33 ИОДАИ

Иара Анцәа иалихыз аҳ деиқәирхеит

Иара Анцәа иалихыз аҳ деиқәирхеит

ИОДАИ иқәрахь днеихьан, аха макьана дыӷәӷәан. Иара гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ иуан. Иодаи Иерусалим иҟаз аныҳәарҭаҿы ԥшьаҩ хадас дыҟан. Иара ажәлар Иегова ииашаны имҵахырхәаларц дрыцхраалар ихәҭан. Аха уи мариаӡамызт, избанзар уи аамҭазы аӡәырҩы амцнцәақәа рымаҵ руан, рхымҩаԥгашьагьы ҟьашьын.

Ауаа иҽеимкәа рхы ахьымҩаԥыргоз азы ахара здыз дреиуан Аталиа зыхьӡыз аԥҳәыс. Лара израильтәи аҳ Ахави иԥҳәыс Иезавели рыԥҳа лакәын. Дара иҟарҵоз аус бааԥсқәа рзы Иегова Ахав ишьҭра аҵыхәтәа ԥиҵәарц иӡбеит. Аталиа Иудеиа аҳ иԥҳәыс шлакәызгьы, лара Анцәа ду имҵахырхәара лцәымӷын. Аталиа лхаҵа данԥсы, лыҷкәын аҳас дҟалеит. Аха Иегова уи дишьит. Убасҟан Аталиа лхаҭа аҳ иҭыԥ аанылкылеит. Аха уи Иегова игәҭакы иаҵанакӡомызт. Иара иҭахын ижәлар Давид ишьҭра иатәу ахацәа рхагылазарц. Аталиа лнапхгара шьақәлырӷәӷәарц азы лҭыԥ лымазкыр зылшоз зегьы ықәылгарц лыӡбеит. Убри аҟынтә лмоҭацәа зегьы ршьырц адҵа ҟалҵеит.

Аԥшьаҩ хада иԥҳәыси иареи рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылеит, аҳкәажә илшьырц илҭахыз зхы ззымыхьчоз ахәыҷы деиқәдырхарц азы

Иодаи диман иара иаасҭа иқәыԥшыз, агәымшәара злаз, аҳцәа ршьа иалҵыз Иехошева зыхьӡыз аԥҳәыс. Иодаи иԥҳәыси иареи Давид ишьҭра ҿахҵәар рҭахӡамызт, избанзар ирдыруан Иегова ишиҳәахьаз Давид ихылҵ наӡаӡа напхгара шиуло (2 Сам. 7:12, 13). Иехошева илыӡбеит аҳра захь ииасыр ахәҭаз шықәсыкгьы зхымҵыцыз Иоас зыхьӡыз аҷкәын хәыҷ деиқәлырхарц. Лара агәымшәара аарԥшны маӡала ахәыҷы аҳҭынра аҟынтә дылгеит. Иодаи аныҳәарҭа аҟны уада хәыҷык иԥшааит. Уи ауада уаҩԥсы иҿахарсҭаӡамызт. Ахәыҷи уи дзааӡози шәарҭарада уа иҟазар рылшон.

Фышықәса рыҩныҵҟа Иоас аӡәгьы изымдыркәа Анцәа иҩны аҟны дынхон, Иодаигьы ахәыҷы дихьчон. Иҟалап уи иуадаҩыз аамҭазҭгьы, избанзар Аталиа аԥшьаҩ хада иԥҳәыси иареи ахәыҷы дҵәахны дышрымоу еилылкаазҭгьы урҭ лшьуан. Иодаи агәымшәара аарԥшны аҳҭынра зыхьчоз аруаа ирхагылаз Анцәа изиашаз хәҩык ахацәа ааиԥхьан, амаӡа рзааиртит: Давид иаҳра ҭыԥ закәанла изықәнагоу иԥсы ҭоуп! Иодаи адҵа ҟаиҵеит 500-ҩык аибашьцәа аныҳәарҭеи уи акәша-мыкәшеи рыхьчаларц. Иара урҭ аԥыракқәеи абџьари аныҳәарҭа идәылганы ириҭеит. Иодаи Иоас аҳра аҭыԥахь днеигарц азы ацеремониа мҩаԥигонаҵы аибашьцәа аҷкәын икәшаны игылан. Израильаа гәырӷьаны рнапы еинырҟьон. Аталиа ажәлар рыбжьы анлаҳа, аныҳәарҭахь деихеит.

