11 МОИСЕИ
«Афараон иахь уца»
МОИСЕИ Египетынтәи дыбналаны дцеижьҭеи акыршықәса ҵит. Уи аамҭа иалагӡаны иара даара иҽиԥсахит. Излаҳбо ала, израильаа египеттәи ахәура аҟынтә реиқәырхаразы Анцәа иара далихит ҳәа уаҳа иԥхьаӡаӡомызт. Моисеи 80 шықәса раҟара ихыҵуан, аҭаацәара далалахьан, насгьы ҩыџьа аԥацәа иман. Абар 40 шықәса ҵит иабхәа иуасақәа ихьчоижьҭеи мадианаа ахьынхоз, ашоура бааԥс ахьыҟаз, ицәҳәыраз адгьыл аҿы. Уи Моисеи ахынраалара инарҵеит.
Иегова Моисеи иҽшиԥсахыз ибон, убри аҟынтә имаҵзуҩы диацәажәарц иӡбеит. Ҽнак зны Моисеи ашьха Хорив (Синаи) ашьапаҿы ауасақәа ангәарихуаз, амца зкыз, аха имбылуаз ачықь ибеит. Иара уи ааигәара даннеи, Иегова амаалықь ила амца аҟынтә иацәажәара далагеит. Анцәа Моисеи идиҵеит Египетҟа дхынҳәны израильаа алигарц. Иегова Моисеи агәымшәара ииҭарц азы иԥшьоу ихьӡ аҵакы аганқәа руак изааиртит. Анцәа иҳәеит: «Сара исҭаху сакәны сҟалоит». Иегова идыргәаҟуаз израильаа рзы Еиқәырхаҩыс дҟалар, насгьы ахақәиҭра рыҭаны жәлар дуны иҟаиҵар илшон.
Аха Моисеи уеизгьы афараон иацәажәареи Анцәа ииҭаз адҵа анагӡареи илшаӡом ҳәа иԥхьаӡон. Иегова Моисеи аҭагылазаашьа ииашаны ахәаԥшра дицхрааит, насгьы иџьоушьашаз акала ихаҵара ирӷәӷәеит. Иара аџьашьахәқәа рыҟаҵара алшара ииҭеит, уаанӡа Абиблиаҿы уи аҩыза аӡәы иҟаиҵон ҳәа анӡам. Уи адагьы, иара Моисеи иашьа Аарон цхырааҩыс дииҭеит. Аарон Моисеи ихьӡала дцәажәалар акәын. Аҵыхәтәаны Моисеи иҭахӡамкәа Иегова ииҭаз адҵа анагӡара дақәшаҳаҭхеит. Иара Анцәа иалихыз, ижәлар реиқәырхарагьы знапы ианиҵаз иакәны дҟалеит (Аур. 11:26).
Моисеи Египетҟа даныхынҳә афараон иҿы днеит. Ааронгьы иара дицын. Аха урҭ ирҳәаз афараон иԥсахы еибанаркит. Израильаа роушьҭра аҭыԥан, аџьамыӷәа цәгьа иҭаиргылеит. Убасҟан Иегова дырҩегь афараон иахь Моисеи дишьҭит, Египет арыцҳара ишақәиршәо — Нил ду аӡқәа шьаны ишыҟало — иеиҳәарц азы. Иегова ииҳәаз ҟалеит. Аха афараон дхьаҵуамызт. Иегова дааҟәымҵӡакәа Моисеи иеиҳәон: «Афараон иахь уца». Моисеигьы агәымшәара аарԥшны зныкымкәа дцаны арыцҳара ҿыц аӡбахә афараон иеиҳәон. Аха аԥагьара злаз Египеттәи анапхгаҩы Моисеи изыӡырҩра иҭахӡамызт. Аԥшьбатәи арыцҳара инаркны Иегова ижәлар рыхьчара далагеит, арыцҳара аҟынтә игәаҟуаз египтаа мацара ракәын.
Арыцҳарақәа зегьы иаадырԥшуан египтаа зымҵахырхәоз анцәақәа акгьы ишаԥсамыз, аныхаԥааҩцәеи афараони Иегова иԥырхагахара шрылымшозгьы. Ус шакәызгьы, афараон ихәура иҭаз израильаа роушьҭра иҭахӡамызт. Ажәбатәи арыцҳара аан Египет ула аҵәыршы ҭакызар иумбо алашьцара ахаԥеит, аха израильаа ахьынхоз илашан. Уи ашьҭахь афараон израильаа роушьҭра дақәшаҳаҭхеит, аха анаҩс иԥагьара ииааин, мап икит. Афараон Моисеи игәиҽаниҵеит даҽазнык дааир, дшишьуа.
