15 НОЕМИНИ РУФИ

Дара ауадаҩрақәа раан еицхыраауан

Дара ауадаҩрақәа раан еицхыраауан

НОЕМИНЬ лыԥсҭазаара гәырҩала иҭәын. Израиль амлакра аныҟала, лхаҵа иӡбеит ҭаацәаныла Вифлеем ааныжьны Моавҟа нхара ицарц. Уа Ноеминь лхаҵа иаалырҟьаны дыԥсит, убас ҩыџьа лԥацәеи лареи атәым дгьыл аҿы рхала иаанхеит. Ԥыҭрак ашьҭахь лыҷкәынцәа Иегова имаҵ зымуаз моавтәи аҭыԥҳацәа ԥҳәысс иргеит. Аха жәашықәса рышьҭахь даҽа рыцҳаракгьы ҟалеит: лԥацәа рҩыџьагьы ԥсит. Урҭ ахшара рымаӡамызт. Убас Ноеминь лхаҵеи лыҷкәынцәеи лымҵәеит, аԥхьаҟа моҭак дылбап ҳәа илымаз агәыӷрагьы лцәыӡит.

Ноеминь Моав уаҳа днызкылоз ҳәа акгьы ыҟамызт, убри аҟынтә аҩныҟа Вифлеемҟа дхынҳәырц лыӡбеит, уахь мчыбжьык аҟара амҩа уқәхон. Лҭацацәа рҩыџьагьы Руфьи Орфеи лара илыцны идәықәлеит. Аха Ноеминь урҭ рыдгьыли рҭынхацәеи ирцәыхарахар, ирыԥсҭазаашьахозеи ҳәа хьаас илыман. Лара еилылкаауан Израиль дара хаҵа ицаны ахшараиура алшара шырмоуаз. Убри аҟынтә рҭаацәа рахь ихынҳәырц дрыҳәо далагеит. Агәымшәара злаз уи аԥҳәыс лхала лымҩа ацҵара дазхиан. Илҳәаз ашьҭахь Орфеи Руфи амхаҵәыуеит. Орфа абзиараз ҳәа нараҳәаны аҩныҟа дхынҳәит, Руфь Ноеминь лҿы даангылеит.

Руфь аԥхьаҟа илзыԥшыз шылзымдыруазгьы уи даршәаӡомызт, лара Ноеминь лзы ҩыза бзиан. Руфь Ноеминь абас лалҳәеит: «Бкажьны шьҭахьҟа сгьежьырц бысмыҳәан. Бара бахьцо саргьы сцоит, бара бахьынхало саргьы сынхалоит, бара быжәлар сара сыжәлар ракәхоит, Бынцәагьы Сынцәа иакәхоит. Бара бахьыԥсуа саргьы сыԥсуеит, убра анышәгьы сарҭоит». Руфь Неоминь леиԥш Иегова имаҵ луларц лыӡбеит.

Ноемини Руфи ирзааигәаз ахьырцәыӡыз азы даара игәырҩон. Аха дара Иегова ижәлар рыбжьара агәҭынчра роуит

Руфь ланхәа длыцны Израильҟа ддәықәлеит. Лара лҭынхацәеи, лыдгьыли, лҵасқәеи, лынцәақәеи аанлыжьит. Дара Вифлеем ианнеи, Ноеминь дшыхынҳәыз ақалақь ирласны иалаҩит. Аҳәса шьоукы иџьаршьон, Ноеминь дрымбеижьҭеи шаҟа лҽылыԥсахыз. Лара дашшуан Иегова илымаз зегь шлымихыз, лыԥсҭазаарагьы ширџьбараз. Иҟалап арҭ ажәақәа Руфь лгәы лдырхьзар, избанзар ланхәа лаҳаҭыр азы иҟалҵахьаз рацәан. Ус акәзаргьы уи аӡәгьы илмырбаӡеит. Руфь ланхәеи лареи рхы зланыҟәыргаша дашьҭалеит. Лара амхурсҭахьы дцаны ачахҳәаҵәқәа реизгара далагеит, анаҩс урҭ ҭәаҭәаны арыц агәылылхларц азы.

Адгьыл ду змаз Боаз зыхьӡыз ибеиаз хаҵак Руфь дгәеиҭеит. Уи Раав лԥа иакәын. Анцәа ицәшәоз уи ауаҩы Руфь лгәы ақәкны аус шылуаз аниба, аусуцәа реиҳабы дызусҭада ари аԥҳәыс ҳәа диазҵааит. Иара Боаз иеиҳәеит уи иқәыԥшыз аԥҳәыс дымтәаӡакәа аус шылуа, ланхәа Ноеминь дныҟәылгарц азы. Боаз Руфь дирҽхәеит Иегова иҿы ахыҵакырҭа дахьашьҭалаз азы, иусуцәагьы дыдмыргәааларц реиҳәеит.

