8 ИОСИФ

Иара ахыхрақәа иҽримҭаӡеит

Иара ахыхрақәа иҽримҭаӡеит

ИОСИФ Иаков зегь раасҭа бзиа иибоз иԥа иакәын. Иеговагьы уи даара бзиа дибон. Аха Иосиф иԥсҭазаара мариан ҳәа узҳәаӡом. Иаб егьырҭ иԥацәа еиҳа дрылкаан дахьибоз азы Иосиф иашьцәа иҵашьыцуа иалагеит. Уи адагьы, изгәакьоу шимҵахырхәоз иазкны аԥааимбартә ԥхыӡқәа шибаз анреиҳәа, урҭ еиҳагьы дырцәымыӷхеит.

Ҽнак зны Иаков Иосиф рыҩны иацәыхараны ауасақәа зыхьчоз иашьцәа рахь дишьҭит. Иҟалап усҟан иара 17 шықәса ракәызҭгьы ихыҵуаз. Амҩа мышқәак дықәхеит. Иосиф иашьцәа рҟынӡа даннеи, урҭ дыкны аӡы зҭабахьаз ажра дҭарыжьит. Иара ацхыраара даҳәон, аха иашьцәа хьаасгьы дрымкӡеит. Раԥхьа урҭ Иосиф дыршьыр рҭахын, аха нас имҩасны ицоз ахәаахәҭыҩцәа драадырхәарц рыӡбеит. Аҩныҟа ианыхынҳә, дара раб агәра идыргеит Иосиф агыгшәыг дшафаз. Аха иҟалаҵәҟьаз — Иосиф иҩны дацәыхараны Египетҟа дыргеит. Уа иара афараон иҿы амаҵ зуаз Потифар маҵуҩыс диаадырхәеит.

Иосиф агәкаҳара иҽаҭаны агәыӷра ицәыӡыр ауан. Аха иара агәымшәара ааирԥшуан, иарҳәозгьы гәыкала инаигӡон. Абиблиаҿы иануп: «Иегова Иосиф дицын». Анцәа Иосиф дицхраауан, дызҿыз аусқәа зегьы рҿы дманшәалазарц. Аҵыхәтәаны Потифар имаз-ихӡыз зегьы Иосиф игәра ганы инапы ианиҵеит.

Аха Иосиф ауадаҩрақәа изыԥшын. Иара «дхаҵа наӡа-ааӡахеит, даараӡа дыԥшӡахеит», убри аҟынтә Потифар иԥшәмаԥҳәыс длаԥшықәылҵеит. Лара уи дшылгәаԥхо лӡаӡомызт, зныкымкәагьы иаартны абас иалҳәахьан: «Усыцышьҭал». Иҟаиҵарызеи Иосиф? Иара иҭаацәа дырцәыхаран, маҵуҩыс дыҟан, ажәакала иуҳәозар, иԥшәмацәа иқәиҭын, иаарҭахыз изырур ауан. Уи адагьы, Потифар иԥшәмаԥҳәыс Иосиф иԥсҭазаара лырцәгьарц азы амчра лыман. Дылзаагама Иосиф лнапахьы, мамзаргьы агәымшәара аарԥшны мап иҳәоу?

Иосиф идыруан Потифар иԥшәмаԥҳәыс иԥсҭазаара лырцәгьар шлылшоз. Ицхрааи иара мап лыцәкра?

Иосиф Потифар иԥҳәыс илеиҳәеит игәра ганы зегьы инапы ианызҵаз лыԥшәма дшимҭиуа. Аха зегь раасҭа ихадоу, Иосиф абас леиҳәеит: «Нас, абри аҩыза ацәгьара уны, Анцәа иҿаԥхьа агәнаҳа шԥаҟасҵо?» Иосиф Иаб, Иегова, иахь имаз абзиабара Потифар иԥҳәыс лхыхрақәа рҿагыларазы агәымшәара инаҭон. Аха лара дааҟәымҵӡакәа есыҽны Иосиф лнапахьы иаагара дашьҭан. Убас ааигәа-сигәа амаҵуцәа аныҟамыз, Иосиф имаҭәа дҩамҵасын, инақәырӷәӷәаны абас иалҳәеит: «Усыцышьҭал». Иосиф иҽлымжәаны дыҩит, аха имаҭәа лнапаҿы инхеит. Потифар аҩныҟа даныхынҳә, Иосиф имаҭәа лхаҵа илырбеит, насгьы сцәа ԥиҽырц иҭахын ҳәа иалҳәеит. Потифар уи дараапкит, Иосиф абахҭа дҭаркырцгьы адҵа ҟаиҵеит.

