26 НАФАН
Иара аҳ игха иаҳәара дацәымшәаӡеит
«ИАРА дуаҩ бзиоуп! Абри аҩыза шԥаҟаиҵеи?» Иҟалап аԥааимбар Нафан иҩыза Давид ихан ахь амҩа данықәыз убас акәызҭгьы дышхәыцуаз. Ааигәа Иегова Нафан иеиҳәеит Давид аҳаҭыр ду шиаҭәашьоу изеиҭеиҳәарц: ихылҵшьҭраҿы Мессиа дираны дыҟоуп! (2 Сам. 7:4, 12, 13). Аха хара имгакәа Давид агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит. Иегова иҭахын Нафан уи дириашарц.
Давид иҟаиҵаз агәнаҳақәа аӡәгьы издырӡом ҳәа игәы иаанагон. Аха Иегова иҟынтә акгьы узыҵәахӡом. Излаҳбо ала, Анцәа иҟалаз зегь Нафан изеиҭеиҳәеит. Хәылбыҽхак, Давид ихан ахыб аҟны дшынеиааиуаз зҽызкәабоз ԥҳәыс ԥшӡак дибеит. Иара ауаа ишьҭын, иаҳҭынрахьы даарц лзицҳаит. Давид идыруан Вирсавиа изиашаз иеибашьҩы, ахетт Уриа, иԥҳәыс шлакәыз. Аха уи шидыруазгьы длыцышьҭалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Вирсавиа Давид иалҳәеит лцәалтәымкәа дшыҟоу. Убасҟан иара иҟаиҵаз ацәгьара иҵәахырц далагеит. Давид Уриа дзыцеибашьуаз иҩызцәа ааныжьны иаҳҭынрахьы даарц изицҳаит. Уриа данааи, аҳ ус иеиҳәеит: «Аҩныҟа уцаны уԥсы шьа». Иара дгәыӷуан Уриа иԥҳәыс аҵх лыцихигап ҳәа. (Иаҿшәырԥш 1 Самуил 21:5.) Аха Уриа иҩызцәа Иегова изы аибашьра ианаҿыз аамҭазы иԥҳәыс лахь анеира иламыс иаҵанакӡомызт. Убасҟан Давид адҵа ҟаиҵеит Уриа дҭахарц азы аибашьра ахьеилашуаз ддыргыларц. Ари аплан хәымга наӡеит. Уриа данԥсы ашьҭахь Давид Вирсавиа ԥҳәысс дигеит.
Абиблиаҿы иануп: «Давид иҟаиҵаз Иегова иҿаԥхьа цәгьаран». Убри аҟынтә Анцәа иԥааимбар Нафан идиҵеит дцаны Давид иҟаиҵаз шиашамыз иеиҳәарц. Нафан ахан ахь амҩа данықәыз, сажәақәа Давид ишԥаидикылари ҳәа дхәыцуазҭгьы ҟаларын. Иара Уриа ишьра еиҿикаазар, издыруада иҟаиҵаз шиашам иазҳәо ауаҩгьы дишьыр иҭаххар? Нафан Давид игәнаҳақәа шаҟа иӷәӷәоу аилкаара дицхраар иҭахын. Уи азы Анцәа диҳәозар акәхарын. Уи адагьы, иара аҳ игәаҵанӡа инеип ҳәа дзықәгәыӷуаз ажәамаана ихәыцит.
Нафан Давид изеиҭеиҳәеит қалақьк аҿы инхоз ҩыџьа ахацәа рҭоурых. Руаӡәк дбеиан, ауасақәеи ацәқәеи рацәаны иман. Егьи дӷарын, аҭаацәа бзиа еицырбоз уаса заҵәык акәын имаз. Ҽнак зны ауаҩ беиа асас дизааит, уи ачеиџьыка изирхиар акәын. Аха ауаҩ беиа иуасақәа дрыламкьысӡакәа ауаҩ ӷар иуаса ааиган, ишьны асас иҿеиҵеит. Нафан иажәабжь даналга Давид иаҳаз игәы ԥнажәеит. Иара иҳәеит: «Иегова иҿаԥхьа исҳәоит, уи ауаҩы аԥсра иқәнагоуп!» Иара игәы ԥнажәеит ауаҩ беиа абас гәымбылџьбарала ихы ахьымҩаԥигаз.
