10 МОИСЕИ
Иара ииашаз алхра ҟаиҵеит
МОИСЕИ. Ари ахьӡ аҷкәын иҭаацәа ракәӡам изҭаз, уи ааӡара дызгаз афараон иԥҳа лоуп ихьӡызҵаз. Уи ахьӡ машәыршәа илымҭаӡеит. Ахьӡ Моисеи, излаҳбо ала, иаанагоит «сара уи аӡы дҭызгеит». Афараон иԥҳа лгәыӷрақәа иара идылҳәалозҭгьы акәхарын, насгьы илааӡаз лԥа афараон иҩнаҭаҿы ҳаҭыр зқәу уаҩны дҟалоит ҳәа дхәыцуазар ауан. Лара лыҷкәын аҵара бзиа илҭарц азы илылшоз зегь ҟалҵазар акәхап, насгьы уи даара дизгәдуун. Абиблиаҿы иануп «Моисеи Египет иреиӷьыз аҵара иоуит» ҳәа.
Моисеи ианизҳа зегьы дрылукаауа дҟалеит. Абиблиаҿы иануп «иара аҿаԥыц ӷәӷәа иҿан, иус аҿгьы дыӷәӷәан» ҳәа. Иара амал змаз уаҩ дуны дҟалар илшон, Египет хьаада-баада игәы иаҭахыз ҟаҵо дынхаларгьы ауан. Аха иара еиликаауан уи аҩыза аԥсҭазаара иахҟьаны Иеговеи иареи реиҩызара ицәыӡыр шалшоз. Иара иӡбар акәын иԥсҭазаара ззикшаз.
Моисеи 40 шықәса анихыҵ, идикылаз аӡбара зегьы ирбарҭахеит. Абиблиаҿы ҳаԥхьоит: «Моисеи ахаҵара иман азы, ианизҳа, афараон иԥҳа лԥа ҳәа имаз ахьӡ мап ацәикит. Иара Анцәа ижәлар рыцгәаҟра еиҳа еиӷьишьеит, агәнаҳа иунаҭо аамҭалатәи агәахәара имазар аасҭа». Ахаҵареи агәымшәареи аарԥшны иара ииашаз амҩа алихит. Аха уеизгьы иара уи амҩаҿы агхақәа ҟаиҵон.
Моисеи израильаа иашьцәа реиԥш дырзыҟан. Иара ибон урҭ ҭаха шрырымҭоз, убри аҟынтә дрыцхраар иҭахын. Зны урҭ ишрызныҟәо дахәаԥшырц дцеит. Дахьнеиз ибеит египеттәи ауаҩы, иҟалап уи ауриацәа ирхылаԥшуаз иакәызҭгьы, иауриаз амаҵуҩы дшипҟоз. Ҳара иҳаздырӡом Моисеи уи ахылаԥшҩы дааникыларц азы ак ҟаиҵоу-иҟаимҵоу. Абиблиаҿы иануп Моисеи днаԥшы-ааԥшит ҳәа, иҟалап амаҵуҩы дзыхьчашаз аӡә дыҟазар ҳәа акәзар. Аха иааигәа-сигәа аӡәгьы дыҟамызт, убри аҟынтә Моисеи ихаҭа ак ҟаиҵарц иӡбеит. Убас египеттәи ауаҩы дишьит. Иҭахыҵәҟьазма уи дишьыр, мамзаргьы игәы ԥжәаны дахьисыз диамхашьу? Абиблиаҿы уи иазкны акгьы анӡам. Ишыҟазаалакгьы, Моисеи ибзианы еиликаауан уи азы изырур алшоз, убри аҟынтә иишьыз ауаҩы аԥслымӡ жны диҵәахит.
Адырҩаҽны иара ибеит ҩыџьа ауриацәа шеисуаз, урҭ ааникыларцгьы далагеит. Аха руаӡәк, изхараз, ус иҳәеит: «Уара еиҳабыс, ӡбаҩыс уҳазҭада? Египет иатәыз ани ахаҵа дшушьыз еиԥш саргьы сушьыр уҭахума?» Уи аниаҳа, Моисеи ицәымыӷхеит. Иара еиликааит иҟаиҵаз ауаҩшьра шиҵырдырааз, иԥсҭазаарагьы ашәарҭара ишҭагылоу.
Моисеи дышгәыӷуаз еиԥш акәӡам зегь шыҟалаз. Абиблиаҿы иануп: «Иара игәы иаанагон, иашьцәа еилыркаауеит ҳәа Анцәа иара ила ишеиқәирхо, аха ирзеилымкааӡеит». Иҟалап Моисеи агәра ганы дыҟазҭгьы Анцәа израильаа Египет ахәура иҭигарц азы иара дшалихыз. Аха Моисеи изеилкааӡомызт уи азы Иегова иалихыз аамҭа макьана ишымааицыз. Уи адагьы, иара иҟаиҵаз израильаа даҽакала ирыдыркылап ҳәа дгәыӷуан. Аха дара египеттәи ауаа дуқәа рҭаацәара иааӡаз ауриа игәра ргаӡомызт.
