19 ИЕФФАИИ ИԤҲАИ

Зынагӡара мариамыз аҿаҭахьа

Зынагӡара мариамыз аҿаҭахьа

АУРИАЦӘА дырҩегь Иегова ицәхьаҵит, убри аҟынтә аамҭа цәгьақәа ирҭагылеит. Иегова иуит аммонитаа 18 шықәса рыҩныҵҟа урҭ дыргәаҟларц (Аӡб. 10:8). Аҵыхәтәаны ауриацәа еилыркааит Иегова иҿагыланы агәнаҳа шыҟарҵоз. Дара амцнцәақәа ықәганы, Анцәа ду имаҵ аура иалагеит. Аха уи ашьҭахь хара имгакәа аммонитаа ауриацәа ирықәларц азы Галаад еизеит.

Галаад аиҳабацәа Иеффаи зыхьӡыз ауаҩы иарҳәеит: «Ҳуҳәоит... ҳар урхагыланы аммо́наа урабашь». Иеффаи уаанӡа Галаад дынхон, аха уантәи дықәҵыр акәхеит, избанзар иуацәа шьоукы ииашамкәа изныҟәеит. Аха иара урҭ ргәаӷ имаӡамызт, убри аҟынтә дхынҳәны ар дырхагылеит. Раԥхьа иара зегь ҭынч аӡбара иҽазишәеит. Ацҳаражәҳәаҩцәа рыла иара аммонитаа раҳ иеиҳәеит ауриацәа ирымихырц ииҭахыз адгьыл агара азин зимамыз. Иеффаи иажәақәа иудырбон Анцәа ижәлар рҭоурых бзианы ишидыруаз. Иара еиҭеиҳәеит Иегова ауриацәа Изқәыргәыӷыз адгьыл шриҭаз, уа иқәынхоз ажәларқәа риааирагьы дышрыцхрааз. Аха аммониттәи аҳ Иеффаи ииҳәаз дазымӡырҩӡеит, игәы иҭазгьы имԥсахӡеит.

Иеффаи аибашьра иҽаназыҟаиҵоз Иегова уамашәа иубар алшоз ажәа ииҭеит. Аха урҭ ажәақәа дымхәыцӡакәа ииҳәаз жәақәаӡамызт, избанзар Абиблиаҿы иҳәоуп уи аԥхьа Иеффаи Иегова иҟынтә иԥшьоу адоуҳа иоуит ҳәа. Иара Анцәа абас иеиҳәеит: «Аммо́наа риааира усыцхраар, аиааира ганы саныхынҳәлак, сыҩны идәылҵны исԥыло Иегова дитәхоит. Сара уи ирбылуа кәырбанс Анцәа дисҭоит».

Иаанагозма Иеффаи иажәақәа ауаҩы кәырбанс днеигар иҭахын ҳәа? Ҳәарада, мап. Иегова ауаҩы кәырбанс инагара иҿаасҭоу усны иԥхьаӡон, ижәларгьы уи аҟаҵара азин риимҭаӡеит (Ҩынтә. 18:10, 12). Ииҳәарц ииҭахызи Иеффаи «сыҩны идәылҵны исԥыло Иегова дитәхоит» ҳәа аниҳәа? Иара Анцәа ажәа ииҭеит уи ауаҩы иԥсҭазаара зегь Анцәа имаҵ аура ишазикуа, иҟалап, Силом иҟаз иԥшьоу ақьалаҿы. Иеффаи еиликаауан уи ажәа анагӡара шымариамхоз, избанзар хшара заҵәык диман — бзиа иибоз иԥҳа. Аиааира ганы даныхынҳәлак, аԥхьа идәылҵны иԥыло лара лакәхар ауан.

Иеффаи Иегова ажәа анииҭа ашьҭахь иаразнак аммонитаа драбашьырц ддәықәлеит. Иегова Иеффаи ируаа аиааира ду риҭеит. Ауриацәа раӷацәа ԥыххааса иқәырҵеит, аммонитаа иртәыз 20 қалақь ргеит.

Иеффаи аиааира ду ганы дгәырӷьаҵәа аҩныҟа дхынҳәит. Иҟалап иара дгәыӷуазҭгьы раԥхьа имаҵуцәа руаӡәк диԥылоит ҳәа. Аха игәыӷрақәа башахеит. Иԥҳа лоуп раԥхьа идәылҵны иԥылаз. Лара ахьархьар алырҳәон, дагьыкәашон. Иеффаи имаҭәа ишәхаԥижәан, дӷьаҵәыӷьаҵәуа абас иҳәеит: «Сыԥҳа, сгәы еиҟәыбжәеит, избанзар уажәшьҭа бареи сареи ҳаиԥырҵыр акәхоит!»

