29 ИЛЬИА

Сынцәа — Иегова

Сынцәа — Иегова

ИЛЬИА иӡбахә Абиблиаҿы иаалырҟьаны аҳәара иалагоит. Уи иӡбахә раԥхьаӡакәны иҳәоуп Иегова иҟынтә уцәа уҭазырӡыӡо ажәабжь аҳ Ахав иеиҳәарц даннеи. Жәа-биԥарак рыла ишьақәгылаз Израильтәи аҳра аҭоурых уазааҭгылозар, уа напхгара зуаз аҳцәа Иегова имаҵ руӡомызт. Ахав абыжьбатәи аҳ иакәын. Иегова уи зегь иреицәоу аҳ ҳәа диԥхьаӡон. Иара атәым дгьыл иатәыз аԥҳәыс Иезавель ԥҳәысс дигеит. Ахав ихаҭагьы аидолқәа дрымҵахырхәон, аха Иезавель Ваал имҵахырхәара еиҳа ихәымгаз аформа дацныҟәон, иҟалап уахь ахәыҷқәа кәырбанс рнагара аҵанакуазҭгьы. Абар Ильиа Ахав иахь дааит. Иегова уи уахь дишьҭит аҳ диқәыӡбарц, иара изы ииӡбазгьы иеиҳәарц.

Ильиа Галаад аҟынтәи Самариаҟа иҟәаԥаҿаԥараз ихараз амҩа данысит. Баагәарала ихкааз уи ақалақь аҟны Ахав ихазы иблахкыгаз ахан дуӡӡа иргылеит. Уи «асланқәа рыбаҩ ала ичаԥаны иргылаз аҩны» ҳәа иашьҭан» (1 Аҳ. 22:39). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит аласа иалхыз иџьаџьаз амаҭәа зшәыз, иҟьаҟьаз асахҭан маҟа зымӷаз Ильиа ахан ԥшӡа дшааҩналаз. Иара аҳ иҿаԥхьа днагылан, дзымҵахырхәо Ваал акгьы шилымшо иеиҳәеит. Уи аамҭазы Ахав иԥҳәыс Иезавель уа дыҟазҭгьы, Ильиа иажәақәа лыԥсахы еибадыркызар акәхап. Ахави Иезавельи агәра ргон ауаа ақәа рзазыруа Ваал иоуп ҳәа. Аха Ильиа дымшәаӡакәа иҳәеит Иегова аарҩара шыҟаиҵо, уи ала идеилиркааит Ваал урҭ дшырмыхәо. Нас иреиҳәеит Израиль акыраамҭа «аӡаӡагьы ақәагьы» шыҟамло, аарҩара шынҵәо рылеиҳәаанӡа.

Изҭазеи Ильиа абриаҟара агәымшәара? Иажәақәа уи ҳаилдыркаауеит: «Зымаҵ зуа зыԥсы ҭоу Израиль Анцәа ила сықәуеит». Ажәақәа «зымаҵ зуа» ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «зҿаԥхьа сгылоу» аанагоит. Ильиа амчра змаз аҳ иҿаԥхьа дгылан. Аха иара изы еиҳа ихадаз зымаҵ иуаз Анцәа Иегова иҿаԥхьа дахьгылаз акәын. Ахави Иезавельи амчра ду змоу ракәушәа убар ауан, урыцәшәартәгьы иҟан. Аха урҭ Иегова иҿурԥшуазар, акгьы рылшаӡомызт. Иҟалап убри акәызҭгьы Ильиа агәымшәара изҭоз.

Ильиа зыԥсахы еибакны иҟаз аҳ иԥҳәыси иареи ишьҭашәарыцон, Иегова ицәхьаҵыз ажәлар Анцәа имаҵ аура ишаҟәыҵыз ибон, имаз ашәарагьы иԥырхаган

Ильиа Иегова имаҵ аураҿы анаҩсгьы зныкымкәа агәымшәара ааирԥшхьан. Иара ари аҟазшьа ааирԥшит аарҩареи амлакреи аныҟаз Анцәа уаҩ дахьыҟам акаршәраҿы уҽыҵәах ҳәа аниеиҳәа. Уа иара ӡыржәтәыс имаз аӡиас акәын, афатә аҟәраанқәа изааргон. Ԥыҭрак ашьҭахь Иегова Ильиа Сидонҟа дцарц иеиҳәеит, ахаҵара ӷәӷәа змаз аԥҳәысеиба длыцхраарц азы. Ильиа агәымшәара иламызҭгьы, уи ақалақь ахь дцарымызт, избанзар уа Иезавель лаб иакәын напхгара зуаз. Ильиа Иегова иҵабыргу Анцәа шиакәу шьақәирӷәӷәарц азы дырҩегь агәымшәара иҭаххеит. Иара имацара ашьха Кармил аҿы 450-ҩык Ваал иԥааимбарцәа дырҿагылеит. Ильиа дааҟәымҵӡакәа ихьӡ инақәыршәаны дшынхоз ааирԥшуан. Ихьӡ иаанагоит «Сынцәа — Иегова».

