36 ИОСИА
Ижәлар Иегова иахь ахынҳәра дрыцхрааит
ИОСИА фышықәса ракәын ихыҵуаз иабду, аҳ Манассиа, данԥсы. Иҟалап иара идыруазҭгьы Манассиа уаанӡа иҽеим аусқәа шыҟаиҵоз, аха нас иҽыԥсахны гәыкала Иегова имаҵ аура дшалагаз. Уи зегьы Иосиа анырра ӷәӷәа инаҭазар акәхап. Манассиа данԥсы иԥа Амон аҳас дҟалеит. Иара дуаҩы цәгьан, насгьы ажәлар аидолқәа ирымҵахырхәаларц ргәазҭеиҵон. Уи инапхгара аан ацәгьоурақәа рацәахеит. Амон ҩышықәса ракәын напхгара ахьиуаз. Иара данԥсы 8 шықәса зхыҵуаз Иосиа аҳас дҟалеит.
Иҟалап гәыкала Иегова имаҵ зуаз ауаа, иаҳҳәап, аԥааимбарцәа Софониеи Иеремиеи, аԥааимбарԥҳәыс Хулдеи, аԥшьаҩ хада Хилкиеи Иосиа анырра бзиа ирҭозҭгьы. Абиблиаҿы иануп иқәыԥшыз, 16 шықәса раҟара зхыҵуаз, Иосиа «иабацәа раб Давид Инцәа имаҵ аура далагеит» ҳәа. Иосиа 20 шықәса раҟара анихыҵуаз Иудеиа аԥсахра дуқәа дрылагеит. Иегова иқәыԥшыз агәымшәара злаз уи аҳ ихы даирхәеит амцмҵахырхәара даҿагыланы ижәлар амҩа иашахь ирхынҳәырц азы.
Иосиа дызлагаз аԥсахрақәа жәабиԥарак рыла ишьақәгылаз Израиль аҩадатәи аҳра иаҵанакуаз адгьылқәа рҟынӡагьы инеит. Уаанӡа уа израильаа нхон, аха реиҳараҩык Ассириаҟа итҟәаны иргахьан. Убри аҟынтә уажәшьҭа уа еиҳараӡак атәымуаа ракәын инхоз. Аха Иосиа уаҟагьы аидолқәеи акәырбаннагарҭақәеи ықәигеит.
Аҳ Иосиа дышқәыԥшызгьы, дымшәаӡакәа амцмҵахырхәара даҿагылон, напхгара ззиуаз ажәларгьы гәыкала Иегова имаҵ аура дрыцхраауан
Хәбаҟа шықәса рышьҭахь Иосиа Иегова иныҳәарҭа еиҭашьақәдыргыларц адҵа ҟаиҵеит. Аныҳәарҭа анеиҭашьақәдыргылоз, аԥшьаҩ хада Хилкиа уамашәа иубашаз ак иԥшааит — Иегова Моисеи ииҭаз азакәан зныз аикәарҳә. Иҟалап уи ашәышықәсақәа раԥхьа Моисеи ихаҭа ииҩыз акәызҭгьы. Аикәарҳә Иосиа изнарган, рыбжьы ҭыганы изаԥхьеит. Иосиа илымҳа кыдҵаны дӡырҩуан, иаҳаз игәаҵанӡагьы инеит. Иара еиҳагьы еиликааит ижәлар рхымҩаԥгашьа Анцәа изакәан ишаҿагылоз, насгьы Иегова шаҟа игәы рзыԥжәаны дыҟаз. Илшама аҳ агәымшәара аарԥшны ижәлар Анцәа имҩахь рырхынҳәра?
Иосиа иаразнак Иегова игәы иҭоу еиликаарц иҭаххеит. Убри азы хәҩык имаҵуцәа аԥааимбарԥҳәыс Хулда лахь ишьҭит. Лара илҳәеит Иудеиа инхо ажәлар Иегова ицәхьаҵны аидолқәа рымаҵ ахьыруа игәы шинархьуа, насгьы Иудеиеи Иерусалими арыцҳара шырзыԥшу. Аԥааимбарԥҳәыс Хулда Иосиа агәра илыргеит иааирԥшуа аҳәатәхаҵареи дызлагаз аԥсахрақәеи Иегова игәы ишахәо, убри аҟынтә Анцәа иқәыӡбара Иосиа ихаан ишыҟамло.
Иосиа ас еиԥш иҟаз ажәабжьқәа аниаҳагьы, ажәлар Иегова иахь ирхынҳәырц азы анаҩсгьы илшоз зегь ҟаиҵон. Иосиа ижәлари иареи Анцәа ажәа ирҭеит изакәан ишықәныҟәало ала. Ажәлар зегьы уи иақәшаҳаҭхеит. Анаҩс Иосиа еиҳагьы гәацԥыҳәарала амцмҵахырхәара даҿагыло далагеит. Уи адагьы, иара ауриацәа Иегова имаҵ аура ргәазҭеиҵарц азы Анцәа ижәлар рҭоурых аҟны ишыҟамлацыз еиԥш Амшаԥныҳәа мҩаԥигеит. Уи аҽны ҵҩа змамыз аԥстәқәа Иегова кәырбанс изнаргеит. Акәырбан азы аԥстәқәа рызҭаз Иосиеи аҭауадцәеи роуп. Ашәаҳәаҩцәагьы рашәақәа рыла Иегова дҳараркуан.
