4 АВРААМ

Иегова ихьӡала еибашьуаз раԥхьатәи ауаҩы

Иегова ихьӡала еибашьуаз раԥхьатәи ауаҩы

ИЕГОВА иҩыза Авраам иџьоушьаша ажәа ииҭеит. Уи ауаатәыҩса рԥеиԥш зыԥсахраны иҟаз ак акәын. Иара иҳәеит: «Сара ажәлар ду ухылҵыртә иҟасҵоит». Анцәа иара убас Авраам иирбеит уи ажәлар ахьынхало адгьыл чашә (Алаг. 12:2; 13:14, 15). Аха Аҩсҭаа уи ажәлар ҟамларц азы илшоз зегь аҟаҵара дазхиан. Аџьныш идыруан уи ажәлар рыбжьара дшиуаз инапхгара цәгьа аҵыхәтәа ԥызҵәоз, иара ихаҭагьы дықәызхуаз «ахылҵ» (Алаг. 3:15).

Аҩсҭаа Авраам иҭынхацәеи иареи дрышьҭашәарыцо далагеит, Авраам иашьа иԥа Лотгьы уахь дналаҵаны. Авраам Анцәа израильаа зықәиргәыӷыз адгьыл аҿы Лот анхаразы аҭыԥ алихырц анидигала, иара зегь реиҳа ибеиаз, ичашәыз аҭыԥ алихит. Уи адгьыл Содом азааигәара ишьҭан. Уа инхоз ауаа Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟарҵон, дара уаа хәымгақәан (Алаг. 13:8—13). Содомтәи аҳи ҩызцәас имаз ханаантәи егьырҭ ԥшьҩык аҳцәеи еламтәи аҳ ашәахтә изыршәон. Аха дара уи ргәаԥхаӡомызт азы иҿагыларц рыӡбеит. Еламтәи аҳ урҭ драбашьырц азы егьырҭ адгьылқәа рҟынтә хҩык аҳцәа ацхырааразы дрыҳәеит. Дара ааидгылан ханаантәи аҳцәа рыр ԥыххааса иқәырҵеит. Аиааира згаз аҳцәа амазара дуи атҟәацәеи рыманы рыдгьылқәа рахь идәықәлеит. Урҭ атҟәацәа рыбжьара Лот иҭаацәареи иареи ыҟан.

Авраами 318-ҩык имаҵуцәеи еидгылаз ԥшьҩык аҳцәа рыруаа ирабашьуан

Иахиҳәааи уи Авраам? Иара дхәыцыр ауан: «Уи сара сус алаӡам. Лот иоуп изхароу. Иаҭахӡамызт Содом нхарҭа ҭыԥс алхра». Мамзаргьы ус игәы иаанагар алшон: «Лот деиқәсырхоит ҳәа сдәықәлар, амч ду змоу аҳцәа срабашьыр акәхоит. Сара ахаан смеибашьӡацт, ауасақәа рааӡашьа ауп издыруа». Уи адагьы, аҳцәа руаӡәк Авраам шьҭрала дахьатәыз Сеннаар адгьыл напхгаҩыс даман. Авраам уи аҳ диҿагылазҭгьы, аԥсҭазаара бзиа ахьыҟаз Урҟа уаҳа ахаан дзыхынҳәӡомызт. Аха иара ус дхәыцӡомызт. Авраам идыруан Иегова иара иҟынтә ииҭахыз.

Уи аамҭазы Авраам илагер аҿы зықьҩык инареиҳаны ауаа ыҟазар ҟаларын. Урҭ рыбжьара аибашьра иазыҟаҵаз 318-ҩык ахацәа ыҟан. Авраам урҭ ааизиган, аҳцәа дрышьҭалеит. Аҩада ишьҭаз ихараз Дан аҟынӡа ианнеи, урҭ ирыхьӡеит. Авраам ируаа гәыԥ-гәыԥла ишан, ҵхагәҭаны аӷа диқәлеит. Иаӷацәа хыԥхьаӡарала ишеиҳазгьы Авраам иеибашьцәеи иареи урҭ ириааит. Ԥшьҩык аҳцәа рыруааи дареи рыԥсы еиқәдырхарц ибналеит. Авраам урҭ дрышьҭалеит. Дамаск ишьҭаз Хова захьӡыз аҭыԥ аҿы дрыхьӡан, иԥыххааса иқәиҵеит. Урҭ аҳцәа Ханаан иалыргаз амазара зегь иргьежьит, атҟәацәагьы рхы иақәиҭитәит. Уажәшьҭа Лот иҭаацәареи иареи еиқәырхан!