Иеффаии уи иԥҳаи Иегова ирҭаз ажәа нарыгӡар акәын, аха уи азы дара мап зцәыркыз рацәахеит

Иеффаи иԥҳа еилылкаауан лаб Иегова ииҭаз ажәа ҵакыс иамаз. Лара илдыруан лыԥсҭазаара зегьы Иегова иԥшьоу имаҵзура иазылкыр шакәыз. Уи иаанагон ахаангьы хаҵа дышзымцоз, ахшарагьы дшылмоуаз. Дарбанзаалак израильтәи аԥҳәыс лзы ари рыцҳара дуӡӡан. Аха уеизгьы ари аԥҳәызба агәымшәара аарԥшны, лаб иалҳәеит: «Саб, Иегова ажәа иуҭазар, уажәа инақәыршәаны усызныҟәа». Дзыҳәаз акызаҵәык ауп — ҩымз лҩызцәеи лареи аамҭа еицырхыргарц азы доуишьҭырц. Лара ахаан хаҵа дахьзымцо, насгьы аныс дахьзыҟамло азы урҭ дрыцҵәыуон.

Иеффаи иԥҳа иԥшьоу ақьала аҟны амаҵ анылуаз ацхыраареи агәышьҭыхреи лырҭон. Есышықәса израильтәи аҭыԥҳацәа ԥшьымш ҳәа лара лахь иаауан лгәы шьҭырхырц, иаалырԥшуаз ахамеигӡареи агәымшәареи азы ддырҽхәарц. Иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ аура ҳаҭыр дуун. Иҟалап уи аамҭазы акәызҭгьы Самуил хәыҷы уа даныҟаз. Ҳара ишьақәырӷәӷәаны иҳазҳәаӡом Иеффаи иԥҳа Самуил хәыҷ иааӡара дрыцхраауан ҳәа. Аха уи ус акәызҭгьы шәхаҿы иаажәг шаҟа агәырӷьара лзаанагоз, избанзар лара ахшара лымаӡамызт. Ишаҳдыруа еиԥш, усҟантәи аамҭазы иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ зуаз ахацәеи аҳәсеи шьоукы ламысдарала рхы мҩаԥыргон — еицышьҭалон (1 Сам. 2:22). Аха ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иеффаи иԥҳа уи дшалахәымыз, избанзар Абиблиаҿы лара илызкны иҳәоуп: «Лара ахаан ахаҵа длымбацызт».

Апостол Павел Иеффаи ахаҵара ӷәӷәа змаз Анцәа имаҵзуҩцәа дырхиԥхьаӡалеит (Аур. 11:32). Иеффаи Анцәа ижәлар дрыдгыланы деибашьуан, Иегова ииҭаз ажәагьы наигӡеит, уи шымариамызгьы. Иеффаи иԥҳа лакәзар, лаб ииҳәоз дадгылон. Урҭ агәымшәара аарԥшраҿы аҿырԥш бзиа ҳарҭеит!

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥаадырԥшуаз агәымшәара Иеффаии уи иԥҳаи?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Аммонитаа ауриацәа изрықәлаз рыдгьылқәа ргарц мацаразы акәӡам, урҭ Анцәа ду имҵахырхәарагьы ықәыргар рҭахын. Избан уи аҩыза алкаа ҟаҳҵар зҳалшо? (it-U «Иеффай», абз. 6). 1

    Асахьа 1. «Дара амцнцәахәқәа ықәганы Иегова имаҵ аура иалагеит» (Аӡб. 10:16)

  2. 2. Излеиԥшызи Иеффаии Иакови Иегова ажәа анирҭоз ирымаз агәазыҟашьа? (it-U «Иеффай», абз. 11).

  3. 3. Избан Иеффаи Иегова ииҭаз ажәа анагӡара зымариамыз? (w17.04 4, абз. 6).

  4. 4. Самуил диит 1180 шықәса раҟара ҳ. ҟ. азы. Избан иаҳҳәар зҳалшо иԥшьоу ақьалаҿы Иеффаи иԥҳаи Самуили аамҭак аҩныҵҟа амаҵ еицыруан ҳәа? (it-U «Иеффай», абз. 2; шәахәаԥш аамҭатә еихшарбага «Енох инаиркны аӡбаҩцәа рҟынӡа»).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Аҭаацәа Иеффаи иеиԥш агәымшәара аадырԥшуазар, ирнырыр шԥалшо уи ахәыҷқәа?

  • Ишԥарылшо ақьырсианцәа Иеффаи иԥҳа лгәы шьҭызхуаз, лмаҵзура анаҩсгьы анагӡара илыцхраауаз израильтәи аҭыԥҳацәа ирҿыԥшлар? 2

    Асахьа 2

  • Ишԥашәылшо иҵегьы Иеффаи иԥҳаи иареи шәырҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Иеффаи иԥҳаи иареи ирышәҭарц ишәҭаху рыԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Ишԥарыцхраауеи Иеффаи иԥҳа лҿырԥшы аҭаацәара иалам ақьырсианцәа?

«Аҭаацәара аламзаараҿы агәырӷьара шәыԥшаала» (5:15)

Еилышәкаа Иеффаи иԥҳаи иареи ирызку ажәабжь Иегова еснагь ҳизиашаны аанхара ишҳацхраауа.

«Анцәа иахь азиашара аазырԥшуа азылԥхарақәа риҭоит» (w16.04 5—9)