1 ЕНОХ

Иара Анцәа дицын

Иара Анцәа дицын

ЕНОХ егьырҭ ауаа дреиԥшӡамызт, убри аҟынтә ихы заҵәны ибозҭгьы ҟаларын. Абиблиаҿы иануп иара Анцәа дицын ҳәа, убри ала ихаан инхоз егьырҭ ауаа дреиԥшӡамызт. Аха ишԥаилшо ауаҩԥсы Анцәа ицзаара? Еилаҳкаар ҳалшозеи агәымшәара иазкны Енох иҭоурых аҟынтә?

Енох еснагь Анцәа дышицыз иԥсҭазаара зегь ианыԥшуан. Актәи, иара Анцәа даанзыжьыз иааикәыршаны инхоз ауаа реиԥш ихы мҩаԥигаӡомызт. Енох Адами Евеи ирхылҵыз абиԥарақәа рҟынтә абыжьбатәи абиԥара датәын. Уи аамҭазы Адам иԥсы ҭан, аха акырӡа иқәрахь днеихьан. (Шәахәаԥш аамҭа аихшарбага «Енох инаиркны аӡбаҩцәа рҟынӡа».) Адами Евеи Анцәа иҿагылеит. Урҭ ирхылҵыз ауаа реиҳараҩыкгьы дара иреиԥшхеит. Иаҳҳәап, Адами Евеи рԥа Каин иашьа Авель дишьит — гәыкала Анцәа дхазҵоз раԥхьаӡатәи ауаҩы. Каин ихылҵыз рҟынтә шьоукы иара иаасҭа еицәамзар, еиӷьмызт (Алаг. 4:23, 24). Енох иакәзар, агәымшәара ааирԥшуан. Иара арыцҳашьара зламыз ацәгьоуцәа дреиԥшӡамызт. Иара аҭынчра иашьҭаз уаҩын, уи Иегова даргәырӷьон.

Енох диаанӡа акыр шыбжьаз «ауаа Иегова ихьӡ аҳәара иалагеит» (Алаг. 4:26). Дара Анцәа ихьӡ ииашамкәа рхы иадырхәозҭгьы ҟаларын, амцмҵахырхәараҿгьы рхы иадырхәозҭгьы ҟалап. Аха Енох уи иҽалеигалаӡомызт. Иара иԥшьоу Анцәа ихьӡ бзиа ибон, даарагьы пату ақәиҵон. Иаамҭазы инхоз ауаа рзы ус узҳәом.

Енох ауаа ирылеиҳәоз ажәабжь ргәы ԥнажәон, убри азы дыршьыр рҭахын, аха Иегова дихьчеит

Аҩбатәи, Енох Анцәа ииҭахыз ҟаиҵон, идыз иҷыдоу адҵагьы наигӡон. Уи адҵа анагӡаразы агәымшәара аҭахын. Анцәа иҭахын Енох ԥааимбарс дҟаларц, насгьы арыцҳашьара зламыз ацәгьоуцәа ргәырҽанызҵоз ажәабжь реиҳәарц. Абар уи ажәабжь зеиԥшраз: «Иегова жәанызқьҩыла иԥшьоу амаалықьцәа иманы дааит, ауаа цәгьақәа рус ҟьашьқәа аартны зегьы идирбарц азы, избанзар урҭ гәнаҳаҟаҵаҩцәоуп, уи адагьы, Анцәа иакәым изҳәаны дладырҟәуан».

Иазгәашәҭ Енох Анцәа игәы иҭеикыз наигӡахьазшәа дышцәажәоз. Уи иаанарԥшуан Енох иажәақәа хымԥада ишынаӡоз. Енох иажәабжь иара убас иаанарԥшуан ауаа рхымҩаԥгашьа Иегова шаҟа игәы ԥнажәоз. Шәахәаԥш Енох ихы иаирхәоз ажәақәа зеиԥшроу: «ауаа цәгьақәа», «аус ҟьашьқәа», «иакәым зҳәо», «агәнаҳаҟаҵаҩцәа»! Ҳәарада, арҭ ажәақәа заҳауаз ауаа даараӡа ргәы ԥжәон. Аха Енох агәымшәара аарԥшны Иегова ауаа иреиҳәарц ииҭахыз иҳәон.

Иахырҳәааи уи ауаа? Абиблиа иаартны иаҳәаӡом, аха иҳаилнаркаауеит аамҭак азы Енох иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылаз. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Уа иануп: «Уаҳа аӡәгьы димбаӡеит, избанзар Анцәа дигеит». Иҟалап ауаа цәгьақәа Енох ишьҭашәарыцо иалагазар. Иегова бзиа иибоз иҩыза аԥсышьа цәгьа дацәихьчарц азы «дирцәеит». Енох дыԥсит, убри аҟынтә уаҳа аӡәгьы уи цәгьарак изиур илшомызт. Аха Иегова Енох дихамышҭӡеит, ҽнак зны хымԥада иԥсы ҭеиҵоит.

Абиблиаҿы иануп: «Аха даҽа ҭыԥк ахь диагахаанӡа, Анцәа уи дшизыразыз иирбеит». Иегова Енох иҷыдоу аҳамҭа изыҟаиҵеит. Иҟалап иара џьанаҭ дгьыл аҿы изыԥшу, аҭынчра ахьыҟало аԥсҭазаара иирбазар. Убасала Иегова Енох дизылԥхеит ахаҵара ӷәӷәеи агәымшәара дуи ахьааирԥшуаз азы, бзиа дшибозгьы агәра ииргеит.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Енох агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Ҵакыс ирымазар алшои «ауаа Иегова ихьӡ аҳәара иалагеит» ҳәа Абиблиаҿы иану ажәақәа? (Алаг. 4:26; w01-U 15/9 29, абз. 3).

  2. 2. Анцәа Енох ахаан аӡәгьы иимҭацыз адҵа ииҭеит. Иарбаныз уи? Ицхрааи иара уи анагӡара? (w01-U 15/9 31, абз. 5).

  3. 3. Избан Енох дԥааимбархаанӡагьы агәымшәара ду шиҭаххоз еиликаауазар ауан ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (w06-U 1/10 19, абз. 13, 14). 1

    Асахьа 1

  4. 4. Шьоукы Анцәа Енох ажәҩан ахь дигеит ҳәа ргәы иаанагоит, аха ишԥадеилшәыркаарыз урҭ уи ус шакәым? (Иоанн 3:13; Аур. 11:5, 13).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Ианбаҳҭаххар алшо еиҳагьы агәымшәара, аӡәы Абиблиа аӡбахә изеиҭаҳҳәарц азы? Енох иҿырԥшы ишаҳнарбо ала, иҳацхраауеи уи аҿы? 2

    Асахьа 2

  • Цәаныррақәас изцәырҵуеи Иегова, агәымшәара аарԥшны ҳаницу? (Ажәам. 27:11; Аур. 11:5).

  • Ишԥашәылшо иҵегьы Енох иеиԥш агәымшәара аарԥшра?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Енох ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Ишԥашәыцхраауеи Енох иҿырԥшы, ацәгьаҟаҵаҩцәа шәрыланхозар?

«Агәрахаҵара змамыз ракәымкәа, измаз шәырҿыԥшла: Ламех иакәымкәа, Енох» (2:53)

Ицхраазеи Енох ахаҵара ӷәӷәа аизырҳара?

«Ходите с Богом в эти беспокойные времена» (w05-U 1/9 13—17)