17 ИАЕЛЬ
«Аҳәса рыбжьара зегь реиҳа ихьӡырҳәагоу аԥҳәыс»
СИСАРА ируаа зегь ахьҭахаз, аибашьра ахьцоз Изреель акаршәра аҟынтә дыбналеит. Иара агәра изгомызт 900 еибашьыгатә ҽыуардынқәа рыла еибыҭаз, амчра ӷәӷәа змаз ир, уиаҟара абџьар змамыз шьапыла иҟаз ауриацәа иԥыххааса ишықәырҵаз. Уажәшьҭа Сисара дзызхәыцуаз ак акәын: иҽахьиҵәахыша. Убри аҟынтә иара акенеи Хевер илагер ахь деихеит.
Кенеиаа Израиль инхоз лассы-лассы зынхарҭа ҭыԥ зыԥсахуаз жәларын. Дара Моисеи ихаан аахыс ауриацәа ирыдгылон, избанзар Моисеи иԥҳәыс кенеиаа рҭаацәара датәын. Аха акенеи Хевер ауриацәа ракәымкәа, ханаантәи аҳ Иавин дидгылон. Убри азоуп Иавин ируаа реиҳабы, Сисара, Хевер илагер аҿы иҽиҵәахыр илшоит ҳәа игәы изаанагоз. Иара издырӡомызт Хевер иԥҳәыс, Иаель, лхаҵа иган акәымкәа, израильаа рган шаанылкылоз.
Уи аамҭазы Хевер алагер аҿы дыҟаӡамызт. Иаель Сисара дшаауаз анылба, ирласны иҟалҵашаз лыӡбар акәын. Ҳәарада, лара илдыруан Сисара дызусҭаз, шаҟа дшәарҭазгьы. Аха лара илзымдыруазар ҟаларын Девора ԥааимбаражәаны илҳәахьаз — Сисара ахаҵа иакәымкәа, аԥҳәыс дшылшьуа. Ишыҟазаалакгьы Иаель еилылкаауан Иегова лара лҟынтә дыззыԥшыз. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?
Ԥыҭрак ашьҭахь Девора Анцәа идоуҳа ацхыраарала Варак Сисара дшииааиз иазкыз ашәа лхәыцит. Уа иҳәан: «Акене́и Хеве́р иԥҳәыс Иае́ль аҳәса рыбжьара зегь реиҳа ихьӡырҳәагоу ԥҳәысуп, ақьалақәа рҿы инхо аҳәса рыбжьара». Иаель игызмалыз, игьангьашыз ԥҳәысын ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Аха уи ус акәӡам. Раав леиԥш Иаель агәымшәара аарԥшны Иегова иган аанкылара дазхиан, иаӷацәа рган акәымкәа. Лара илдыруан Сисара Анцәа иаӷа цәгьа шиакәыз. Уажәы лара алшара лоуит уи иҭыԥ иқәҵара. Аха ишԥаҟалҵари уи?
Иаель еилылкаауан Сисара напышьашәала диҿалазҭгьы, лыԥсы ҭаны дышнымхоз. Избанзар иара дыӷәӷәан, аибашьра иаӡрыжәхьаз аӡә иакәын. Убри аҟынтә лара даҽакала лхы мҩаԥылгеит. Иаель Сисара иалҳәеит ақьала дыҩналаны иԥсы ишьарц. Уа дахьықәиаз ак иқәлыршәит. Сисара аӡы данаҳәа, Иаель ахш илҭеит. Иара длыҳәеит ақьала аҩналарҭа дылагыланы дыԥшларц, иагьлеиҳәеит: «Аӡәы дааины „аӡәыр дыҟоума“ ҳәа дбазҵаар, „мамоу“ ҳәа иаҳә». Уи ашьҭахь иара дҭаҳәахаа дыцәеит.
