38 ХҨЫК АУРИАЦӘА
Дара «амца иабылуамызт»
ШАДРАХИ, Мешахи, Аведнегои ҳәа зыхьӡырҵаз Хананиеи, Мисаили, Азариеи иаалырҟьаны аԥышәара ӷәӷәа ианақәшәа, Даниил рааигәара дыҟазарц рҭахызҭгьы ҟаларын. Иара дҩыза бзиан, ахаҵара ӷәӷәагьы иман. Аха, излаҳбо ала, урҭ хҩык ауриацәа ашәарҭара ианҭагылаз, Даниил рааигәара дыҟаӡамызт.
Аҳ Навуходоносор ахьы иалхыз абаҟа дуӡӡа иргылеит. Уи аҳаракыра жә-еихагылак змоу аҩн ду иаҟаран, аҭбаара хметрак раҟара иҟан. Аҳ уи абаҟа иазкыз аныҳәа ду еиҿикааит, насгьы ачынуаа зегь уахь инеирц адҵа ҟаиҵеит. Аҳ имаҵ зуаз хҩык ауриацәагьы уи адҵа иазыӡырҩны аныҳәахь инеир акәын.
Иазалхыз амш аҽны абаҟа аԥхьа ажәлар еизеит. Аҳ иажәақәа зҳәоз ауаҩы ацәажәара даналага, зегь ааӡырҩит. Аԥхьа еизаз ауаа апатриотизм рызцәырызгоз амузыка адырҳәар акәын. Анаҩс зегьы шьамхышгыланы абаҟа иеихырхәар акәын. Хҩык ауриацәа ирдыруан Иегова аидолқәа рымҵахырхәара шицәымӷу (Ақәҵ. 20:4, 5). Рхы шԥамҩаԥыргеи, нас, дара?
Дара ауаа ишырбоз абаҟа иамҵахырхәар акәын, мамзар иршьуан
Амузыка абжьы анга, еизаз ажәлар зегьы шьамхышгыланы абаҟа еихырхәеит. Аха хҩык ауриацәа ахьгылац игылан. Рааигәара иҟаз ауаа уамашәа ирыхәаԥшуан. Ахалдеицәа шьоукы уи алшара рхы иархәаны ауриацәа рыцәгьа рҳәеит. Дара Навуходоносор абас иарҳәеит: «Вавилонтәи апровинциа иахаургылаз ауриацәа — Шадрахи, Мешахи, Аведнегои — уҳәатәы хьаас ирымаӡам, аҳ. Дара унцәақәа рымаҵ руӡом, ахьы иалхны иургылаз абаҟагьы иеихырхәаӡом». Зыԥсахы еибакны иҟаз аҳ урҭ ауриацәа иара иахь иааргарц адҵа ҟаиҵеит, насгьы ирзырҳәаз иашоума ҳәа дразҵааит. Аҭак аҟаҵара иахьӡаанӡа иара дрықәмақаруа далагеит. Навуходоносор иҳәеит идҵа иқәныҟәарц азы даҽазнык алшара шриҭо. Аха иқәымныҟәар, амца қьоуқьад зҭоу аԥечка ишҭаижьуа реиҳәеит, иагьациҵеит: «Усҟан сара сҟынтә шәзыхьчо дарбан нцәоу сымбари!»
Аха Хананиеи, Мисаили, Азариеи уи иамыршәаӡеит. Дара аҳ иарҳәеит аԥечка иҭарыжьыргьы, Рынцәа еиқәирхар шилшо, иагьацырҵеит: «Аха ҳаиқәимырхаргьы, иудыруаз, аҳ, ҳара унцәақәа рымаҵ шаҳмуло, иургылаз ахьтәы баҟагьы ҳшамеихырхәало». Навуходоносор ари аниаҳа, еиҳагьы иԥсахы еибакит. Иара иҳәеит аԥечка абжьааԥны аасҭа еиҳаны амца ҭарҵарц, нас ауриацәа ҿаҳәаны амца иаларыжьырц. Аԥечка убриаҟара ишын, аҳ идҵа назыгӡоз ауаа рхаҭақәа амцабз иабылны иԥсит.
Аха Навуходоносор дзыргачамкыз ак ибеит. Аԥечка аҩныҵҟа хҩык ракәымкәа ԥшьҩык ыҟан. Дара акгьы рмыхьӡакәа амца иагәылаланы иныҟәон. Аҳ иҳәеит: «Аԥшьбатәи иакәзар, анцәақәа рԥа диеиԥшуп». Навуходоносор иахьынӡазалшоз аԥечка дазааигәахан, аҩныҵҟа иҟаз ирызҿыҭны ус иҳәеит: «Шәҭыҵны, арахь шәааи!»
