22 ИОНАФАН

Иара дҩыза бзианы даанхарц азы агәымшәара иҭахын

Иара дҩыза бзианы даанхарц азы агәымшәара иҭахын

БЏЬАРЛА еиқәных еибыҭаз ҩыџьа ахацәа иццакы-ццакуа амардара иаҿаланы ахалара иаҿын. Арҭ агәымшәара злаз ахацәа филистимаа рыр ду иақәларц ргәы иҭан. Руаӡәк Ионафан иакәын — Израиль раԥхьатәи аҳ Саул иԥа, егьи — иабџьар ныҟәызгоз иакәын. Уи аԥхьа Ионафан уи абас иеиҳәеит: «Иегова акгьы иԥырхагахом аӡәырҩы, ма аӡәык-ҩыџьак рыла ауаа реиқәырхара». Иара диашан! Ионафани уи иабџьар ныҟәызгози Иегова имчала 20-ҩык раҟара раӷацәа ҭадырхеит. Уи абзоурала Анцәа ижәлар аиааира ду ргеит.

Ари ахҭыс заҵәык алагьы иубарҭоуп Ионафан агәымшәара ӷәӷәа злаз ауаҩ шиакәыз. Аха агәымшәара аибашьра мацараҿы акәӡамызт иахьиҭахыз. Иаҳҳәап иара уи аҟазшьа иҭаххеит гәыкала дыззыҟоу дарбану ҳәа азҵаара анықәгыла. Ионафан есымша иаб Саул дидгылон. Аха аамҭак ашьҭахь Саул дԥагьахан, Иегова изыӡырҩра даҟәыҵит. Убасҟан Ионафан агәымшәара аарԥшны Иегова иган ааникылеит, уи алагьы иааирԥшит иаб иахь акәымкәа, Анцәа иахь азиашара иара изы еиҳа ишхадоу.

Акыршықәса рышьҭахь Ионафан 50 шықәса раҟара анихыҵуаз, филистимтәи адау Голиаф дызшьыз иқәыԥшыз Давид диабадырит. Саули ажәлари Давид иҟаиҵаз, ҳәарада, уамашәа ибаны ддырҽхәон. Ишԥаидикылеи уи Ионафан? Игәы зынӡаскгьы ашьыцра ҭаӡамызт. Иара имаҭәақәа рҟынтә Давид ҳамҭас ииҭазгьы ыҟоуп, иаҳҳәап, ахыц. Уи даара зыхә ҳаракыз ҳамҭан, избанзар излаҳдыруа ала, Ионафан хыцла ибзианы ихысуаз еибашьҩын. Ионафан Давид иаасҭа 30 шықәса раҟара дшеиҳабызгьы урҭ наӡаӡа ишеиҩызцәазаауа ала ҭоуба руит, ражәагьы ахаан еиларгаӡомызт.

Ионафан изы иаб игәы иақәшәо акәымкәа, Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара еиҳа ихадан

Саулгьы раԥхьа Давид ибзианы дизыҟан, аха нас бааԥсыла диҵашьыцуа далагеит. Иара агәра ганы дыҟан иԥа иара дидгылоит ҳәа. Аха Саул агха ихьит. Ионафан идыруан Иегова Израиль анаҩстәи аҳас иара иакәымкәа, Давид дшалихыз. Уи шидыруазгьы иҩыза димҭиӡеит. Саул Давид дишьырц шиҭаху аниҳәа, Ионафан иҩыза дихьчарц далагеит. Уи азы агәымшәара аҭахын. Ҳәарада, Саул иқәра ԥыҭк инеихьан, аха имчқәа камԥсаӡацызт. Ҽнак зны Ионафан иаб диҳәо далагеит Давид димшьырц. Саул иԥсахы еибакын Ионафан аԥса ыршәны игәыдиҵеит, аха уи имаахаӡеит. Ари ахҭыс Ионафан даара игәы инархьит. Иара Давид иахь дцаны Саул игәы иҭеикыз изеиҭеиҳәеит. Убас иара даҽазныкгьы иааирԥшит иҩыза дышизиашаз. Уи адагьы, Ионафан Давид диҳәеит ак ихьыр иҭаацәа дырхылаԥшырц.