«Ильиа ҳара иҳаиԥшыз уаҩын» (Иак. 5:17). Зны-зынла иара дшәон. Ашьха Кармил аҿы иҟалаз аџьашьахәқәа рышьҭахь Ахав ак аԥсахра игәы иҭаӡамызт, Иезавельгьы Ильиа дшылшьуа ала дқәит. Аԥааимбар уи аниаҳа, дыршьыр ҳәа дшәаны иҽиҵәахит. Ильиа даара игәы каҳаны дыҟан. Иара Иегова аԥсразы диҳәон. Акыршықәса раԥхьа иԥсхьаз иабдуцәа реиԥш акгьы даԥсамшәа ихы ибон. Иегова ачҳара аарԥшны Ильиа дизыӡырҩит. Анаҩс Ильиа дашшуа ҩынтә Анцәа иеиҳәеит ихы заҵәны ишибо, дышшәо, ииҳәо аӡәгьы дшазымӡырҩуа. Иегова Ильиа иеиҳәеит Израиль Анцәа гәыкала имаҵ зуа ауаа рацәаҩны ишыҟоу, ихә ҳаракны ишишьо, даарагьы дышиқәгәыӷуа. Иара убас ажәа ииҭеит аҵара зырҵатәу, ԥааимбарс амаҵ аура иазыҟаҵатәу ацхырааҩ дышииҭо.

Иаарласны Ильиа уи ауаҩы диабадырит. Уи Елисеи ихьӡын. Рҩыџьагьы урҭ аамҭа цәгьақәа раан Иегова имаҵ руан, Анцәа иҟынтә ажәабжьгьы ауаа ирзеиҭарҳәон. Елисеи зықәрахь инеихьаз иҩыза дицхраауан, иҿиҵаауазгьы рацәан. Иегова ибзоурала Ильиа дырҩегь акгьы дацәшәаӡомызт, иԥсы ахьынӡаҭазгьы гәымшәарала Инцәа имаҵ иуан.

Шәаԥхьа Абиблиаҿы:

Еилҳарго азҵаара:

Ишԥааирԥшуаз Ильиа агәымшәара?

Еиҳаны еилышәкаа

  1. 1. Избан Иегова аҟәраанқәа залихыз Ильиа афатә изааргаларц азы? (it-U «Ворон», абз. 5). 1

    Lior Kislev

    Асахьа 1

  2. 2. Иарбан џьашьахәқәоу Ильиа иҟаиҵаз? (it-U «Илья», № 1, абз. 11).

  3. 3. Ашьха Кармил аҿы Ильиа иҳәеит акәырбаннагарҭа иаакәыршаны иҟаҵаз ажра ду ӡыла идырҭәырц. Иабантәиааргеи аарҩара аан абриаҟара аӡы? (ba-U 17, абз. 3). 2

    Todd Bolen/​BiblePlaces.com

    Асахьа 2. Ашьха Кармили Адгьылбжьарамшыни

  4. 4. Иаанарԥшуази Ильиа ишәыз амаҭәа, насгьы избан уи Елисеи изишәхаирԥаз? (w14-U 1/2 12, абз. 3).

Ишәнарҵо шәазхәыц

  • Иҟаиҵози Иегова Ильиа игәы каҳаны даныҟаз? Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иегова згәы каҳаны иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы иҭоу ҳзеиҭаҳәара рзымариахарц азы? (1 Аҳ. 19:1—18). 3

  • Ильиа идыз аҭакԥхықәрақәа Елисеи иҭара дазхиан. Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо уи иҳаду аҭакԥхықәрақәа егьырҭ инарыгӡаларц азы ианазыҟаҳҵо?

  • Ишԥашәылшо Ильиа шәиҿыԥшны агәымшәара аашәырԥшлар?

Еиҳа инарҵауланы шәазхәыц

  • Еилышәкаазеи ари аҭоурых аҟынтә Иегова изкны?

  • Ишԥадҳәалоу ари аҭоурых Иегова игәҭакы?

  • Иарбан зҵаароу Ильиа ишәҭарц ишәҭаху иԥсы анҭалалак?

Иҵегь шәахәаԥш

Шәахәаԥш авидеонҵамҭа Иегова Ильиа ииҭаз адҵа анагӡара илшарц азы дышицхраауаз ҳзырбо.

«Ачҳара аазырԥшуаз рҿырԥшы. Аԥааимбарцәа (Ильиа)» (1:19)

Иднарҵар алшои иқәыԥшу ақьырсианцәа ашьха Кармил аҿы агәымшәара аазырԥшыз Ильиа иҿырԥшы?

«Защищай истинное поклонение!» (арубрика «Библейские задания»)