40 НЕЕМИА
Иара Иерусалим аҭӡамцқәа еиҭашьақәиргылеит
НЕЕМИА персиатәи ақалақь Суза аҿы дынхон. Аха бзиа иибоз ақалақь хара иҟаз Иерусалим акәын, избанзар уа Иегова иныҳәарҭа ыҟан. Акыршықәса раԥхьа вавилонаа Иерусалим иақәланы ихдырбгалеит, ауриацәагьы тҟәаны иргеит. Аха ашықәсқәа анца, урҭ рықалақь гәакьахь ихынҳәырц азин рырҭеит. Дара уахь ихынҳәит, аха ақалақь аҭӡамцқәа еилабганы ишьҭан. Уи иахҟьаны Иерусалим инхоз ауриацәа аӡә дрықәлар ҳәа ишәон, уа анхарагьы рҭахӡамызт. Уимоу, Иерусалим иҟаз аныҳәарҭаҿы Иегова имҵахырхәара ишахәҭоу еиԥш еиҿкааӡамызт.
Неемиа персиатәи аҳ Артаксеркс иаҳҭынраҿы аҭыԥ бзиа иман. Аха иара изы еиҳа ихадаз, гәыкала Иегова имаҵ аура акәын. Ҽнак зны Неемиа иахь иашьа даан, Иерусалим иазкыз ажәабжь бааԥсқәа иеиҳәеит: ақалақь аҭӡамцқәа уажәгьы еилабганы ишьҭоуп, ауаагьы ргәы каҳаны иҟоуп.
Неемиа иаҳаз игәы инархьит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара абас иҩит: «Ари ансаҳа, снатәаны аҵәыуара салагеит. Акырымш сгәырҩон». Иара Иегова диҳәон ижәлар игәалаиршәарц, дагьрыцхраарц. Уи ашьҭахь Неемиа Артаксеркс аҩы анизҭеиҭәоз, аҳ улахь зеиқәуи ҳәа диазҵааит. Неемиа дшәеит, аха аҳ иҟаз изеиҭеиҳәеит, Иерусалим агәаҟра ишҭагылоу иҳәеит. Артаксеркс Неемиа диазҵааит: «Иуҭахуи, нас?» Неемиа иаразнак «ажәҩан Анцәа» Иегова диҳәан, аҳ иеиҳәеит аамҭак аҩныҵҟа иҭыԥ ааныжьны Иерусалимҟа дцарц шиҭаху, ақалақь аҭӡамцқәеи агәашәқәеи еиҭашьақәиргыларц азы. Аҳ Неемиа иҳәара дақәшаҳаҭхеит.
Неемиа Иерусалимҟа ихараз, ишәарҭаз амҩа дықәлеит. Уахь даннеи хымш рышьҭахь алашьцара иҽалакны маӡала ақалақь аҭӡамцқәа еимидеит. Уи ашьҭахь ауаа еизиган, аргыларатә усқәа ирылагарц ргәазҭеиҵеит, ихаҭагьы аҿырԥшы дирбеит. Ақалақь аҿы инхоз аӡәырҩы ивагылеит, ибеиазгьы, еицырдыруазгьы, аҭауадцәагьы уахь иналаҵаны. Аҭауадцәа руаӡәк иԥҳацәа иваргыланы аргыларатә усқәа иҽрылаирхәуан.
Ауриацәа ирацәаны аӷацәа рыман. Дара ирҭахӡамызт Иерусалим иӷәӷәоу қалақьны иҟаларц. Урҭ ауриацәа ирхыччон. Руаӡәк абас иҳәеит: «Бгахәыҷык рыҭӡамц инагәыдԥалар, иаразнак еилаҳауеит!» Неемиа аӷацәа ирҳәоз хьаас имаӡамызт. Иара аргылаҩцәа ргәазҭеиҵон анаҩсгьы аус руларц.
Анцәа ижәлар шдыршәозгьы, ишырхыччозгьы Неемиа Иерусалим аҭӡамцқәа реиҭашьақәыргылара даҟәымҵӡеит
Уи Анцәа ижәлар раӷацәа еиҳагьы ргәы ԥнажәеит. Ақалақь аҭӡамцқәа абжа шеиҭашьақәдыргылахьоу анырба, Иерусалим иакәшаны иақәларц рыӡбеит. Неемиа ақалақь ихьчарц азы илшоз зегь ҟаиҵеит. Аӷацәа уи анеилыркаа, ргәы иҭаркыз иаҟәыҵит, аха уеизгьы даҽакала ирԥырхагахарц иашьҭан. Аргыларатә усқәа аанымгыларц азы аусуцәа рыбжаҩык бџьарла рҽеибыҭаны ақалақь рыхьчон — урҭ рыбжьара Неемиа ихаҭагьы дыҟан. Иаанхаз абжаҩык аҭӡамц аиҭашьақәыргылара иаҿын.