Нафан бзиа иибоз, ҳаҭыр зқәиҵоз аҳ инақәырӷәӷәаны дириашар акәын
Убасҟан Нафан дымшәаӡакәа иҳәеит: «Уи ауаҩы уара уоуп!» Давид ихаҭагьы уаанӡа ауасақәа ихьчон. Иара аиашамра ицәымӷын, убри аҟынтә Нафан иажәақәа ишьара дықәырҟьеит. Излаҳбо ала ажәамаана алҵшәа аанагеит. Нафан акы аанмыжькәа Давид игәнаҳақәа ртәы изеиҭеиҳәеит, насгьы Иегова зегь шибо иҳәеит. Уи ашьҭахь Анцәа Давид изы ииӡбаз иеиҳәеит: иҭаацәа акыршықәса арыцҳарақәеи агәаҟрақәеи ирықәшәалоит. Ишԥаидикылеи уи Давид?
Аҳ иҳәеит: «Сара Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟасҵеит». Давид игәы тҟәацны ицон, иара иҟаиҵаз агәнаҳа дахьхәит. Анаҩс Нафан Давид иеиҳәеит: «Иегова иуанаижьуеит угәнаҳа. Уара уԥсӡом». Ҳәарада, аԥааимбар деигәырӷьеит Анцәа Давид дахьрыцҳаишьаз. Аха Давиди Вирсавиеи иҟарҵаз агәнаҳа иаанагаз алҵшәа бааԥсқәа рбеит. Ирхылҵыз рԥа дыԥсит. Анаҩс акыршықәса Давид иҭаацәараҿы агәымбылџьбарареи ачарҳәареи реиԥш иҟоу ауадаҩра ӷәӷәақәа ыҟан.
Аха Давид абри зегьы дшақәшәазгьы Анцәа дизиашаны даанхеит. Иара ахьхәреи Анцәа ианажьреи ирызкны угәы зырԥшаауа аԥсаломқәа иҩит (Аԥсаломқәа 32, 51). Давиди Иеговеи реизыҟазаашьақәа уаанӡа еиԥш ибзиахеит, иԥсы ахьынӡаҭазгьы Нафан иажәақәа ихашҭӡомызт. Иара дыԥсаанӡа Анцәа дизиашан (1 Аҳ. 9:4). Ҳәарада, Нафан даара деигәырӷьон агәымшәара аарԥшны аҳ ириашара ахьилшаз.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
-
2 Самуил 11:1—12:18
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥшуаз Нафан агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Нафан Абиблиа зыҩуаз дреиуан, аха иҭаацәеи иареи ирызкны акгьы ҳаздырӡом. Иҳанаҳәозеи уи иара изкны? (w12-U 15/2 25, абз. 2, 3).
-
2. Избан ахетт Уриа Давид иеибашьцәа рыбжьара дзыҟаз? (w24.04 31).
-
3. Нафан иҳәеит Иегова Давид иҩны агәаҟра ишақәиршәо. Ишԥанаӡеи уи аԥааимбаражәа? (it-U «Давид», абз. 29).
-
4. Ишԥааирԥши Нафан агәымшәара, Давид аҳра аниуаз аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан? (w12-U 15/2 25, абз. 1). 1
Асахьа 1
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ишԥаҳацхраауеи Нафан иҿырԥшы ииашаны ахымҩаԥгара агха ӷәӷәа ҟазҵаз ҳҩыза ианицхраатәу?
-
Иҳацхраар шԥалшо Нафан иҿырԥшы иаҳҳәо ауаҩы игәаҵанӡа инеир ҳҭахызар? 2
Асахьа 2
-
Ишԥашәылшо Нафан шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Нафан ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Ишԥарзаанагеи ахьаа Давид иҟаиҵаз иара ихаҭеи, иҩызцәеи, иҭынхацәеи, Иеговеи?
«Ишәхашәмыршҭлан абзиабараҵәҟьа ахы мацара ишазымхәыцуа» (1:14)
Еилышәкаа Нафан Давид иҟаиҵаз агәнаҳа ахьхәра дышицхрааз.
«Смиренно принимай исправление» (арубрика «Библейские задания»)