Саул ихҟьаны Давид есымша ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь диасуа иҽиҵәахуан. Иара идҵала аҳ ируаагьы Давид ишьҭашәарыцон. Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам Ионафан уи далахәын ҳәа, уи аҩыза ухаҿгьы иузаагом. Ҽнак зны Ионафан Давид иҽахьиҵәахуаз анеиликаа, иҩыза дибарц, Иегова иахь имоу игәрагарагьы ирӷәӷәарц азы днеит. Иара Давид иеиҳәеит: «Акгьы уацәымшәан, избанзар саб Саул уара уизыԥшааӡом. Уара Израиль аҳас уҟалоит, сара уара ушьҭахь аҩбатәи аҭыԥ ааныскылоит». Уинахыс урҭ уаҳа еибамбаӡеит.

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь филистимаа Израиль иақәлеит. Анцәа ижәлар рзы ишәарҭаз урҭ ракәын, Давид иакәымкәа. Ионафан иаб дивагыланы деибашьуан, уи ала Иегова дышизиашаз ааирԥшит. Уи аамҭазы Саул аҵабырг иацәхьаҵыз дреиуахахьан. Иара аԥсцәа ирыԥхьоз аԥҳәыс лҿгьы дцахьан. Иегова Саул дшаанижьыз убарҭан. Саул аибашьраҿы дырхәит, анаҩс иара иҽишьит. Уи аҽны аибашьра аҟны хҩык иԥацәагьы ҭахеит, Ионафангьы уахь дналаҵаны.

Давид изы иҩыза иԥсра ааха ӷәӷәахеит. Давид Ионафан шаҟа бзиа дибоз, уи изы шаҟа дгәырҩоз узырбо ауазашәа иҩит. Давид ари ашәа «Ахыц» ахьӡиҵеит, иҟалап уи акыршықәса раԥхьа Ионафан ииҭахьаз аҳамҭа ахьӡала акәызҭгьы. Уи ашәа абарҭ ажәақәа алоуп: «Узџьабоит сашьа Ионафан, уара акыр усзаԥсан». Давид иҩыза ииҭахьаз ажәа ихамышҭӡеит. Аҳас даныҟала Ионафан иҭынхацәа рыԥшаара далагеит, иагьеиликааит Ионафан Мефивошет зыхьӡыз ицыркьуаз аԥа дышимаз. Давид уи Иерусалим иҟаз ихан ааигәара дынирхеит, уинахысгьы дихылаԥшуа далагеит.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

  • 1 Самуил 13:2, 19—23; 14:1—15; 16:21; 18:1—9; 19:4—6; 20:1—42; 23:16—18; 28:6—8; 31:1—6

  • 2 Самуил 1:17—27; 9:1—7

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Ионафан агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Изусҭцәадаз филистимаа? (w95-U 1/2 31).

  2. 2. 1 Самуил 13:21 аҿы ажәа «пим» ҳԥылоит. Ишԥашьақәнарӷәӷәо уи Абиблиа иаҳәо шиашоу? (w05-U 15/3 29). 1

    Асахьа 1. Ахаҳә иалхыз агира — апим

  1. 3. Избан, излаҳбо ала, Михмас азааигәара аҩхаа уҭысны ахалара даара изыцәгьаз? Ицхраар алшози Ионафан уи аҟаҵара? (it-U «Михмас», абз. 4). 2

Todd Bolen/​BiblePlaces.com

Асахьа 2. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Михмас азааигәара иҟаз аҩхаа ыҟазар ахьалшоз

Асахьа 2. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Михмас азааигәара иҟаз акаҵәара ыҟазар ахьалшоз

Todd Bolen/​BiblePlaces.com

  1. 4. Ишԥанаигӡеи Давид Ионафан иҭынхацәа дшырхылаԥшуа ала ииҳәахьаз ажәа? (it-U «Мемфивосфей», № 2, абз. 1).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Ионафан изы иаб игәы иақәшәо акәымкәа, Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара еиҳа ихадан. Иарбан ҭагылазаашьақәоу ҳзықәшәар алшо, ҳара ҳзы Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара зегь раасҭа ишхадоу ааҳарԥшыр анакәхо? 3

    Асахьа 3

  • Иаҳнарҵои Давиди Ионафани ирызку ажәабжь:

    • аиҩызара аганахь ала?

    • ахынраалара аганахь ала?

    • азиашара аганахь ала?

  • Ишԥашәылшо Ионафан шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Ионафан ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Избан Давиди Ионафани ҩызцәа гәакьаны изыҟалаз, насгьы ишԥаҳалшо ҳара ус еиԥш иҟоу аҩызцәа ҳаԥшаар?

«Абзиабара еизшәырҳала» (w21.01 20—25)

Шәрыцхраа шәхәыҷқәа Ионафан изку ажәабжь хәарҭас ирзаанагар алшо аилкаара.

«Ионафан» (асаит jw.org аҿы иҟоу абиблиатә карточка)