16 ВАРАКИ ДЕВОРЕИ
«Суцны сцоит»
ИЗРАИЛЬ аамҭа цәгьа иҭагылеит. Ажәлар Иегова даанрыжьит. Анцәа ишиҳәахьаз еиԥш ауриацәа ҭаха рызымҭоз раӷацәа рҟынтә рыхьчара даҟәыҵит. Убри аҟынтә урҭ ханаантәи аҳ Иавин дрықәлеит. Иавин ир Сисара зыхьӡыз игәымбылџьбараз ауаҩы дахагылан. Иара 900 еибашьыгатә ҽыуардынқәа змаз ар дуӡӡа напхгара азиуан.
20 шықәса дуӡӡа рыҩныҵҟа Сисара дызхагылаз ханаанаа ауриацәа аума рзаарцон. Излаҳбо ала, дара ақалақьқәа ианрықәлоз иқәыԥшыз аҳәса тҟәаны иргон, амш рылыргон. Аҭагылазаашьа цәгьан — амҩақәа ҭацәит, ақыҭақәа рҿгьы уаҩ дахӡамызт. Ахыхьчаразы абџьар змаз ауриацәа маҷҩын.
Уи аамҭазы Девора зыхьӡыз, агәымшәара злаз аԥҳәыс Иегова иԥааимбар лакәын. Иара убас лара ауриацәа ирзеимакыраз аусқәа лыӡбон. Иегова Девора лыла Варак иҟаиҵашаз иеиҳәеит. Иара уи ӡбаҩыс далихит, ижәлар реиқәырхарагьы инапы ианиҵеит. Шәхаҿы иаажәг Варак шаҟа иџьеишьаз Иегова Девора лыла ианиеиҳәа 10 000-ҩык аруаа еизганы ашьха Фавор дхаларц. Анцәа уи ажәа ииҭеит Сисара ири иареи дшыриааиуа.
Ишԥаидикылеи Варак Иегова аԥҳәыс лыла иҟаиҵашаз ахьиеиҳәаз? Иԥырхагахама аԥагьара лажәақәа рзыӡырҩра? Мап, иара иҳәеит Анцәа идҵа шынаигӡо, уимоу Девора дицны дцарцгьы иҭаххеит. Варак ахаҵара́ изымхозҭгьы? Мап, апостол Павел уи ахаҵара ӷәӷәа змаз ауаа дырхиԥхьаӡалеит (Аур. 11:1, 2, 32). Варак агәра игон Иегова Девора лыла анапхгара шииҭоз, убри аҟынтә дицзар иҭахын, уи абзоурала Анцәа ишиҭахыз еиԥш аибашьра илшон. Девора Варак дицны ацара дақәшаҳаҭхеит. Лара илҳәеит Варак аиааира шиго, аха Сисара дызшьуа иара шиакәымхо, даҽа хаҵакгьы шиакәымхо. Анцәа иӡбеит уи дызшьуа аԥҳәыс лакәхоит ҳәа.
Варак аус инапы аиркит. Иара 10 000-ҩык агәымшәара злаз ахацәа еизиган, излаилшоз ала бџьарла еибиҭеит. Дара ицны ашьха Фавор ахь ицеит. Уи ашьха иаарҳәны ишьҭоу агәыблаа иеиԥшын. Уи аҳаракыра 562 метра аҟара иҟан. Уи ашьха аҟынтә Изреель акаршәра бзианы иубарҭан. Уантәи Девореи, Вараки, ирыцыз аибашьцәеи харантә ирбар рылшон Сисареи аҽыуардынқәа ирықәтәаз ируааи.
Варак еибашьҩык иеиԥш дхәыцуазҭгьы, Сисара иҽыуардынқәа ашьха иазааигәаханы амардара икыдлаанӡа дырзыԥшуан. Усҟан дара рныҟәашәа дырмаҷрын, ауриацәагьы урҭ рабашьра рзымариахон. Аха Варак идыруан ари аибашьра иара иакәымкәа, Иегова ишитәыз, убри аҟынтә зегьы Девора ишылҳәаз еиԥш иҟаиҵеит. Ируаа акаршәрахь илбааны аибашьыгатә ҽыуардынқәа ирыжәлеит.
Вараки Девореи игәымбылџьбараз ар реиҳаби бџьарла еиқәных еибыҭаз ируааи ирабашьыр акәын
Аибашьҩы ихәаԥшышьала ауриацәа зықәгәыӷуаз ҳәа акгьы рымамызт. Аха Иегова урҭ ирымаз агәымшәара ибон, уи азы дагьырзылԥхеит. Иара ханаанаа рыпланқәа хирбгалеит. Ақәаршҩы ӷәӷәа алагеит, иаарласынгьы Изреель акаршәра ӡмахҭрахеит, ханаанаа зықәгәыӷуаз рҽыуардынқәа аҳәынҵәа илахан, акгьы иаԥсамкәа ирымпыҵахеит. Сисара ируаа ауриацәа ирҿагыланы напышьашәала ирабашьыр акәхеит, урҭ зегь ҭахеит. Аха ихьзеи Сисара ихаҭа?
Сисара иахьеибашьуаз акаршәра аҟынтә дыбналеит, аха Варак уи дишьҭалеит. Ханаантәи ар реиҳабы дшәаны аҳәынҵәа илаԥсуаз ируаа кажьны дцеит, деиқәхеит ҳәагьы игәы иаанагон. Аха Иегова идыруан Сисара иаарласны изыԥшыз.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥаадырԥшуаз Вараки Девореи агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Ирыԥсҭазаашьази ауриацәа Сисара ҭаха анримҭоз? (w15-U 1/8 12, абз. 6, албаага).
-
2. Избан Девора Самуил ԥааимбарс дҟалаанӡа Израиль амаҵ зуаз 12-ҩык аӡбаҩцәа дзырхыԥхьаӡалам? (w86-U 6/1 31, абз. 6—8).
-
3. Ҵакыс ирымоузеи Девора «анык леиԥш Израиль дгылеит» ҳәа иҳәоу ажәақәа? (Аӡб. 4:4, 5; 5:7; w15-U 1/8 13, абз. 1). 1
Асахьа 1
Асахьа 1
-
4. Девореи Вараки ашәа иалаҵаны ирҳәон Сисара иҿагыланы «аеҵәақәа еибашьуан» ҳәа. Иаанагози уи? (Аӡб. 5:20; w05-U 15/1 25, абз. 4).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ирыцхраар анбалшо аишьцәа аԥҳәыс лҟынтә ацхыраара здызкылаз Варак иҿырԥшы? 2
Асахьа 2
-
Избан Девора Варак дицны дцарц азы агәымшәара зылҭахыз? Ианбаҳҭаххар алшо ҳаргьы убри аҩыза агәымшәара?
-
Ишԥашәылшо иҵегьы Вараки Девореи шәырҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаарақәоу Вараки Девореи ирышәҭарц ишәҭаху рыԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Еилышәкаа ари ажәабжь агәра шаҳнарго Иегова изы иҟаҳҵо зегьы ахә ҳаракны ишишьо.
«Иаашәырԥшуа ахамеигӡара Иегова дҳаранаклааит!» (w17.04 27—32)
Ишԥаҳацхраауеи Вараки Девореи рҿырԥшы Иегова игәра агара, изыӡырҩра, насгьы аԥагьара аамырԥшӡакәа имаҵ аура?
«Благодаря вере Варак разбил могущественное войско» (w03-U 15/11 28—31)

