5 АВРААМ
Иегова иаҳаҭыр азы иара имариамыз адҵа анагӡара дазхиан
АВРААМ амҩа дықәуп. Иара Иегова уца ҳәа ахьиеиҳәаз аҭыԥ еиҳа-еиҳа дазааигәахоит. Амҩа дықәуижьҭеи мышқәак роуп иҵуа, аха ари амҩа иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихьанҭоу мҩоуп. Уеизгьы Авраам ахьаҵра игәгьы иҭаӡам.
Авраам ихы иҭыҵуамызт Иегова ииҳәаз абарҭ ажәақәа: «Суҳәоит, уҷкәын, бзиа иубо уԥазаҵә Исаак думаны адгьыл Мориа́ҟа уца, уа иусырбо ашьхаҿы ирбылуа акәырбан еиԥш дсызнаг». Иегова идыруан Авраам иҷкәын шаҟа бзиа дибоз. Избан, нас, кәырбанс дсызнаг ҳәа зиеиҳәаз? Дызлақәшаҳаҭхазеи уи Авраам? Изҭазеи абриаҟара ахаҵареи агәымшәареи?
Абиблиаҿы иануп Авраам ахаҵара аазырԥшуа зегьы абыс дырзыҟалеит ҳәа (Рим. 4:11). Ааи, Авраам ахаҵара ӷәӷәа иман, Иегова ицхырааралагьы уи еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. Иаҳҳәап, Авраам Мориа адгьыл ахь ддәықәлаанӡа ажәашықәсақәа шыбжьаз Анцәа иҟынтә еиликааит ауаа хәымгақәа ахьынхоз ақалақьқәа Содоми Гоморреи ықәигарц шиҭахыз. Уи Авраам хьаас икит, убри аҟынтә Иегова диазҵааит: «Ауаҩ иаша агәнаҳаҟаҵаҩ днаидкыланы дықәугома?» Иегова ачҳара аарԥшны имаҵзуҩы дизыӡырҩит. Иара Авраам агәра ииргеит уа ииԥшаауа ауаа иашақәа рхыԥхьаӡара даараӡа имаҷхаргьы, урҭ ақалақьқәа шықәимго (Алаг. 18:16—33). Авраам еиликааит Иегова шаҟа аиашареи арыцҳашьареи илоу. Уи иԥсы ахьынӡаҭаз ихашҭӡомызт.
Иегова Авраам диҳәеит, зԥа бзиа дызбо аб ахаан иҟаимҵарыз ҟаиҵарц, аха иара Анцәа дизыӡырҩит. Изҭеи иара абриаҟара агәымшәара?
Хара имгакәа Иегова Авраами Сарреи иџьашьахәыз ҳамҭак рзыҟаиҵеит. Сарра 90 шықәса лхыҵырц акгьы лыгмызт, Авраамгьы — 100 шықәса. Дара уажәшьҭа ахшараиура рылшомызт. Ус шакәызгьы, Иегова урҭ ахшара дроуртә иҟаиҵеит. Иара Авраами Сарреи аԥа, Исаак, дриҭеит. Авраам еиликааит Иегова илымшо ҳәа акгьы шыҟам. Ауаҩы уаҳа акгьы иаԥсамшәа иибогьы аус аирур илшоит (Рим. 4:18, 19). Уи наӡаӡа ихаҿы-игәаҿы иаанхеит.
Абар уи аахижьҭеи 25 шықәса ҵхьеит. Авраам Мориаҟа амҩа дықәуп. Иара уажәы-уажә урҭ ахҭысқәа дрызхәыцуеит, иагьеиликаауеит Исаак дыԥсыргьы, Иегова иԥсы ҭеиҵар шилшо. Иара агәра ганы дыҟоуп Иегова хымԥада уи иԥсы шҭеиҵо (Аур. 11:19). Убри дазхәыцуа, Авраам имҩа иациҵоит, имоу агәыӷра агәымшәара инаҭоит.
Авраам Иегова иалихыз аҭыԥ харантә ианиба, имаҵуцәа дрыҳәеит Исааки иареи Анцәа акәырбан изнаганы ихынҳәаанӡа уа иааԥшырц. Иара агәра ганы иреиҳәеит иҷкәынгьы иаргьы шыхынҳәуа. Авраами Исааки ашьха ихалеит. Дара рыда уа уаҳа уаҩ дыҟамызт. Авраам иҷкәын инапқәеи ишьапқәеи ҿаҳәаны, акәырбаннагарҭа дықәиҵеит. Исаак ҿымҭӡакәа зықәрахь инеихьаз иаб иҳәатәы наигӡон. Иааит аамҭа Иегова ииҳәаз анагӡаразы. Авраам аҳәызба шьҭихит. Уажәы иара зԥа бзиа дызбо аб ахаан иҟаимҵарыз аҟаҵара игәы иҭоуп. Аха убри аамҭазы Авраам амаалықь ибжьы иаҳауеит. Амаалықь уи ихьӡ ҳәаны изҿиҭын, ус иеиҳәеит: «Думшьын аҷкәын».