Шәхаҿы иаажәг хҩык ауриацәа аԥечка ианҭыҵ зегьы уи шаҟа иџьаршьаз. Амцабз рхаҭақәагьы иршәыз амаҭәагьы ԥырхага рнамҭаӡеит, дара алҩақ афҩыҵәҟьагьы рхымызт. Уи адагьы, аԥечка ианҭарыжьуаз еиԥш иҿаҳәаӡамызт. Навуходоносор иибаз даараӡа иџьеишьеит. Иара ауриацәа ирҽхәеит Рынцәа иқәгәыӷны аҳ ииҳәаз иахьықәымныҟәаз азы. Навуходоносор иҳәеит: «Рынцәа ида даҽа нцәак имаҵ аура, имҵахырхәара аасҭа аԥсра еиҳа еиӷьыршьеит».
Иԥагьаз уи анапхгаҩы ибеит Иегова Амчра зегь знапаҿы иҟоу Анцәа шиакәу. Навуходоносор аусԥҟа ҭижьит. Уи инақәыршәаны Иегова иҽеим ак изызҳәоз дарбанзаалак ашьра иқәырҵон. Иара хҩык ауриацәа еиҳау аҭыԥқәа риҭеит. Аха Иегова урҭ ириҭаз аҳамҭа еиҳагьы ахә ҳаракуп — урҭ ахаангьы ихашҭӡом. Ашәышықәсақәа рышьҭахь Анцәа апостол Павел игәазҭеиҵеит зхаҵара абзоурала амца иамбылуаз рыӡбахә иҩырц. Ҳәарада, Павел зыӡбахә имаз агәымшәара злаз арҭ хҩык ауриацәа роуп — Хананиеи, Мисаили, Азариеи.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥаадырԥшуаз Хананиеи, Мисаили, Азариеи агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Ишԥашьақәдырӷәӷәо Вавилон имҩаԥгаз аԥшаарақәа Даниил ишәҟәы 3-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу шыҟаҵәҟьаз? (w23.07 31). 1
© The Trustees of the British Museum. Licensed under CC BY-NC-SA 4.0. Source. Modifications: Box added
Асахьа 1. Навуходоносор ихьӡ ҭаԥҟаны изну амца иарбоу ақьырмыт
-
2. Ҵакыс ирымазар алшози хҩык ауриацәа ирырҭаз вавилонтәи ахьыӡқәа? (dp-U 35, абз. 14).
-
3. Избан алкаа ҟаҳҵар зҳалшо Навуходоносор адинхаҵаратә ҵасқәа илаҽны дыҟан ҳәа? (dp-U 69, абз. 3). 2
Асахьа 2. Навуходоносор зхыԥхьаӡара рацәаз вавилонтәи анцәақәа ирызкыз аныҳәарҭа ҿыцқәа иргылон, иҟан еиҭашьақәиргылозгьы
-
4. Навуходоносор иҟаиҵаз абаҟа иазкыз ацеремониаҿы «милаҭла еиԥшым, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо ауаа» еизеит. Избан урҭ ауаа уи абаҟа изамҵахырхәоз рхатә нцәақәа рымазар шалшозгьы? (Дан. 3:7; dp-U 73, абз. 10).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Хҩык ауриацәа афатә иазкыз азҵаара анцәырҵ, зыгәра ргоз иацәхьамҵӡеит. Ԥыҭрак ашьҭахь изықәшәаз аҭагылазаашьаҿы дара Иегова изиашаны иаанхеит, уи иахҟьаны иршьыр шалшозгьы. Ишԥаҳнарбо уи «амаҷ» аҿгьы Иегова ҳизиашазар шхадоу? (Лука 16:10). 3
Асахьа 3
-
Ишԥаҳалшо ашьҭашәарыцарақәа раан хҩык ауриацәа ҳарҿыԥшлар, насгьы анаҩс еиқәыԥхьаӡоу аҟазшьақәа ааҳарԥшлар? (Дан. 3:16—18).
-
Ахынраалара
-
Аҟәымшәышәра
-
Анцәа изиашара
-
-
Ишԥашәылшо хҩык ауриацәа шәырҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу хҩык ауриацәа ирышәҭарц ишәҭаху рыԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Ишԥаилшо ақьырсиан апатриотизм иадҳәалоу церемониак анымҩаԥысуа патуқәҵарала ихы мҩаԥигар, аха убри аамҭазгьы анеитралитет ихьчар?
Ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа шәрылахәушәа шәхаҿы иаажәг, насгьы урҭ иҵегьы ишәдырҵар алшо шәазхәыц.