Аталиа аныҳәарҭа ашҭа данынҭахх иҟаз иаразнак еилылкааит. Убасҟан ҽазныкгьы лҭыԥ лыхьчарц лҽазылшәеит. Лара лыбжьы ҭыганы ҿаалҭит: «Сырҭиит! Сырҭиит!» — аха ачарҳәаҩҵәҟьа лхаҭа лакәын. Лара аӡә длыдгылоит ҳәа дгәыӷуазҭгьы, уи башахеит. Иодаи иаразнак аибашьцәа ирхагылаз иреиҳәеит Аталиа аныҳәарҭа ддәылыргарц. Даргьы уи ддәылганы дыршьит. Уаанӡа ишаҳҳәахьаз еиԥш, Иегова иӡбахьан Ахав ишьҭра зегь шықәиго (2 Аҳ. 9:8). Иҟалап Аталиа лакәызҭгьы уи ашьҭра аҟны аҵыхәтәаны инханы иҟаз.

Уи ашьҭахь Иодаи ицхыраарала ажәлари иқәыԥшыз аҳи Анцәа Иегова ажәа ирҭеит изиашаны имаҵ шыруло ала. Анаҩс Иодаи адҵа ҟаиҵеит Ваал иныҳәарҭа хдырбгаларц, уа амаҵ зуаз аԥшьаҩгьы дыршьырц. Уи адагьы, Иодаи илшоз зегь ҟаиҵон Иоас Анцәа изиашоу ибзиоу аҳ иакәны дҟаларц азы. Иара иԥсы ҭанаҵы Иоас амҩа иаша дықәиҵон. Иодаи 130 шықәса анихыҵуаз дыԥсит. Иара аҳаҭыр ду иаҭәаршьеит: Иерусалим напхгара зуаз аҳцәа ахьжыз дыржит.

Аха Анцәа гәыкала имаҵ зуаз Иодаи данԥсы, Иоас Иегова имаҵ аура даҟәыҵит. Иара Иудеиа аҭауадцәа дырзыӡырҩуа далагеит. Анаҩс иара ихҟьаны ажәлар амцнцәақәа ирымҵахырхәо иалагеит. Иегова аҳ иахь аԥааимбарцәа наишьҭуан, аха иара урҭ хьаасгьы имамызт. Аҳ иҟаиҵоз шиашамыз иазҳәоз аԥааимбарцәа дреиуан Иодаи иԥа Захариа. Захариа ажәлар дразҵааит: «Иегова иԥҟарақәа зеилажәгои?» Уи Иоас иԥсахы еибанаркын, Захариа дыршьырц адҵа ҟаиҵеит. Аха Захариа иаб иеиԥш аҵыхәтәанынӡа агәымшәара ааирԥшуан. Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иисус Христос Захариа дырҽхәаны дихцәажәеит. Иисуси Иеговеи ахаан ирхашҭӡом гәыкала рымаҵ зуа, агәымшәарагьы аазырԥшуа ахацәеи аҳәсеи.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Иодаи агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Иарбан гәаанагароу аҵарауаа ирымоу Иодаи Аталиа лҭыԥ лымхра ицхрааз кариитәи ахьчаҩцәа ирызкны? (2 Аҳ. 11:4, албаага, 19; it-U «Карийский телохранитель»).

  2. 2. Избан Иодаи азакәан зныз аикәарҳә (ишыҟаҵәҟьоу иуҳәозар, «аршаҳаҭга») Иоас ихы изақәиҵаз? (2 Аҳ. 11:12, албаага; w91-U 1/2 31, абз. 5, 6). 1

    Асахьа 1

  3. 3. Избан Иоас «Иегова иҩны» иагыз ҟарҵарц адҵа зыҟаиҵаз? (2 Аш. 24:4—7, 11—14; it-U «Иоас», № 7, абз. 5).

  4. 4. Захариа Иодаи диԥан. Избан Иисус уи «Варахиа иԥа» ҳәа зизиҳәаз? (nwtsty-U Матф. 23:35, «сына Варахии»).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Иодаи Иоас даниҵәахуаз 100 шықәса инареиҳаны ихыҵуазҭгьы ҟаларын. Ргәы шьҭнахыр шԥалшо уи иҿырԥшы зықәрахь инеихьоу Иегова имаҵзуҩцәа? (Аԥсал. 92:12, 14). 2

    Асахьа 2

  • Иоас Иодаи данизыӡырҩуаз аҟәыӷара зҵаз аӡбарақәа идикылон. Иднарҵои уи иқәыԥшу Иегова имаҵзуҩцәа?

  • Ишԥашәылшо Иодаи шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Иодаи ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Иднарҵар алшои ахәыҷқәа Иоас иҿырԥшы аҩызцәа шалхлатәу аганахь ала?

«Иоас отошёл от Иеговы из-за друзей» (w09-U 1/4 24—25).

Еилышәкаа ҳорганизациа Иодаи иеиԥш хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара ииашаны рхы ишадырхәо, насгьы уи ҳара ишаҳныруа.

«Вклад, радующий Иегову» (w05-U 1/11 26—27).