Иосиф абахҭа хьшәашәа дҭашәеит. Ишьапқәеи ихәдеи зынџьырла иҿарҳәеит (Аԥсал. 105:17, 18). Уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы Иегова даанижьызшәа игәы иаанагар алшон. Аха Иосиф ус игәы иаанагаӡомызт. Иара еснагь Анцәа игәра игон, насгьы шықәсыла дзықәшәоз ауадаҩрақәа гәымшәарыла ихигон. Абахҭаҿгьы и́дырҵоз зегь гәыкала инаигӡон, Иеговагьы дизылԥхон. Абахҭа аиҳабы Иосиф пату иқәиҵон, убри аҟынтә иҭакыз зегьы дырхаиргылеит.

Иосиф ахаҵара ӷәӷәеи агәымшәареи ааирԥшуан, убри аҟынтә Иегова игәҭакы наигӡарц азы ихы даирхәеит. Зны Анцәа афараон ҩ-ԥхыӡк иирбеит, иара урҭ аӡәы иеилиркаарцгьы иҭаххеит. Иосиф Иегова ицхыраарала афараон иԥхыӡқәа иеилиркааит. Иара афараон иеиҳәеит урҭ аԥхыӡқәа рҵакы: бжьышықәса абарақьаҭра шыҟало, анаҩс бжьышықәса амлакра. Иосиф ииҳәаз афараон даара игәаԥхеит, убри аҟынтә атәыла иазыԥшыз амлакра иазыҟаиҵарц инапы ианиҵеит. Афараон Иосиф амчра ду ииҭеит, насгьы иара инаҩс Египет зегь иреиҳаз уаҩны дҟаиҵеит. Убасала Иосиф Египет инхоз ауаагьы иҭынхацәагьы амлакра иацәынирхеит. Иашьцәа афатә азы Египетҟа ианаа, Иосиф дырзымдырӡакәа иеихырхәеит. Убас Иосиф данқәыԥшыз Иегова иҟынтә иибахьаз аԥхыӡ наӡеит. Иашьцәагьы рхымҩаԥгашьала иаадырԥшит рыҽшырыԥсахыз. Уаанӡа зны ирцәымӷыз рашьа рабгьы даргьы еиқәирхеит, уи ада израильтәи ажәлар зыҟалаӡомызт. Уи зегь зыбзоурахаз Иосиф агәымшәареи Иегова иахь ахаҵара ӷәӷәеи ахьааирԥшуаз ауп.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Иосиф агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Иарбан фактқәоу ишьақәзырӷәӷәо Иосиф Египет дшынхаҵәҟьоз? (g-U 11/10 15, абз. 2).

  2. 2. Иабантәидыруаз Иосиф ахатә ҩыза иԥсахра Иегова «ацәгьара» ду ауп ҳәа ишиԥхьаӡоз? (Алаг. 39:9; w22.08 26, абз. 2).

  3. 3. Избан Иегова Иосиф Египет премьер-министрк иаҳасабала аҟалара алшара зииҭаз? (w96-U 1/5 10, абз. 4). 1

    Асахьа 1

  4. 4. Избан агәра ганы ҳзыҟоу Иосиф 110 шықәса анихыҵуазгьы ахаҵара ӷәӷәа шимаз? (Алаг. 50:25, 26; w07-U 1/6 28, абз. 10, 11). 2

    Асахьа 2

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Дышԥарызныҟәеи Иосиф иашьцәа, насгьы ишԥаҳацхраауеи иара иҿырԥшы ҳхаҵара ҳацеиҩызшо аӡәы ҳгәы нирхазар? (Алаг. 45:4, 5; 50:19—21).

  • Иосиф иҩны дшацәыхаразгьы Иегова дизиашан. Ишԥаҳацхраауеи иҿырԥшы:

    • ашкол аҿы? 3

      Асахьа 3

    • ԥсшьара џьара ҳанцо? 4

      Асахьа 4

    • аелектронтә хархәагақәа ҳхы ианаҳархәо? 5

      Асахьа 5

  • Ишԥашәылшо Иосиф шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Иосиф ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Иегова Иосиф ауадаҩрақәа дырцәихьчаӡомызт, аха урҭ рыхгара дицхраауан. Еилышәкаа, Иегова шәаргьы дшәыцхраар шилшо.

«Иегова ақәҿиара аиура дшәыцхраауеит» (w23.01 14—19)

Ишԥарылшо ахәыҷқәа Иосиф иҿыԥшлар, аӡәы ианиргәаауа?

«Ахачҳара аарԥшла ииашамкәа ианузныҟәо» (1:31)