Моисеи усҟантәи аамҭазы зегь раасҭа амчра змаз анапхгаҩы игәыԥжәара зныкымкәа дақәшәахьан
Уеизгьы Иегова Моисеи афараон иахь даҽазнык дцарц диҳәеит — аҵыхәтәантәи арыцҳара аӡбахә иеиҳәарц азы. Моисеи Анцәа ииҳәаз ҟаиҵеит. Ажәабатәи, аҵыхәтәантәи арыцҳара аан, египтаа раԥхьахшареи рырахә раԥхьахшақәеи зегьы ԥсит. Афараон иԥагьы дыԥсит. Иҟалаз ӷәӷәала дланарҟәит, Моисеи дзызиҳәозгьы дақәшаҳаҭхеит. Иара Моисеи дааиԥхьан, израильаа рхы иақәиҭитәит, насгьы Анцәа иҟынтә азылԥхара даҳәеит. Убас Авраам Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл ахь раԥхьаӡа акәны даннеи аахыс 430 шықәса рышьҭахь израильаа ахақәиҭра роуит. Уаанӡа ахәура иҭаз израильаа Египет аанрыжьит, урҭ ирыццеит «егьырҭ ажәларқәа рҟынтә имаҷҩымкәа ауаагьы». Дара рыбжьара, излаҳбо ала, имаҷҩымкәа египтаагьы ыҟан. Аха уи ашьҭахь афараон иҟаиҵаз дахьхәит. Иара ир дуӡӡа ааизиган, израильаа дрышьҭалеит.
Моисеии израильааи амшын Ҟаԥшь ианаадгыла царҭа рымамкәа иаанхеит. Израильаа иҟарҵо иақәымшәо иқәхеит, Моисеи дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа иҳәара далагеит. Иегова Моисеи иҳәара иаҳаит, аҭоурых аҿы зегь иреиҳау аџьашьахәқәа руак ҟаиҵеит. Иара Амшын ҟаԥшь еиҩишеит, израильаа ибахҵәаӡа иҟаз амшын аҵа иагәылсны егьи аганахь ииасырц азы. Афараон израильаа шицәцоз аниба, ир иманы дрышьҭалеит. Аха израильаа егьи аганахь ишнеиз еиԥшҵәҟьа Иегова амшын аӡқәа ирхынҳәит. Египтаа аӡы рыжәлан зегь ӡааҟәрылеит. Усҟантәи аамҭазы зегь иреиҳаз ар дуӡӡа ықәӡааит.
Узыршанхоз урҭ ахҭысқәа рышьҭахь Моисеи ихаҵара уаанӡа аасҭа акырӡа иӷәӷәахеит, урҭ ахҭысқәа иԥсы ахьынӡаҭаз ихашҭуамызт. Анаҩстәи 40 шықәса рыҩныҵҟа, 120 шықәса ихыҵны дыԥсаанӡагьы, абзиабареи, ахаҵареи, агәымшәареи аарԥшуа Анцәа ижәлар напхгара рзиуан, дагьырхылаԥшуан.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
-
Ҩынтәзакәан 29:2, 3; 34:5—7
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥшуаз Моисеи агәымшәара ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьаҿы?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Ҳара иҳаздырӡом усҟантәи аамҭазы напхгара зуаз афараон ихьӡыз. Уи адагьы, израильаа уи адгьыл шаанрыжьыз шьақәзырӷәӷәо египеттәи адокументқәа ҳәа акгьы ыҟаӡам. Избан, нас, уеизгьы ари абиблиатә ҭоурых агәра агара зҳалшо? (g04-U 8/4 7, абз. 4 — 9, абз. 1).
-
2. Избан афараон инапаҵаҟа иҟаз ауаа зицәшәоз? (w14-U 15/4 8, абз. 1). 1
PRISMA ARCHIVO/Alamy Stock Photo
Асахьа 1. Афараон исахьа зну аҭӡамц
-
3. Ишԥаладырҟәи жәа-рыцҳарак египеттәи анцәақәа? (it-U «Боги и богини», абз. 24—26).
-
4. Иаҳзырбозеи Амшын ҟаԥшь иагәылгаз, израильаа знысыз амҩа акыр ишыҭбааз? Шаҟаҩы израильаа уи амшын иагәылсзар алшозеи? (it-U «Исход из Египта», абз. 46—51). 2
Асахьа 2. Синаитәи адгьылбжьахабжа аҟынтә иубо Амшын ҟаԥшь. Ари аҭыԥ аҿы акәзар ҟалап израильаа егьи аԥшаҳәахьы иахьиасыз
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ҳгәы шьҭнахыр шԥалшо Моисеи иҿырԥшы, Иегова иҳаиҭаз адҵа ҳзынагӡаӡом ҳәа ҳгәы иаанагозар? (Ақәҵ. 4:10; 7:6, 7).
-
Аарон Моисеи дицхраауан агәымшәара аарԥшны Анцәа ииҭаз адҵа анагӡара. Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраалар? (Ақәҵ. 4:14—16). 3
Асахьа 3
-
Ишԥашәылшо Моисеи шәиҿыԥшны агәымшәара аарԥшра?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Моисеи иԥсы анҭалалак ишәҭарц ишәҭаху ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьа иазкны?
Иҵегь шәахәаԥш
Еилышәкаа ахәыҷқәа Иегова ихьӡ аҵакы рдыруазар, уи ауадаҩрақәа рцәымшәара ишрыцхраауа.
Ишԥаицхрааи Моисеи дзықәшәаз Иегова илоу аҟазшьақәа реилкаара?