Уи ашьҭахь Анцәа Авраам ахаҵара ахьааирԥшыз, насгьы дахьизыӡырҩыз азы дирҽхәеит. Иара даҽазнык Авраам иеиҳәеит дшизылԥхо, ажәлар ду ихылҵыртә ишыҟаиҵогьы. Анаҩс иациҵеит: «Ухылҵ ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы сырзылԥхоит, избанзар уара сара усзыӡырҩит». Иегова Авраам ииҭаз ажәа аҟынтә инаӡахьоу рацәоуп. Иаарласны уи ауаа зегьы ахаан инымҵәо азылԥхарақәа рзаанагоит.
Иҳаилнаркаауеи ари аҭоурых Иегова изкны? Уи аҭоурых ала Анцәа маҷк иҳаилиркааит изиашоу ауаа еиқәирхарц азы ихаҭа ихигар акәхаз. Авраам даараӡа бзиа иибоз иԥа кәырбанс инагара дшазхиаз еиԥш, Иеговагьы ауаа зегьы аԥеиԥш бзиа роурц азы Иԥазаҵә, Иисус, димеигӡаӡакәа кәырбанс днеигеит (Иоанн 3:16). Авраам акыр изаԥсаз иԥа дшимеигӡаз атәы ҳанаԥхьо, еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит Иегова шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо.
Авраам ҳаиҿыԥшны Иегова уаанӡа ииҳәахьази иҟаиҵахьази ҳазхәыцлар, ҳхаҵара еизҳалоит. Ҳхаҵара еизҳацыԥхьаӡа иҳалоу агәымшәарагьы еизҳалоит. Ҳара ҳамшәалароуп Анцәа Авраам идиҵаз аҩыза ҳаргьы знымзар-зны иҳадиҵоит ҳәа, избанзар Авраам ишьҭахь Иегова уи аҩыза адҵа уаҳа аӡәгьы иимҭаӡацт. Аха Анцәа иҳадиҵалакгьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит ахаҵара уи анагӡаразы агәымшәара шаҳнаҭо. Анцәа ҳаизыӡырҩлар, шаҟа даҳзылԥхо ҳхаҿгьы иаҳзаагом!
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥши Авраам агәымшәара ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьаҿы?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Иарбан ҭоурыху ишьақәзырӷәӷәо Авраам дшыҟаҵәҟьаз? (g-U 5/12 18, арамка; it-U «Авраам», абз. 22, 23). 1
Асахьа 1. «Авраам идгьыл» аӡбахә ахьҳәоу аҭӡамц иану ажәытә ҭыхымҭа, Карнак (Египет)
-
2. Иазҳәар зылшодаз Авраам Иегова иӡбахә? (ia 26, абз. 4, 5).
-
3. Избан Иегова игәы изақәшәоз Авраам дышимҵахырхәоз? (rr-U 20, абз. 18).
-
4. Ишԥашьақәнарӷәӷәо Алагамҭа 22:17 аҿы иану Иегова Авраам ииҭаз ажәа Абиблиеи анаукеи шеиқәшәо? (g89-U 8/12 17). 2
Асахьа 2
Асахьа 2
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ишԥаицхраауаз Авраам имаз агәыӷра агәымшәара аарԥшра? Избан агәымшәара ҳамазарц азы ҳаргьы ҳгәыӷра ҳхаҳмыршҭлар зҳахәҭоу? 3
Асахьа 3
-
Ишԥаҳалшо Авраам иеиԥш ахамеигӡара аарԥшра:
-
аӡәы ажәабжь бзиа изеиҭаҳәара алшара анҳауа? (Аур. 13:15).
-
ҳԥара шнаҳхша анаҳаӡбо? (Ажәам. 3:9).
-
аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацхыраара шырҭаху анеилаҳкаауа? (Флп. 4:18).
-
-
Шәгәы шԥазҭанаҵо иҵегьы ари аҭоурых Авраам иеиԥш агәымшәара аарԥшра?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаарақәоу Авраам ма Исаак ирышәҭарц ишәҭаху рыԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Шәахәаԥш арҭ ахҭысқәа шьаҭас измоу авидеонҵамҭа.
Дышԥаҟалеи Авраам Иегова диҩыза гәакьаны, насгьы ишԥашәылшо Анцәеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәалар?

