27 МЕФИВОШЕТ
Иара аиашамрақәа дышрықәшәозгьы егьырҭ дрызгәааӡомызт
МЕФИВОШЕТ Саул имоҭа иакәын. Иара агәымшәара злаз, Иегова гәыкала имаҵ зуаз Ионафан диԥан. Хәышықәса анихыҵуаз иԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахит. Саул аибашьраҿы дырхәит, анаҩс иҽишьит. Уи аибашьраҿы Ионафангьы дҭахеит. Мефивошет дзааӡоз аԥҳәыс арҭ ажәабжь бааԥсқәа анлаҳа, ахәыҷгьы цәгьарак изырур ҳәа дшәан, даашьҭԥааны дыҩит. Аха лара Мефивошет машәырла длыцәкаҳаит. Уинахыс иара иԥсы ахьынӡаҭаз дцыркьуан.
Арҭ арыцҳарақәа, излаҳбо ала, Мефивошет дуаҩы џьбараны дҟарымҵаӡеит. Махир зыхьӡыз ахаҵа Мефивошет дихылаԥшларц азы дигеит. Уи аԥхьа Давид Ионафан ажәа ииҭахьан, иара ак ихьыр, иҩнаҭа иатәу дшырхылаԥшло (1 Сам. 20:14—17). Давид иҩыза ииҭахьаз ажәа анигәалашәа, Мефивошет дааргарц ауаа ишьҭит.
Мефивошет дшәеит. Иара Давид ишьҭашәарыцоз аҳ Саул имоҭа иакәын. Убри аҟынтә Давид дишьыр иҭахуп ҳәа игәы иаанагар алшон. Аха иара агәымшәареи аҳәатәхаҵареи аарԥшны аҳ иахь дцеит. Давид уи хаала диацәажәеит, иабду Саул имазарагьы ииҭеит, иагьиеиҳәеит: «Уара еснагь акрысыцуфалоит». Мефивошет Давид иҟаиҵаз ахә ҳаракны ишьеит. Иара уи аҩыза аҳаҭыр даԥсоуп ҳәа иԥхьаӡаӡомызт, убри аҟынтә аҳ абас иеиҳәеит: «Дызусҭада умаҵуҩы, сара сҩыза иԥсхьоу ала уизхьаԥшыртә еиԥш?»
Мефивошет дхәыҷаахыс дцыркьуан. Иара иҭаацәа игхеит, анаҩс дырҭиит, аиашамрагьы дақәшәеит
Ԥыҭрак ашьҭахь Мефивошет даҽа уадаҩрак дақәшәеит. Давид Иерусалимынтәи абналара иқәшәеит, избанзар иԥа Авессалом диҿагылеит. Мефивошет имаҵуҩы Цива Давид дицхраарц ддәықәлеит. Иԥшәма ақалақь аҿы даанхеит. Мефивошет Давид дишьҭаланы дзымцаӡеит. Аха иара аҳ дышизиашоу, иҟалазгьы игәы ишалоу даҽакала иааирԥшит. Иара иԥаҵа ауишьҭит, усҟан ахацәа шгәырҩоз убас иаадырԥшуан. Авессалом ишьҭихыз аҿагылара лҵшәадахеит, Давидгьы Иерусалимҟа дхынҳәит. Аха уажәшьҭа Давид Мефивошет даҽакала дизыҟалеит. Избан?
Цива Давид афатә анизнеига Мефивошет дызлаҟамыз ала дихцәажәеит. Уи Давид диҭиизшәа, Иерусалим дзаангылазгьы аҳас дҟарҵарц азы акәушәа иҳәеит. Шәхаҿы иаажәг Давид уи шаҟа игәы инархьыз. Давид ари амц агәра игеит, избанзар ааигәа иԥеи бжьгаҩыс имаз иҩыза бзиа Ахитофели дырҭиит. Иара адҵа ҟаиҵеит Мефивошет имазара зегь имхны Цива ирҭарц.
