13 ИИСУС НАВИН

Иара Анцәа дизыӡырҩуан, инапхгара уамашәа иубартә ианыҟазгьы

Иара Анцәа дизыӡырҩуан, инапхгара уамашәа иубартә ианыҟазгьы

ИИСУС НАВИН Анцәа иқәигарц иеиҳәаз ақалақь Иерихон дахәаԥшуан. Иегова Моисеи дыԥсаанӡа маҷк шагыз Иисус Навин абас иеиҳәеит: «Агәымшәара улаз, уӷәӷәаз!» (Ҩынтә. 31:23). Уи иара ибзианы игәалашәон. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова дырҩегь Иисус Навин игәазҭеиҵеит: «Агәымшәара улаз, даара уӷәӷәаз» (Иис. Н. 1:7). Ааи, Иисус Навин Иерихон дақәларц азы агәымшәара ду иҭахын. Избан?

Иерихон рацәак идуумыз, аха ихадаз қалақь ӷәӷәан. Иара аҭӡамц ӷәӷәақәа акәыршаны иҟаҵан, урҭ рыҩныҵҟагьы аус ҿаасҭақәа ирҿын. Уи израильаа раԥхьа изқәылараны иҟаз қалақьын, Изқәыргәыӷыз адгьыл ргарц азы. Ашәышықәсақәа раԥхьа Иегова амореиаа рыгәнаҳақәа рыӡбахә Авраам иеиҳәахьан, уахь иаҵанакуан Ханаан иқәынхоз ауаа зегьы. Анцәа Авраам иеиҳәеит урҭ рыгәнаҳақәа ианрыхьирхәуа аамҭа шааиуа (Алаг. 15:16). Абар иааит уи аамҭа. Ханаанаа ирылаҵәаны иҟан аидолқәа рымҵахырхәара, аныҳәарҭа аҩныҵҟа акаҳԥра, агомосексуализм, амаҳагьара, арахә рызнеира, иара убас рынцәа хәымгақәа рхәыҷқәа кәырбанс рызнагара. Ханаанаа иҟарҵоз ҿаасҭан, убри аҟынтә Иегова уи адгьыл цқьаӡам ҳәа иԥхьаӡеит, урҭ ықәхтәуп ҳәагьы иӡбеит (Алев. 18:3, 6, 21—27). Ишԥаҟалоз уи?

Иегова Иисус Навин иеиҳәеит ақалақь ӷәӷәа игарц, аха ауаҩы ихәаԥшышьала ииҭаз анапхгара аҟәыӷара аҵамшәа убон

Анцәа Иерихон ала далагеит. Иисус Навин ируааи иареи рыцхыраарала игәы иҭеикыз наигӡарц иӡбеит. Дара Иегова инапхгара ақәныҟәара иазхиан, аха уажәы ириҭаз анапхгара уаанӡатәиқәа иреиԥшмызт. Иегова Иисус Навин иеиҳәеит Иерихон дақәымларц, амацәаз иҭаскуеит ҳәагьы даламгарц. Уи аҭыԥан ақалақь иныҟәо иакәшаларц реиҳәеит. Дара уи фымш рыҩныҵҟа мышкахь знык иҟарҵалар рыхәҭан. Аԥшьаҩцәагьы ақалақь иакәшалар акәын, аиқәшаҳаҭра аковчег рыманы абыкь иасуа. Абыжьбатәи амш аан израильаа ақалақь бжьынтә иакәшаны иҳәҳәар акәын.

Иисус Навин аибашьраҿы аԥышәа ду иман, убри аҟынтә ауаҩы ихәаԥшышьала Анцәа ирыдигалаз астратегиа ҵакыдоушәа убар ауан. Израильаа аҵахазҭгьы, Ханаан ақалақьқәа рҿы инхоз ауаа ргәы иаанагар ауан израильаа рыр ԥсыҽуп, уақәларгьы ҟалоит ҳәа.

Даҽа ганкахьала, Иисус Навин Иегова игәрагаразы амзызқәа иман. Иаҳҳәап, Анцәа Иисус Навин иеилиркааит Иерихон инхоз ауаа даара израильаа ишрыцәшәоз — уи ус шакәыз уи ақалақь ахь ицаны иаахьаз ҩыџьа аԥшыхәцәа ирҳәеит. Уи адагьы, Иегова џьашьахәыла Иордан аӡқәа ааникылеит израильаа егьи аганахь ииасырц азы.