Ахәылбыҽха Руфь Ноеминь илзеиҭалҳәеит Боаз лара лахь ақьиара ду шааирԥшыз. Ноеминь агәыӷра лоуит — издыруада Боаз Руфь ԥҳәысс дигар? Лара лҭаца илзеиҭалҳәеит Боаз рҭынха шиакәу, насгьы Руфь леиԥш иҟоу аҳәсеибацәа рзы Анцәа изакәан аҿы иану. Аԥҳәыс данеибахалак азин лыман иԥсыз лхаҵа изааигәаз иҭынха иццара. Убас лара лхаҵа ишьҭра лырӡӡомызт (Ҩынтә. 25:5, 6). Аамҭак ашьҭахь Ноеминь Руфь иҟалҵаша лалҳәеит.

Руфь ланхәа илабжьылгаз уамашәа илбар алшон, даршәаргьы ауан, аха уи дақәшаҳаҭхеит. Ахәылбыҽха Руфь ачаԥшь ахьырҭәаҭәоз дцеит, уа ахацәа еизыргаз ачарыц ааигәара ицәон. Лара лыбжьы мыргаӡакәа Боаз иахь днеин иқәыршәыз дҩахан, ишьапаҿы дышьҭалеит. Аҵх агәазы Боаз данааԥш Руфь дибеит. Иара ара иҟабҵозеи ҳәа длазҵааит. Руфь ахынраалара аарԥшны диҳәеит Анцәа изакәан ишаҳәоз еиԥш ԥҳәысс дигарц. Боаз Руфь ӷәӷәала лгәы шҭынчмыз ибазар ҟалап. Убри аҟынтә лгәымшәаразы, насгьы Иеговеи Ноеминьи рахь гәыкала иаалырԥшыз абзиабаразы дирҽхәеит. Боаз иҳәеит ԥҳәысс лгара дшазхиоу, аха раԥхьа уск аҭыԥ иқәиҵар акәын.

Адырҩаҽны Боаз Вифлеем ақалақь аиҳабацәа рахь дцаны, Руфь ԥҳәысс дигарц азы Анцәа изакәан иаҳәоз зегь ҟаиҵеит. Иара Руфь ԥҳәысс дигеит, ԥыҭрак ашьҭахьгьы аԥа дроуит. Уи Овед ихьӡырҵеит. Ноеминь дгәырӷьон, избанзар амоҭа длоуит! Ԥыҭрак ашьҭахь Овед ихылҵшьҭраҿы диит аҳ Давид, ашәышықәсақәа рышьҭахь Мессиа ихаҭагьы (Матф. 1:5, 6, 16). Иегова Ноемини Руфи гәыҭбаарала дырзылԥхеит иаадырԥшыз агәымшәареи ахаҵареи рзы.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥаадырԥшуаз Ноемини Руфи агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Анцәа изакәан иӷарыз ауаа азин рнаҭон амхурсҭақәа рҿы аус зуаз рышьҭа ихыланы ачахҳәаҵәқәа реизгара. Избан уи зеиԥшыҟам закәанын ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (ia 39, абз. 23, албаага). 1

Асахьа 1

Асахьа 1

  1. 2. Иабантәиҳдыруеи Руфь Боаз иахь даннеи лгәы иҽеим ҳәа акгьы шҭамыз? (ia 47, абз. 17, 18).

  2. 3. Иаҳнарҵозеи Боаз Руфь сыӡӷаб ҳәа ахьлеиҳәаз? (Руфь 2:8; w16.11-U 3).

  3. 4. Иаҳзырбозеи Боаз ихы мацара дшазымхәыцуаз, Руфь ԥҳәысс лгара данақәшаҳаҭха, зыхьӡ ҳәам Ноеминь лҭынха иеиԥш акәымкәа? (w23.03 14). 2

    Асахьа 2

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Руфь лгәы ақәкны аус луан, илырҭоз ацхырааразгьы ҭабуп лҳәон. Ҳалҿыԥшлар шԥаҳалшо Руфь аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо? 3

  • Ноеминь аамҭа цәгьақәа данырҭагылаз, Руфь лааигәара дыҟан, длывагылан. Ишԥаҳацхраауеи Ноеминь лҿырԥшы ахынраалара аарԥшны ацхыраара анҳарҭо уи адкылара? Ишԥаҳнарҵо Руфь лҿырԥшы аемоциатә гәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа змоу ҳрыцхраалар шҳалшо?

  • Ишԥашәылшо Ноемини Руфи шәырҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаарақәоу Ноемини Руфи ирышәҭарц ишәҭаху рыԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Иаҳнарҵозеи ашәҟәы Руфь гәыбылрала иҭәу абзиабара иазкны? Ишԥаҳалшо уи ааҳарԥшлар?

«Гәыкала бзиа шәеибабала» (w21.11 8—13)

Шәрыцхраа шәҭаацәа сахьала еиҭаҳәоу ажәабжь ала ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа ибзианы рхаҿы аагара.

«Руфь — верная подруга» (ijwis-U астатиа 12)