Иосиа дааҟәымҵӡакәа амцмҵахырхәара даҿагылон. Уи иаанарԥшуан илаз агәымшәареи ахаҵара ӷәӷәеи. Иара 300 шықәса раԥхьа иҳәаз аԥааимбаражәагьы наигӡеит. Ауаа рыбаҩқәа амцнцәақәа ирызкыз акәырбаннагарҭаҿы иблит, нас уи акәырбаннагарҭа ықәигеит (1 Аҳ. 13:2). Иосиа Иуда иҟаз амцнцәақәа рыԥшьаҭыԥқәа ықәихит. Урҭ ашәышықәсақәа раԥхьа Соломон Иегова даницәхьаҵыз идыргылаз ракәын. Аха Иосиа гаӡарак ихьит, иара афараон Нехо диабашьырц иӡбеит. Афараон Иосиа иеиҳәеит диабашьыр, дышҭахо, уи иазҳәазгьы Иегова шиакәу. Аха излаҳбо ала, Иосиа Анцәа игәаанагара еиликаарц азы Иегова иԥааимбарцәа дырзымҵааӡакәа иӷәӷәаз ар дырҿагылеит. Ари аҭагылазаашьаҿы Иосиа ихымҩаԥгашьа агәымшәара аҵоуп ҳәа угәы иаанагар алшоит, аха иҟаиҵаз хшыҩдаран, аԥсрахьгьы днанагеит. Иосиа дҭахеит 39 шықәса анихыҵуаз.
Аха Иегова Иосиа иус бзиақәа зегьы ихамышҭӡеит. Аԥааимбар Иеремиа иҭахаз аҳ изкны ауазашәа иҩит. Излаҳбо ала, Анцәа ижәлар уи ашәа акыршықәса рыҩныҵҟа абиԥарақәа инеимда-ааимдо ирҳәон. Иҟалап мышкызны Иосиа инапхгара иазкны Абиблиаҿы иану даԥхьар, иара убас Иеремиа иара изкны ииҩыз ашәа аӡбахә иаҳар. Агәра ганы ҳаҟоуп Иегова Иосиа бзиа дшибоз, иааирԥшуаз ахаҵареи агәымшәареи ахаангьы ишихамышҭуа.
Шәаԥхьа Абиблиаҿы:
-
2 Ашықәсынҵа 33:21—35:27
Еилҳарго азҵаара:
Ишԥааирԥшуаз Иосиа агәымшәара?
Еиҳаны еилышәкаа
-
1. Иаҳдыруеи Иосиа хҩылааҩыс, насгьы маӡаныҟәгаҩыс имаз Шафан изкны? (w02-U 15/12 19, абз. 2—6).
-
2. Избан Иосиа азакәан ианыз аниаҳа, имаҭәа зишәхаԥижәаз? (w14-U 15/4 32).
-
3. Ишьақәзырӷәӷәозеи афараон Нехо аҭоурых аҿы дшыҟаҵәҟьаз? (2 Аш. 35:22; it-U «Нехо», абз. 1). 1
StockStudio/Alamy Stock Photo
Асахьа 1. Иосиа афараон Нехо дахьиабашьуаз Мегиддо
Асахьа 1. Иосиа афараон Нехо дахьиабашьуаз Мегиддо
StockStudio/Alamy Stock Photo
-
4. Хулда Иосиа иалҳәахьан «аҭынчра аныҟоу анышә уарҭоит» ҳәа, аха иара аибашьраҿы дҭахеит. Ишԥанаӡеи, нас, ари аԥааимбаражәа? (2 Аҳ. 22:20; w00-U 15/9 30, абз. 2, 3).
Ишәнарҵо шәазхәыц
-
Ақьырсианцәа шьоукы рхәыҷра бааԥсын. Иднарҵар алшои урҭ Анцәа ицәхьаҵыз аб дызмаз Иосиа иҿырԥшы?
-
Иосиа азакәан аҿы ианыз ижәлари иареи рзы ҵакыс иамоу еиӷьны еиликаарц азы ацхыраара даҳәеит (2 Аш. 34:21). Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо уи ҳара? 2
Асахьа 2
-
Ишԥашәылшо Иосиа шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?
Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц
-
Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?
-
Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?
-
Иарбан зҵаароу Иосиа ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?
Иҵегь шәахәаԥш
Еилышәкаа ишқәыԥшыз напхгара аура иалагаз Иосиеи егьырҭ ҩыџьа иудеиатәи аҳцәеи ирыдыркылоз аӡбарақәа ишәдырҵар алшо.
«Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, изеиԥшрахозеи шәыԥсҭазаара? (w23.09 8—13)
Иаҳҳәар ҳалшома Иосиа имч мацарала амцмҵахырхәара даҿагылон ҳәа? Аҭак ари авидеонҵамҭаҿы ишәыԥшаауеит.
«Аҳ Иосиа. Иегова бзиа дбала, ацәгьара уцәымӷыз (ахәҭа 2)» (ацыԥҵәаха) (3:43)