Иисус Навин, ҳәарада, абарҭқәа зегьы данрызхәыцуаз, Иегова игәрагара шилшо еиликаауан. Уи абзоурала Анцәа инапхгара ақәныҟәаразы агәымшәара иоуит. Ируааи иареи Иерихон иакәшаларц ицеит. Абыкь иасуаз аԥшьаҩцәагьы урҭ ирыцын. Ақалақь агәашәқәа иҵарҟаца иаркын, уа инхоз ауаа израильаа ирыцәшәаны ирабашьӡомызт. Адырҩаҽны Иисус Навин ируааи иареи дырҩегь Иегова ишиҳәаз еиԥш иҟарҵеит. Убас фымш иҟарҵац ҟарҵон.

Абыжьбатәи амш аан Иисус Навин ируаа Иерихон бжьынтә иакәшеит. Уи ашьҭахь аибашьцәа абас рыдиҵеит: «Шәыҳәҳәа, избанзар Иегова ақалақь шәиҭеит!» Убасҟан уамашәа иубашаз ак ҟалеит. Абиблиаҿы иануп: «Дара... аибашьратә ҿыҭбжьы андырга, аҭӡамц еилаҳаит».

Иисус Навин ируааи иареи ақалақь иажәлан, Иегова ишреиҳәаз еиԥш уа инхоз ауаа зегьы ықәырхит. Анцәа ицхыраарала израильаа ақалақь ҿыцқәа ргон, уи адгьыл аҿы инхоз ажәларқәагьы ириааиуан. Убас Иегова уи адгьыл амореиаа рыгәнаҳақәа рҟынтә арыцқьара далагеит.

Аха Иерихон аҭӡамц рацәак идуумыз хәҭак еиламҳаӡеит. Избан? Избанзар уа ахаҵареи агәымшәареи злаз ԥҳәыск дынхон. Уи лыӡбахә анаҩстәи ахаҿы ҳалацәажәоит.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

  • Ҩынтәзакәан 20:16—18

  • Иисус Навин 2:1, 9—11, 24; 3:14—17; 5:1; 6:1—21, 24

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Иисус Навин агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә иарбан хәҭақәоу иҟазар алшоз Иисус Навин Израильаа зқәыргәыӷыз адгьыл ахь даннеи аамҭазы? (w09-U 1/12 17, абз. 4, албаага). 1

    Асахьа 1

  2. 2. Иҟарҵарц реиҳәазеи Иегова израильаа Иерихон акәшара иалагаанӡа? Избан уи аҟәыӷара аҵамшәа убар залшоз? (Иис. Н. 5:2—8; w18.10 17, абз. 5—7).

  3. 3. Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иузырбо Иерихон амацәаз ианҭакыз аамҭа шкьаҿыз? (w15-U 15/11 13). 2

    Kennedy, Titus (2023). The Bronze Age Destruction of Jericho, Archaeology, and the Book of Joshua. Accessed via researchgate.net. Licensed under CC by 4.0 DEED

    Асахьа 2. Ажәытәтәи Иерихон ахьыҟаз аҭыԥ аҿы имҩаԥыргоз аԥшаарақәа раан ирбаз ачарыц зҭоу ихыблааны иҟоу аԥҳалқәа

  4. 4. Ишԥанаӡеи Иисус Навин 6:26 аҿы иану Иерихон иазкыз аԥааимбаражәа? (w98-U 15/9 21, абз. 8).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Избан Иисус Навин агәра зигоз Иегова иқәыргәыӷрақәа шынаигӡо? (Иис. Н. 23:14). Иҳацхраауазеи ҳаргьы убри аҩыза агәрагара аиура?

  • Ишԥаҳацхраауеи Иисус Навин иҿырԥшы Иегова иорганизациа иаҳнаҭо анапхгара ақәныҟәара? 3

    Асахьа 3

  • Ишԥашәылшо Иисус Навин шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Иисус Навин ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Ишԥаҳацхраауеи Иисус Навин иҿырԥшы аиҳабацәа ак рыҿҵаареи, Анцәа иқәыргәыӷрақәа рыгәрагареи, ҳизиашаны аанхареи, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы рхымҩаԥгашьа ҳгәы анаҳнархьуагьы?

«О чём помнил Иисус Навин» (w02-U 1/12 9—12)

Шәрыцхраа шәхәыҷқәа Иисус Навин иԥсҭазаара атәы аилкаара.

«Иисус Навин» (асаит jw.org аҿы иҟоу абиблиатә карточка)