35 МАНАССИА

Агәымшәара игәнаҳақәа рыхьхәра ицхрааит

Агәымшәара игәнаҳақәа рыхьхәра ицхрааит

МАНАССИА иира Иегова иоуп изыбзоураз. Иара аџьашьахәы ҟаҵаны Езекиа иԥсҭазаара иациҵеит, анаҩс гәыкала Анцәа имаҵ зуаз уи аҳ Манассиа зыхьӡыз аԥа диоуит. Аха Манассиа 12 шықәса анихыҵуаз, Езекиа дыԥсит. Манассиа хәыҷы аҳ иҭыԥ ааникылеит, аха Иегова имаҵ аура даламгаӡеит.

Акыр шықәса рыҩныҵҟа Манассиа аус хәымгақәа ҟаиҵон. Иара амцнцәақәа рымаҵ иуан, аидолқәа дрымҵахырхәон, егьырҭгьы уи дирҟаҵон. Иара амагиа инапы алакын, иҷкәынцәагьы кәырбанс инеигон. Иерусалим Анцәа иқалақь акәын, аха Манассиа уа акгьы зхарамыз ауаа ршьа рацәаны икеиҭәеит, ижәларгьы ус аҟаҵара ргәазҭеиҵон. Уи зегьы Иегова даара дланарҟәуан. Убри аҟынтә изныкымкәа аԥааимбарцәа Манассиа иахь инаишьҭуан, иҽимԥсахыр, дшахьирхәуа иарҳәарц азы. Иҟалап ус шәхәыцуазар: «Иарбан гәымшәароу ари ауаҩы иҿаҳҵаар ҳалшо?» Шәааи ҳахәаԥшып анаҩс Манассиа ихьыз.

Ҽнак зны Манассиа иԥсҭазаара зегь ааҳәит. Иара Иегова иԥааимбарцәа рзыӡырҩра иҭахӡамызт, убри аҟынтә Анцәа ассириаа Иудеиа иақәлартә алиршеит. Дара «Манассиа аҿарԥа ала дыкны, абҩа иалху ашьамҭлаҳәқәа ишьаҵаны Вавилонҟа дыргеит». Уи ихараз, даара ихьанҭаз мҩан. Иԥагьаз аҳ изы уи хьымӡӷ дуун.

Манассиа агәнаҳақәа рацәаӡаны иҟаиҵеит, аха Иегова иҽириашартә алшара ииҭеит

Манассиа дытҟәаны Вавилонҟа данырга, уа иԥсҭазаара дазхәыцырц азы ирацәаны аамҭа иман. Иҟалап уаанӡа ахаан абас дрыцҳахәха, дымчыданы, дзаҵәны ихы имбацызҭгьы. Иара акыршықәса инцәақәа рымаҵ иуан, ихәыҷқәаҵәҟьагьы кәырбанс ирызнеигон. Нас, иабаҟоу уажәы урҭ анцәақәа, абриаҟара ацхыраара аниҭаху аамҭазы? Манассиа еиликааит иҽиԥсахыр шихәҭаз, Иегова иҳәарагьы далагеит. Иара уаҳа аԥагьара ааирԥшӡомызт. Манассиа «Анцәа иҿаԥхьа ахынраалара ааирԥшит». Иегова ибон Манассиа иҽшиԥсахуаз, иҳәарақәагьы дырзыӡырҩуан. Манассиа шаҟа ахынраалара ааирԥшуаз аҟара, убриаҟара Иегова дизааигәахон (Аԥсал. 138:6). Иара дааҟәымҵӡакәа Иегова дрыцҳаишьарц диҳәон, Сынцәа ҳәагьы изиҳәон.

Ишԥаидикылеи Иегова Манассиа иҳәарақәа? Абиблиаҿы иануп: «Иара уи диҳәон, Анцәагьы иҳәара иаҳаит». Иара Манассиа иахь арыцҳашьара ааирԥшит, уамашәа иубашагьы ак изыҟаиҵеит — «Иерусалимҟа иаҳраҭыԥ ахь дирхынҳәит». Манассиа уаанӡа иҟаиҵоз гәык-ԥсыкала дшахьхәыз, насгьы иҽшиԥсахыз ааирԥшырц алшара иоуит.