Иегова ижәлар раӷацәа даҽакгьы рхәыцит — Неемиа иахь амцԥааимбар дрышьҭит. Иара Неемиа ус иеиҳәеит: «Ушьра иаауеит», нас иабжьигеит дрымшьырц азы аныҳәарҭаҿы иҽиҵәахырц. Аха Моисеи изакәан излаҳәоз ала, аныҳәарҭахь аҩналара азин змаз аԥшьаҩцәа мацара ракәын. Убри аҟынтә Неемиа уи мап ацәикын, агәымшәара аарԥшны ус иҳәеит: «Сара сеиԥш иҟоу ауаҩы дыбналар ҟалома?» Неемиа егьырҭ ауриацәа дрывагыланы аҭӡамцқәа реиҭашьақәыргылара иациҵеит. Иара идыруан Иегова уи аус нарыгӡарц шиҭаху, дагьшрыцхраауа. Неемиа ииашаны дхәыцуан. Ауриацәа 52 мшы заҵәык рыла аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргылеит. Уи Анцәа ижәлар раӷацәа зегь арԥхашьеит!
Неемиа ауриацәа Иегова изакәан ақәныҟәара дрыцхрааларц азгьы агәымшәара иҭахын. Иаҳҳәап, иара ианеиликаа ибеиаз ауриацәа иӷарыз процентла аԥара шыддырԥсахуаз, дымшәаӡакәа иҟарҵо шиашам реиҳәеит. Шықәсқәак рышьҭахь ауриацәа шьоукы Иегова инормақәа еилаганы атәымжәлар иатәыз аҳәсақәа шааргоз анеиликаа, агәымшәара аарԥшны драцәҳаит, иҟарҵо шыгәнаҳа ӷәӷәоугьы реиҳәеит.
Неемиа ажәлар азакәан дырҵара адагьы, ргәы шьҭихуан. Иаҳҳәап, ауаа иҟарҵоз агәнаҳақәа анеилыркаа, насгьы уи ргәы шканажьыз аниба, ргәы шьҭызхуаз абри аҩыза азхәыцра реиҳәеит: «Иегова ишәиҭо агәырӷьара шәара шәзы баагәароуп». Иерусалим аҭӡамцқәа анеиҭашьақәдыргыла ашьҭахь ауриацәа аӡәырҩы уи ауп изыхьчо ҳәа ргәы иаанагозар ҟаларын. Аха Неемиа иҭахын ауриацәа еилыркаарц: мчыс ирымоу — Иегова ириҭо агәырӷьара ауп. Уи аҩыза агәырӷьара иахьа уажәраанӡагьы Иегова имаҵзуҩцәа агәымшәара рнаҭоит.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥшуаз Неемиа агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Неемиа аҳ иҿы ҩынаҳаҩыс амаҵ иуан. Иарбан усқәоу имаҵурахьы иаҵанакуаз? (w10-U 1/7 9, абз. 5—7). 1
National Museum of Iran, Tehran, Iran/Bridgeman Images
Асахьа 1. Аҳ Дари Ду иаҳҭынраҿы ауаа шидикыло узырбо персиатәи абарельеф, уа аҩынаҳаҩгьы дарбоуп
-
2. Излареиԥшымзи Шаллум иԥҳацәа текоитәи ауаа дуқәа? (Неем. 3:5, 12; w19.10 23, абз. 11).
-
3. Ишԥарылшоз ақалақь аҭӡамцқәа реиҭашьақәыргылара иаҿыз аиудеиаа рызнапык ала аидара акра, егьи рнапала абџьар акра? (Неем. 4:17, 18; w06-U 1/2 9, абз. 1). 2
Асахьа 2
-
4. Избан Неемиа ауриацәа шьоукы рхәыҷқәа ауриа бызшәала иахьымцәажәоз хьаас изимаз? (Неем. 13:23—27; w16.10 14, абз. 4).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ишԥарыцхраауеи Неемиа иҿырԥшы аизара ахылаԥшыҩцәа:
-
Иегова иқәгәыӷра? (Неем. 1:4—11; 4:14; 13:1—3).
-
рхы иамеигӡаӡакәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирывагыланы аџьабаа абара? (Неем. 4:15, 21—23).
-
аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы иҵхо анырҳәо ибзианы рзыӡырҩра? (Неем. 5:1—7). 3
Асахьа 3
-
-
Неемиа аҳ иаҳҭынраҿы аҭыԥ ду ааникылон, аха иара уи аанижьит Анцәа ижәлар дрыцхраарц азы, Иеговагьы уи азы дизылԥхеит. Иаҳнарҵои уи ҳара?
-
Ишԥашәылшо Неемиа шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Неемиа ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Ишԥаҳацхраауеи Неемиа иҭоурых Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо аилкаара?
«Бог ответил на его молитву» (арубрика «Библейские задания»)
Ари авидеонҵамҭаҿы иаҳбоит Неемиа иаӷацәа иааҟәымҵӡакәа иԥырхагахарц ишашьҭазгьы, иара агәымшәара шааирԥшуаз.
«Неемиа. „Иегова ишәиҭо агәырӷьара шәара шәзы баагәароуп“ (I ахәҭа)» (ацыԥҵәаха) (5:22)

