30 САРЕПТА ИНХОЗ АԤҲӘЫСЕИБА
Лара иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы Иегова диқәгәыӷуан
САРЕПТА дынхон аҷкәын хәыҷ дызмаз аԥҳәысеиба. Уи адгьыл аҿы аарҩара ыҟеижьҭеи акырҵуан, акгьы еизҳаӡомызт, ауаагьы амла иакуан. Иегова израильаа аҳәсеибацәеи аеҭымцәеи зыхьчоз азакәан риҭеит. Аха ари аԥҳәысеиба Израиль датәӡамызт. Ақалақь Сарепта Сидонтәи аҳ Етваал дахагылан, иҟалап иара анцәахәы Астарта илымҵахырхәоз ԥшьаҩны дыҟазҭгьы. Уи анцәахәы лымҵахырхәара аритуал бааԥсқәа ацын. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит ас еиԥш иҟаз ауаа ирыланхоз уи аԥҳәысеиба амлакра аныҟала шаҟа илцәыцәгьахаз. Иҟалап абас дхәыцуазҭгьы: «Иҳаԥсыхәоузеи сыҷкәыни сареи? Ӡәыр дҳацхраауама? Аӡәгьы хьаас ҳимаӡами?»
Аԥҳәысеиба лхәыҷи лареи ирфашаз маҷк афатә лыԥшаарц азы илылшоз ҟалҵон. Аха аҭагылазаашьа еицәахон, аԥсроуп ирзыԥшу ҳәа угәы иаанагаргьы ауан.
Ари аԥҳәыс ауаа амцнцәахәқәа иахьрымҵахырхәоз адгьыл аҿы дынхон, аха лара Иегова дхалҵон. Иегова иӡбахә џьарантәи илаҳазар ҟалап, ижәлар рзы иҟаиҵахьазгьы лгәаҵанӡа инеит. Лара еилылкааит уи иҵабыргу Анцәа шиакәу. Иегова уи ахә ҳаракны ишьон. Зқьышықәса раҟара анҵы Иисус Христос Анцәа ицәхьаҵыз ауриацәа уи аԥҳәыс ҿырԥшыс дырзааигеит, иагьреиҳәеит Иегова уи аԥҳәыс дышлыцхрааз. Иҟаиҵеи уи лара лзы?
Иегова аԥааимбар Ильиа иеиҳәеит аҩада ақалақь Сарептаҟа дцарц. Уа аԥҳәысеиба дыԥшааны аарҩара ыҟанаҵы лара лҿы дынхалар акәын. Ильиа Сарепта даннеи амҿы еизызгоз аԥҳәыс дибеит. Иара хаала маҷк аӡы илыржәырц длыҳәеит. Аԥҳәысеиба Ильиа уаанӡа длымбаӡацызт, аха ииҳәаз ҟалҵеит. Иҟалап уи Иегова имаҵзуҩы шиакәыз еилылкаазар, избанзар Анцәа иԥааимбар иеиԥш деилаҳәан, патуқәҵаралагьы ихы мҩаԥигон. Аха иҟалап Ильиа дхәыцуазҭгьы ари Иегова захь ддәықәиҵаз аԥҳәысеиба лакәҵәҟьоума ҳәа. Игәы ҩбамхарц азы ачагьы изаалгарц длыҳәеит.
Аԥҳәыс лцәажәашьала Ильиа еиликааит Иегова дышхалҵо, аха лҭагылазаашьа шыцәгьоу. «Зыԥсы ҭоу Унцәа Иегова ила сықәуеит, — лҳәеит аԥҳәысеиба, — сара исымаӡам ача, исымоу аԥҳал ду иҭаԥсоу напык ашылеи аԥҳал хәыҷ иҭоу маҷк ахәшеи роуп». Лара илҳәеит лԥеи лареи аҵыхәтәаны афатә ҟаҵаны ирфарц азы амҿы шеизылго, анаҩс инацылҵеит: «Уи ҳфап, нас ҳаԥсып».