Анцәа иӡбеит игәымбылџьбараз аибашьҩы аԥҳәыс лнапала дҭахоит ҳәа
Иаель еилылкааит ак ҟалҵарц азы аамҭа шааиз. Лара ихьанҭаз ажьаҳәеи ақьалазы рхы иадырхәоз аҵәҩани аашьҭылхит (иҟалап урҭ амҿы иалхызҭгьы). Урҭ лассы-лассы лхы иалырхәоз мыругақәазҭгьы ҟаларын. Лара ицәаз Сисара иааигәара ашьшьыҳәа днеин, днеихагылан длаҟәит. Гха заҵәык лыхьызҭгьы, Иаель аԥсышьацәгьа лоуан. Аха уи агха лмыхьӡеит. Али-ԥси рыбжьара Сисара ихы аҵәҩан алаҵаны дылшьит.
Ԥыҭрак ашьҭахь Варак Сисара дишьҭаланы Хевер илагер ахь дааит. Иаель диԥылан, ус иалҳәеит: «Уаала, узышьҭоу ауаҩы дусырбоит». Варак ақьала даныҩнала, зегьы Девора ишылҳәахьаз еиԥшҵәҟьа ишыҟалаз ибеит, — Иегова «аԥҳәыс лнапала Сисара дҭахартә иҟаиҵеит».
Вараки Девореи ирҳәоз аиааирашәаҿы Иаель иаалырԥшыз агәымшәара атәы рҳәон. Уи ашьҭахь Абиблиаҿы Иаель лыӡбахә уаҳа џьаргьы иҳәаӡам. Аха иахьагьы 32 шәышықәса инареиҳаны ишыҵхьоугьы, лара лҭоурых иаҳнарҵар алшо рацәоуп. Уажәшьҭа Иегова имаҵзуҩцәа абџьар кны еибашьӡом, дара адоуҳатә еибашьроуп излахәу. Уи аибашьраҿы аиааира ҳгарц азы ҳара иахьа еиҳагьы Иаель илымаз агәымшәара аҩыза ҳҭахуп.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥаалырԥшуаз Иаель агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Ирзеиԥшузеи Вараки Сисареи реибашьреи Армагеддон аибашьреи? Иаҳнарҵозеи уи ҳара? (w19.09 8—9, абз. 3—6).
-
2. Иаель лхаҵа Хевер ауриацәа раӷацәа ханаанаа дрыдгылон. Иарбан еиуароу ирыбжьаз ауриацәеи иареи? (it-U «Хевер», № 2).
-
3. Иарбан ҭагылазаашьоу израильаа акыршықәса рышьҭахь изҭагылаз, насгьы ишԥарӷәӷәоз урҭ рхаҵара Сисареи Иавини иахьыриааиз? (w08-U 15/10 14—15, абз. 12—15).
-
4. Еилаҳкаауазеи Девора лҟазшьақәа ирызкны Иаель илзылкыз ашәа аҟынтә? Иаҳнарҵозеи уи ҳара? (w15-U 1/8 15, абз. 3). 1
Асахьа 1
Асахьа 1
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ианбалҭаххар алшо Иегова имаҵ зымуа ахаҵа дызмоу аиаҳәшьа Иаель илымаз аҩыза агәымшәара?
-
Иаель Девора леиԥш дԥааимбарӡамызт, Варак иеиԥшгьы деибашьыҩӡамызт. Аха лара Иегова изы илылшоз зегь ҟалҵон. Ҳалҿыԥшлар шԥаҳалшо лара, ҳҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны Иегова имаҵ аураҿы шаҟа ҳҭаху ҳзыҟамҵозар? 2
Асахьа 2
-
Ишԥашәылшо иҵегьы Иаель шәылҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Иаель илышәҭарц ишәҭаху лыԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Шәахәаԥш ари авидеонҵамҭа, насгьы еилышәкаа Иаель лҿырԥшы иқәыԥшу аиаҳәшьа зыгәра лго аҳәара ишлыцхрааз.
«Ашәаргәындацәа шәырмеиԥшхан! Мероз инхоз ракәымкәа, Иаиль шәылҿыԥшла» (1:40)
Иаель — ҳазҿыԥшлар ҳалшо аҳәса аӡәырҩы дреиуоуп. Шәаԥхьа урҭ рҟынтә шьоукы рыӡбахә.
«Женщины в Библии: чему учит их пример?» (ijwbq-U астатиа 161)