Мефивошет Цива иҟаиҵаз еиликааит, убри аҟынтә аамҭак ашьҭахь аҳ иахь дааит, иҟаз шыҟаз изеиҭеиҳәарц азы. Давид Мефивошет Иерусалим ааныжьны дызицымцаз диазҵааит. Мефивошет иҳәеит: «Саҳ, уара иудыруеит сара сышцыркьуа», — анаҩс Цива Давид дшижьаз иеиҳәеит. Иҟалап Давид Мефивошет иԥаҵа шоушьҭыз гәеиҭазар, ус анакәха, дгәырҩон, аҳас сҟаландаз ҳәа аусқәа реиҿкаарагьы дашьҭаӡамызт. Аха уеизгьы Давид игәы ԥжәаны дыҟан. «Иазхоит уи аӡбахә аҳәара!» — ааҭирҟьеит иара, Мефивошет иажәа ҳәаны далгаанӡа. Уи ашьҭахь Давид Саул имазара Мефивошети Цивеи рыбжьара еиҩишеит.
Иԥсахы еибанаркыма Мефивошет имазара абжа амц ҳәаны дызҭииз ауаҩы иахьирҭаз? Мап. Иара аиашамра дшақәшәазгьы аӡәгьы игәаӷ имкӡеит, дагьымгәааӡеит (Ҩынтә. 19:18, 19). Иара иҟарҵаз ранаижьит, реизыҟазаашьақәа еиҭашьақәиргыларц азгьы илшоз зегь ҟаиҵеит, уи шымариамызгьы.
Мефивошет Давид аҭак шииҭаз иаҳнарбоит иара шаҟа ахынраалара илаз. «Иҭахызар зегь игааит — уажәшьҭа саҳ ақәҿиара иманы аҩныҟа дхынҳәызар» — иҳәеит Мефивошет. Иара ихы акәымкәа, Иегова иалихыз аҳ иакәын хьаас имаз. Мефивошет дшырҭиизгьы, имазара абжа шицәыӡызгьы, игәы каижьӡомызт, дзықәшәазгьы Анцәа ихареиҵаӡомызт. Ҳәарада, Мефивошет зныкгьы аибашьра далахәӡамызт, аха аибашьцәа аӡәырҩы ааиҵашьыцыртә агәымшәара илан!
Шәаԥхьа Абиблиаҿы
-
2 Самуил 4:4; 9:1—13; 16:1—4; 19:24—30
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥшуаз Мефивошет агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Давид Мефивошет иара иахь дааигаанӡа уи Махир иҩнаҭаҿы дынхон. Иаҳзырбозеи иҵегьы Махир Анцәа гәыкала имаҵ шиуаз, асасдкыларагьы шилаз? (2 Сам. 9:3, 4; it-U «Махир», № 2).
-
2. Избан Мефивошет иԥсхьоу ала ихы задикылаз? (2 Сам. 9:8; it-U «Собака, пёс», абз. 5). 1
PhotoStock-Israel/Photodisc via Getty Images
Асахьа 1. Ажәытә Израиль алақәа ицқьам аԥстәқәа ҳәа ирыԥхьаӡон, урҭ ацәынхақәеи ажьабааи рфон
-
3. Избан Мефивошет аҳас дҟаларц дзашьҭамыз? (w02-U 15/2 14, абз. 11, албаага). 2
Асахьа 2. Иҟалап Ионафан Мефивошет изеиҭеиҳәозҭгьы Иегова аҳас иалихыз дызусҭоу
-
4. Дышԥаизылԥхеи Иегова Мефивошет ари ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа рышьҭахь? (it-U «Мемфивосфей», № 2, абз. 3).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Адепрессиа змоу ма егьырҭ ауадаҩрақәа ирықәшәо ауаа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ианырзеилымкаауа ыҟоуп. Ирыцхраар шԥалшо урҭ Мефивошет иҿырԥшы?
-
Давид Цива ииҳәаз мацара дазыӡырҩны Мефивошет имазара имихит. Избан аӡәы изкны ҳгәаанагара ҳҳәаанӡа, афактқәа зегьы зеилкаатәу, насгьы ҳмыццакӡакәа зегьы ҳрызхәыцыр зҳахәҭоу? 3
Асахьа 3
-
Ишԥашәылшо Мефивошет шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Мефивошет ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Еилышәкаа ииашамкәа иҳазныҟәазар Мефивошет иҿырԥшы ҳацхраар шалшо.
Ишԥарылшо аҭаацәа Мефивошет изку ажәабжь рхы иархәаны аӡәгьы диҭахымшәа зхы збо рхәыҷы ицхраар?

