мыкәша иҟаз ауаа еиҳагьы ирхыччо иалагазар. Аха Нои иҭаацәареи иареи иаҭахыз зегь аковчег ианҭаргала, рхаҭақәагьы анҭала, Иегова инапала аковчег ашә аиркит. Иҟалап усҟан ауаа урҭ рхыччара иаҟәыҵзар. Анаҩс ақәаршҩы дәықәлеит. Аӡы еиҳа-еиҳа ишьҭыҵуан. 40 мшы рышьҭахь ашьхақәагьы аҵәахит. Убасала, Анцәа адгьыл ацәгьара аҟынтә ирыцқьеит.
Аха Нои иҭаацәареи иареи кьыс рмоуӡеит, дара аковчег иҭан. Хәыҷы-хәыҷла аӡы лаҟәуа иалагеит. Аҵыхәтәаны аковчег ашьха Арарат аҿы иаангылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Нои иҭаацәареи иареи аковчег иҭыҵыр шрылшо реиҳәеит. Дара шықәсык инеиҳаны аковчег иҭан. Аковчег ианҭыҵ урҭ Иегова акәырбанқәа изнаргеит, рыԥсы ахьеиқәирхаз иҭабуп ҳәа иарҳәарц азы. Анцәа иҳәеит уаҳа ахаан адунеизегьтәи аӡхыҵра шыҟаимҵо. Уи шьақәирӷәӷәарц азгьы ажәҩан аҿы ацәаҟәа дыргас ириҭеит.
Иахьа адунеи иқәынхо зегьы Нои ихылҵқәаз роуп. Шаҟа ибзиоузеи Нои иҭаацәареи иареи агәымшәара ахьаадырԥшуаз, насгьы ауаа цәгьақәа иахьырцәымшәоз!
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ианбааирԥшуаз Нои агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Изеиԥшрази адунеи аӡхыҵра ду ҟалаанӡа? (w02-U 1/3 5, абз. 4—6, абз. 4).
-
2. Ианбаиеиҳәеи Анцәа Нои аковчег иргыларц? Ианбеиликааи Нои аӡхыҵра ду аналаго? (w12-U 15/4 23, абз. 5—8).
-
3. Избан Адунеизегьтәи аӡхыҵра ду шыҟаҵәҟьаз агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо? (ijwbq 156, абз. 2—5, арамка). 1
Historic Collection/Alamy Stock Photo
Асахьа 1. Индиатәи легендак иаҳәоит хаҵак Адунеизегьтәи аӡхыҵра дацәынхарц азы аӷба ширгылаз. Аӡхыҵра ду ашьҭахь иара акәырбан неигеит, анаҩс адунеи иқәынхо ауаа зегьы иара ихылҵит
-
4. Иарбан хҭысу иҟалаз аӡхыҵра ду ашьҭахь шәышықәса инеиҳаны ианҵы, насгьы иныԥшыр шԥалшоз уи зықәрахь инеихьаз Нои? (it-U «Ной», абз. 13). 2
Асахьа 2
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Излеиԥшузеи ҳаамҭеи Нои имшқәеи? (Матф. 24:36—39).
-
Ишԥаҳацхраауеи Нои иҿырԥшы:
-
ҳаиҿкааны аҟазаара? 3
Асахьа 3
-
аџьабаа ацәымшәара? 4
Асахьа 4
-
ачҳара аарԥшра? 5
Асахьа 5
-
-
Ишԥашәылшо Нои иеиԥш агәымшәара аарԥшра?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Нои ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Шәахәаԥш аҭаацәара ахада Нои диҿыԥшларц азы ихы аус шадиуло.
«Агәрахаҵара змамыз ракәымкәа, измаз шәырҿыԥшла: Нои ихаан инхоз ракәымкәа, Нои» (2:57)
Шәицхраа шәхәыҷы Нои иҿырԥшы инарҵо азхәыцра.