Иалихи Моисеи: амали аҭыԥ бзиеи ракәу, Иегова ижәлар рыцхраара акәу?
Усҟан Моисеи изеилкааӡомызт Иегова изалихыз ароль анагӡара макьана дшазхиамыз. Анцәа Моисеи иаԥхьаҟа ииҵаша рацәоуп ҳәа иԥхьаӡон. Ҳәарада, Моисеи агәымшәара илаӡамызт ҳәа ҳазҳәаӡом. Иара махәҿала дыӷәӷәан, насгьы «аҿаԥыц ӷәӷәа иҿан». Аха иара Иегова даара зыхә ҳаракны иишьо ҟазшьак — аҟәымшәышәра — изхаӡомызт. Уи убарҭахеит иҽизнымкылакәа египеттәи ауаҩы данишь.
Хара имгакәа афараон иаҳаит Моисеи иҟаиҵаз ацәгьаура аӡбахә, насгьы ажәак имырҳәаӡакәа дишьырц иӡбеит. Убри аҟынтә Моисеи Египетынтәи дыбналеит. Иара амали, аԥсҭазаара бзиеи, ахьӡ-аԥшеи уаҳа ибараны дыҟамызт. Аԥхьаҟа изыԥшыз ҳәа ак издыруамызт. Гәымшәарада ԥсыхәа имамызт. Иара и́хараз Мадиантәи адгьыл аҟынӡа днаӡеит. Ицәҳәыраз атәым дгьыл аҿы ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа анхара иқәшәеит. Имазма ахаҵара, насгьы илшома аҽыԥсахра? Илаиааӡама аҟәымшәышәреи ахынраалареи, Иегова ишиҭахыз еиԥш? Уи анаҩс еилаҳкаауеит.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥши Моисеи агәымшәара ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьаҿы?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Иарбан археологиатә шьақәырӷәӷәарақәоу иаҳзырбо израильаа Египет маҵуцәас ишыҟаз иазкны Абиблиа иану шиашоу? (w20.03 30). 1
Courtesy Brooklyn Museum, gift of Theodora Wilbour
Асахьа 1. 40-ҩык инареиҳаны семиттәи амаҵуцәа рыхьӡқәа рсиа зну ажәытә египеттәи апапирус афрагмент. Ари адокумент ишьақәнарӷәӷәоит ауриацәа Египет маҵуцәас ишыҟаҵәҟьаз
-
2. Ирҿиҵаазеи Моисеи иҭаацәа, насгьы иарбан ҵароу Египет иоуз? (Аус. 7:22; w02-U 15/6 10, абз. 2—5).
-
3. Ишԥаржуаз Египет иԥсуаз ауаа? Иарбан цәаныррақәоу египтаа ирызцәырнагар алшоз Моисеи дара рмилаҭ иатәыз ауаҩы ишьра адагьы, дара рҿы ишаԥыз еиԥш ицәеижь ак ахьшьны анышә дамҭаӡакәа аԥслымӡраҿы дахьижыз? (it-U «Египет», абз. 28). 2
Асахьа 2. Египеттәи амумиа
-
4. Моисеи Мадианҟа дыбналеит. Ирзеилази мадианааи израильааи? (it-U «Мадиан, мадианитяне», № 2, абз. 1, 2).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ишԥаҳнарҵо Моисеи изку ажәабжь ҳемоциақәа аконтроль рыҭашьа?
-
Ишԥарыцхраауеи иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Моисеи иҿырԥшы агәымшәара аарԥшреи ииашоу ахықәкқәа рықәыргылареи? 3
Асахьа 3
-
Ишԥашәылшо иҵегьы Моисеи шәиҿыԥшны агәымшәара аарԥшра?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Моисеи ишәҭарц ишәҭаху Египет даныҟаз иԥсҭазаашьаз иазкны?
Иҵегь шәахәаԥш
Шәахәаԥш Моисеи иааирԥшуаз ахамеигӡара ҳаҿыԥшлар шҳалшо ҳзырбо авидеонҵамҭа.
«Агәрахаҵара змамыз ракәымкәа, измаз шәырҿыԥшла: афараон иакәымкәа, Моисеи» (2:27)
Моисеи Иегова имаҵ иуларц азы аԥсҭазаара бзиа мап ацәикит. Ишԥаҳалшо иара ҳаиҿыԥшлар?