Манассиа Иерусалимҟа даныхынҳә, ихаҵара ԥызшәаз акы дақәшәеит. Акыршықәса Манассиа ижәлар Иегова ицәымӷыз аусқәа рыҟаҵара ргәазҭеиҵон. Иҟалап Манассиа иҽахьиԥсахыз ижәлар ишԥарыдыркыло ҳәа дхәыцуазҭгьы. Ус акәзаргьы, излаҳбо ала Манассиа ашәара иҽаимҭаӡеит, игхақәа рыриашарагьы далагеит. Раԥхьа Манассиа Иерусалим аҭӡамц дуқәа акәыршаны ирӷәӷәеит. Анаҩс ақалақьи Иегова иныҳәарҭеи аидолқәеи амцнцәақәеи рҟынтә ирыцқьеит. Иара Иегова икәырбаннагарҭа еиҭашьақәиргылеит, уа акәырбанқәа рнагарагьы далагеит. Уи адагьы, Манассиа ижәлар драцәажәеит. Иҟалап уи иара изы имариамызҭгьы, избанзар уаанӡа амцнцәақәа ирымҵахырхәаларц ргәазҭеиҵон, аха уажәшьҭа «израильаа Рынцәа Иегова» имаҵ руларц реиҳәеит. Еилыкка иубарҭан агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟазҵоз уи ауаҩ иҽшиԥсахҵәҟьаз. Манассиа ихьыз Иегова дҳаранакит, избанзар зегьы еиҭах ирбеит Анцәа дышқьиоу, анажьрагьы дшазхиоу (Аԥсал. 86:5).

Манассиа напхгара аниуаз шықәсы рацәала иҟаиҵоз ацәгьарақәа зегьы рыриашара илшаӡомызт. Иегова Манассиа игәнаҳақәа ианаижьит, избанзар иара урҭ дрыхьхәит. Аха акыршықәса рыҩныҵҟа ацәгьа зуаз, насгьы ашьа казҭәоз ауаа ахьмырхәӡакәа изныжьӡомызт, избанзар аӡәырҩы иҟарҵоз иахьымхәӡеит. Манассиа иԥа Амонгьы иаб иҳәатәы хамҵаӡакәа, аус цәгьақәа шыҟаиҵац иҟаиҵон. Аха излаҳбо ала, Манассиа илшеит имоҭа хәыҷ Иосиа Иегова иахь абзиабара илааӡара. Иосиа иԥсы ахьынӡаҭаз ихашҭӡомызт иабду агәымшәара шицхрааз ахынраалара аарԥшны Иегова иҿаԥхьа игәнаҳақәа рыхьхәра. Манассиа акыршықәса агәнаҳақәа ҟаиҵон, аха иԥсҭазаара шьаҭанкыла иԥсахит. Уи ашьҭахь иԥсы ахьынӡаҭаз жәҩантәи Иаб абзиабара аарԥшны игәнаҳақәа ахьианаижьыз ахә ҳаракны ишьон.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Манассиа агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Израильаа Ханаан анхара иалагаанӡа уа амореиаа нхон. Манассиа «иара иаԥхьа инхоз амореиаа раасҭа еицәаны» ихы мҩаԥигон. Иҳаилнаркаауеи уи иара изкны? (2 Аҳ. 21:11; w00-U 15/10 16, абз. 5, 6; gl-U 10, абз. 5, албаага).

  2. 2. Ишԥашьақәнарӷәӷәо археологиа Манассиа аҭоурых аҿы дшыҟаҵәҟьаз, насгьы иара напхгара аниуаз аамҭазы Ассириа амчра ду шамаз? (it-U «Манассия», № 4, абз. 2). 1

    © The Trustees of the British Museum. Licensed under CC BY-NC-SA 4.0.Source

    Асахьа 1. Асархаддон ипризма иану аҩыраҿы «Иудеиа аҳ Манассиа» иӡбахә аҳәоит

  3. 3. Ишьақәзырӷәӷәои ассириаа маҵуцәас иргоз ауаа аҿарԥа рҿарԥаны ишыргоз? (2 Аш. 33:11; it-U «Крюк, крючок», абз. 4). 2

    Асахьа 2. VIII ашәышықәсазы ҳ. ҟ. иҟаҵаз ассириатәи абарельеф ихыԥшыланы иҭыху асахьа

  4. 4. Ишԥеилкаатәу Иерусалим «ашашәала исшәоит», насгьы «ашәага ақәысҵоит» ҳәа Иегова ииҳәаз ажәақәа? (2 Аҳ. 21:13; it-U «Уровень», абз. 2).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Ишԥаҳацхраауеи ари аҭоурых гәык-ԥсыкала ахьхәра закәу аилкаара?

  • Иегова зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа иранаижьуеит, аха рхымҩаԥгашьа иаанаго алҵшәа иацәихьчаӡом. Ишԥаҳнарбо уи Манассиеи Иудеиа инхоз ауааи рҭоурых? (Иер. 15:3—5). 3

    Асахьа 3

  • Ишԥашәылшо Манассиа шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Манассиа ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Шәахәаԥш иашьак Манассиа иҿырԥшы Иегова иахь ахынҳәра ишицхрааз ҳзырбо авидеонҵамҭа.

«Абахҭахь саныхынҳә, ахақәиҭра соуит» (5:10)

Шәара анкьа иҟашәҵахьаз агәнаҳақәа рзы шәгәырҩозар, шәгәы шьҭнахыр шԥалшо Манассиа иҭоурых?

«Он смягчил лицо своего Бога Иеговы» (w11-U 1/1 18)