Иахиҳәааи Иегова Авраам иҟаиҵаз? Уи еилкаахеит Авраам Салим ақалақь даназааигәаха. Уи ақалақь аҳ Мелхиседек Иегова иҿаԥхьа ԥшьаҩыс амаҵ иуан. Иара ақалақь далҵит Авраам диԥыларц азы. Мелхиседек Анцәа ихьӡала Авраам диқәныҳәеит ахаҵареи агәымшәареи ахьааирԥшыз азы. Авраам ахынраалара злаз уаҩын. Иара еиликаауан аиааира имч ала ишимгаз. Убри аҟынтә Авраам Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәарц азы аибашьра иалигаз амазара ажәабатәи ахәҭа Иегова ихаҭарнак Мелхиседек ииҭеит.

Ҳәарада, уи Анцәа иеибашьра акәын. Абиблиаҿы «Иегова иеибашьрақәа рышәҟәы» аӡбахә ҳәоуп. Иҟалап уи ашәҟәы ианылаз раԥхьатәи аибашьра Авраам иеибашьра акәзар (Ахыԥхь. 21:14). Ашәышықәсақәа рышьҭахь Авраам ихылҵыз ажәлар Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы цәгьарас иҟаз зегь ҟазҵоз ханаанаа ианрабашьуаз, Анцәа ижәлар аиааирақәа диргон.

Аха израильаа Иегова данаанрыжь, рыхьчара даҟәыҵит. Иԥа, Мессиагьы мап аницәырк, урҭ зынӡа иаанижьит. Уажәшьҭа Иегова дыззылԥхоз Анцәа иитәу Израиль ракәын — Христос дызхагылоу иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа. Иисус ишьҭанеицәа аибашьра азин римҭаӡеит (Матф. 26:52). Аха иара доуҳала аибашьышьа дирҵон. Иисус уи аҟны ҳара аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит, насгьы доуҳала аибашьразы агәымшәара ду шаҭаху ҳирбеит.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥши Авраам агәымшәара ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьаҿы?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Иарбан археологиатә ԥшаамҭақәоу ари ахҭыс ииашаҵәҟьаны ишыҟаз шьақәзырӷәӷәо? (w89-U 1/12 5, абз. 4—6, абз. 1).

  2. 2. Иарбан географиатә фактқәоу ишьақәзырӷәӷәо Содоми Гоморреи ирызкны Абиблиа иану шиашоу? (it-U «Солёное море», абз. 6). 1

    © Yadid Levy/age fotostock

    Асахьа 1. Содом ыҟан ҳәа иахьырыԥхьаӡо аҭыԥ аҿы иахьагьы афиникқәа зҿало апальмақәеи егьырҭ аҵиаақәеи ирызҳауеит

  3. 3. Иабаҟаз Мелхиседек аҳасгьы ԥшьаҩысгьы дызхагылаз ақалақь Салим? (it-U «Салим», № 1).

  4. 4. Дызлаиеиԥшузеи Иисус Христос Мелхиседек? (it-U «Первосвященник», абз. 27, 28). 2

    Асахьа 2

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Авраам Лот еиҳа еиӷьыз адгьыл алихырц алшара ииҭеит. Иаҳнарҵозеи уи ҳауацәеи, ҳхаҵара ҳацеиҩызшои, егьырҭ ауааи ҳарзыҟазар шҳахәҭоу аганахьала? 3

    Асахьа 3

  • Иаҳнарҵои Авраам иашьа иԥа ицхраара дахьазхиаз?

  • Ишԥашәылшо Авраам шәиҿыԥшны агәымшәара аарԥшра?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаарақәоу ирышәҭарц ишәҭаху Авраам ма Лот рыԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Еилышәкаа Авраам Иегова гәык-ԥсыкала иқәгәыӷшьа шиҵаз.

«Шәаҿыԥшла урҭ рхаҵара. Авраам (актәи ахәҭа)» (10:43)

Ишԥааирԥшуаз Авраам агәымшәара Ур далҵаанӡагьы?

«Авраам — пример мужества» (w12-U 1/1 6—7)