Сарепта инхоз аԥҳәысеиба лԥеи лареи амла иаганы иԥсырц ак рыгмызт. Иегова иԥааимбар ирзынханы иҟаз маҷк афатә даҳәеит
Ильиа ус леиҳәеит: «Бымшәан». Иҟалап аԥҳәысеиба илеиҳәаз ҵакыс иамаз лзеилымкаазар. Дышԥамшәоз лыҷкәын амла дакны дыԥсыр алшозҭгьы! Ус шакәызгьы, лара Ильиа иажәа даԥымлакәа дӡырҩуан. Иара илеиҳәеит раԥхьа ча хәыҷык изылӡыр, Иегова дшылзылԥхо. Аарҩара нҵәаанӡа лыԥҳал ду ашыла агхаӡом, аԥҳал хәыҷгьы — ахәша.
Илызхама аԥҳәысеиба ахаҵара Ильиа ииҳәаз ҟалҵарц азы? Деигӡама илымаз маҷк афатә, мамзаргьы уи Иегова иԥааимбар иҿалҵоу? Иҟалап лара илдыруазҭгьы Иегова имаҵзуҩцәа рзы аџьашьахәқәа шыҟаиҵоз. Убри аҟынтә еилылкаауан лыҷкәыни лареи акрырҿаҵарагьы шилшоз. Аха аԥааимбар дизыӡырҩырц азы агәымшәара лызхама? Абиблиаҿы иануп: «Лара дцан, Ильиа ишиҳәаз еиԥшҵәҟьа иҟалҵеит».
Иегова ари аԥҳәыс иаалырԥшыз ахаҵаразы меигӡарахда дылзылԥхеит. Аарҩара нҵәаанӡа ларгьы, лыҷкәынгьы, Ильиагьы ирфашаз ашылеи ахәшеи лыман. Аха Иегова лара лзы даҽа џьашьахәыкгьы ҟаиҵеит. Лыҷкәын ӷәӷәала дычмазаҩханы данԥсы, Иегова имчала Ильиа аҷкәын иԥсы ҭеиҵеит! Ари Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аԥсҭалара иазку ахҭысқәа рҟынтә раԥхьатәи ауп. Ҳәарада, уи ашьҭахь аԥҳәысеиба лхаҵара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Уи аахыс Сарепта иатәу аԥҳәысеиба лҿырԥшы Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы ахаҵареи агәымшәареи рнаҭоит.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥаалырԥшуаз Сарепта инхоз аԥҳәысеиба агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Изымҵахырхәодаз Сидон инхоз ажәлар, насгьы иарбан усқәоу уи амҵахырхәара иацыз? Иарбан нырроу ауриацәа уи адинхаҵара ирнаҭоз? (it-U «Сидон, сидоняне», абз. 5). 1
Penta Springs Limited/Alamy Stock Photo
Асахьа 1. Астарта лсахьа (1500 шықәса раҟара ҳ. ҟ.)
-
2. Ирзеилази Етваали израильтәи аҳ Ахави? (it-U «Ефваал»).
-
3. Финикиаа Астарта илымҵахырхәон. Иарбан уи адинхаҵара иадҳәалоу ҵасқәоу иахьа уажәраанӡагьы иҟоу? (g93-U 22/11 13, абз. 1—4-wcgr-U).
-
4. Аԥҳәысеиба лыҷкәын данԥсы Ильиа абас диазҵааит: «Сыгәнаҳа сгәалауршәарц, сԥагьы душьырц азоума узааз?» Илҳәарц илҭахызи уи ала? (1 Аҳ. 17:18; w14-U 15/2 15, абз. 4, 5). 2
Асахьа 2
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Аԥҳәысеиба амцмҵахырхәара ахьеизҳазыӷьоз Сарепта дшынхозгьы Иегова ибон ахаҵара шлымаз. Ишәеилнаркаауеи уи Иегова изкны, насгьы ҳашԥарзыҟазар акәу ажәабжь ззеиҭаҳҳәо ауаа? (Аус. 10:35).
-
Ирыцхраар шԥалшо Сарепта инхоз аԥҳәысеиба лҿырԥшы аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирықәшәаз ақьырсианцәа? 3
Асахьа 3
-
Ишԥашәылшо Сарепта инхоз аԥҳәысеиба шәылҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Сарепта инхоз аԥҳәысеиба илышәҭарц ишәҭаху лыԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Ишԥаҳалшо Сарепта инхоз аԥҳәысеиба леиԥш Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара аԥареи амали раасҭа еиҳа ишхадоу ааҳарԥшыр?
Ҳхаҵара усла иааҳарԥшуазар, Иегова уи ахә ҳаракны ишьоит. Избан уи агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?

