АҞӘША 1
Енох инаиркны аӡбаҩцәа рҟынӡа
Ари аҟәшаҿы 22 шәышықәса рыҩныҵҟа инхоз Иегова имаҵзуҩцәа рыӡбахә ануп. Уи алагоит Адам ихааныз Енох иҭоурых ала, иагьхыркәшахоит Анцәа Израиль раԥхьатәи аҳ иалхра здиҵаз Самуил иҭоурых ала. Иара убас ари аҟәшаҿы рыӡбахә ҳәоуп Нои, Авраам, Сарра, Моисеи, Раав, Девора, Гедеон, насгьы Анцәа изиашаз егьырҭ ауаа. Урҭ зегьы агәымшәара рылан. Аӡәы и́хараз ишәарҭаз амҩа дықәлеит, даҽаӡәы «Иегова иеибашьрақәа» рҿы деибашьуан. Аха дара зегьы Анцәа даара бзиа дырбон, иагьизыӡырҩуан.

